Албаага
a ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Зны-зынла Абиблиаҿы ажәа «агәнаҳа» аусқәа аанарԥшуеит: Иегова иҽеим ҳәа ииԥхьаӡо ак аныҟаҳҵо, мамзаргьы ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо аныҟаҳамҵо. Аха уи адагьы, агәнаҳахь иаҵанакуазар алшоит Адам иҟынтә иаҳҭынхаз анамӡареи агәнаҳаи. Иаҳҭынхаз агәнаҳа иахҟьаны ауп ҳара зегьы ҳзыԥсуа.