Албаага
a Иахьа иқәыԥшу Иегова имаҵзуҩцәа агәымшәара аадырԥшыр, насгьы Анцәа гәыкала ишизыҟоу шьақәдырӷәӷәар ахьрыхәҭоу аҭагылазаашьақәа ирықәшәоит. Урҭ Анцәа зегь шишаз агәра ахьырго азы ашкол аҿы лассы-лассы ирхыччоит. Мамзаргьы Анцәа имаҵ ауреи инормақәа рыла анхареи хшыҩдароуп, иагьмодаӡам ҳәа агәра ддыргарц иаҿуп. Аха ари астатиа ишаҳнарбо еиԥш, аԥааимбар Даниил иеиԥш агәымшәара аарԥшны гәыкала Иегова имаҵ зуа ауаа аҟәыӷара рылаҵәҟьоуп.