Албаага
f Абиблиаҿы ианӡам хаҵеи-ԥҳәыси цәеижьла ианеизааигәахо иарбан усқәоу ицқьоу, иарбан ицқьам. Хаҵеи-ԥҳәыси уи аганахь ала аӡбара анрыдыркыло изызхәыцлаша Иегова дышдыргәырӷьалашеи, рхатә ҩыза игәы шыҟарҵалашеи, рыламыс цқьаны ишырыхьчалашеи ауп. Хаҵеи-ԥҳәыси цәеижьла реизааигәахара аӡбахә аӡәгьы изеиҭарҳәаӡом.