Албаага
a Аҽӡаахра — уи Абиблиа зҵо ауаҩы иԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадоу шьаҿоуп. Игәазҭазҵар алшозеи иара уи ашьаҿа аҟаҵара? Ажәакала иуҳәозар — абзиабара. Аха бзиа иибозеи, насгьы бзиа иибода? Ари астатиаҿы уи азҵаара аҭак ҳауеит, насгьы еилаҳкаауеит, аӡы зыҽӡаазхыз ақьырсиан закә ԥсҭазаароу изыԥшу.