Албаага
a Абиблиаҿы раԥхьаӡакәны Ионафан иӡбахә ҳәоуп Саул анапхгара аура даналага. Иара ар реиҳабыс дыҟан, убри аҟынтә иаҳҳәар ҳалшоит уи 20 шықәса дырҭысхьан ҳәа (Ахыԥхьаӡарақәа 1:3; 1 Самуил 13:2). Саул 40 шықәса напхгара иуан. Ус анакәха, Саул даныԥсуаз Ионафан 60 шықәса раҟара ихыҵуан. Давид Саул даныԥсуаз аамҭазы 30 шықәса ихыҵуан (1 Самуил 31:2; 2 Самуил 5:4). Ус акәзар, Ионафан 30-ҟа шықәса рыла Давид диеиҳабын.