Албаага
c Абиблиаҿы иануп шьоукы рыгәнаҳақәа ахаан иранажьхаӡом ҳәа. Аха рыгәнаҳақәа зранажьымхо иалкаау гәнаҳак ахьыҟарҵаз азы акәӡам, аха дара ртәы аргара иахьашьҭоу, насгьы иааҟәымҵӡакәа Анцәа иахьиҿагыло азоуп. Иеговеи Иисуси мацара роуп аӡәы игәнаҳа ианажьтәӡам ҳәа зыӡбар зылшо (Марк 3:29; Аур. 10:26, 27).