Амҽыша, август 24
Бзиа избо сашьцәа, шәҽырӷәӷәаны шәгылаз, акы шәшьақәнаҟьартә шәымун (1 Кор. 15:58).
1970-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Токио 60 еихагыла змаз ахыбра дыргылеит. Ауаа иџьаршьон уа лассы-лассы иҟалалоз адгьылҵысрақәа злачҳауазеи ҳәа. Маӡас иаҵази уи ахыбра аӷәӷәара? Уи апроект аус адызулоз анџьнырцәа уи ӷәӷәаҟацаӡа иҟазарц, аха убри аамҭазгьы адгьылҵысра ачҳартә еиԥш идыргыларц рыӡбеит. Ақьырсианцәа уи аҩнеихагыла ду иеиԥшуп. Излеиԥшузеи? Ақьырсиан изы ихадоуп ианаҭаху иҽырӷәӷәаны дгылазарц, ианаҭаху аҭагылазаашьа иҽақәиршәаларц. Иара Иегова изакәанқәеи инормақәеи рықәныҟәара аганахьала акы дшьақәнаҟьартә алимыршалароуп. Иара аӡырҩра дазхиоуп, насгьы дзықәшәозаалакгьы дхьаҵӡом. Убри аамҭазгьы иара аҟәышра ааирԥшлароуп, мамзаргьы аҭагылазаашьа ианилнаршо, насгьы ианаҭаху уи иҽақәиршәалароуп (Иак. 3:17). Ус зхы мҩаԥызго ақьырсиан ганкахьала иҳәатәы мацара иаиргалаӡом, даҽа ганкахьала зегьы иаарҳәо дақәшаҳаҭхалаӡом. w23.07 14, абз. 1, 2
Ашәахьа, август 25
Шәара Христос ахаан дшышәымбацгьы, бзиа дыжәбоит (1 Пиотр 1:8).
Иисус Аџьныш ихыхрақәа дырҿагылар акәхеит. Уи аӷа Иисус Анцәа диҭиирц иаахтынгьы иеиҳәеит (Матф. 4:1—11). Аҩсҭаа ииулакгьы Иисус агәнаҳа иирҟаҵар иҭахын. Уи изалҵызҭгьы, Иисус ҳҿыхра илшарымызт. Иисус имаҵзура даналага иԥышәарақәа еиҳагьы еиҳахеит. Иаӷацәа ишьҭашәарыцон, зныкымкәа дыршьырцгьы иақәыркхьан (Лука 4:28, 29; 13:31). Иҵаҩцәа агхақәа анрыхьуаз, уи ичҳалар акәын (Марк 9:33, 34). Иисус иус анырыӡбоз аума изааргон, насгьы ихыччон. Иара дыргәаҟны, ацәгьаҟаҵаҩ иеиԥш дыршьит (Аур. 12:1—3). Уи адагьы, уи аԥышәара аҵыхәтәантәи ахәҭа Иегова ицхыраарада ихигар акәхеит (Матф. 27:46). Ааи, Иисус ҳҿихырц азы ирацәаны агәаҟрақәа ихигар акәхеит. Ихы дамеигӡаӡакәа ҳара ҳзы иҟаиҵаз ҳаназхәыцуа, иара иахь ҳабзиабареи ҳаџьшьареи еизҳауеит. w24.01 10—11, абз. 7—9
Аҩаша, август 26
Зегьы ирхыццакуа зегь имҵәоит (Ажәам. 21:5).
Ҳара ачҳара ҳалазар, ҳааигәа иҟоу ауааи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиазаауеит. Уи аҟазшьа ҳацхраауеит ак анаҳзеиҭарҳәо зҿлымҳарыла аӡырҩра (Иак. 1:19). Иара убас ачҳара ҳалазар, аҭынчра ҳашьҭазаауеит. Уи ҳалазар, ҳамхәыцӡакәа ҳцәажәалаӡом. Астресс анҳамоугьы, аӡәы игәы изырхьуа ҳҳәаӡом. Ачҳара ааҳарԥшуазар, ҳара ҳгәы анҳдырхьуагьы ҳаԥсахы еибаклаӡом. Ҳара ҳшьа ҳауӡом. Уи аҭыԥан абри абиблиатә мҩақәҵара ҳақәныҟәоит: «Ачҳара аарԥшуа шәеилибакаала, гәык-ԥсыкала шәыгхақәа шәанеибажьла» (Кол. 3:12, 13). Ҳара ачҳара ҳалазар, уи иҳадаҳкыло аӡбарақәа ирныԥшуеит — урҭ акырӡа еиӷьхоит. Ҳара ҳаццакы-ццакуа, ма ҳемоциақәа ишҳаҵарҳәо еиԥш аӡбарақәа ҳадаҳкылалаӡом. Уи аҭыԥан, иҳамоу авариантқәа зегьы ҳрызхәыцны аӡбара ҳадаҳкылоит. Иаҳҳәап, ҳара аусура ҳашьҭоуп. Иҟалап раԥхьа иҳадыргало аусура ақәшаҳаҭхара ҳазхиазар. Аха ачҳара ҳалазар, уи ҳҭаацәареи ҳдоуҳатә гәабзиареи ишырныԥшуа ҳазхәыцуеит. Ҳара ачҳара ҳалазар, ҳзыхьхәуа аӡбарақәа ҳадаҳкылалаӡом. w23.08 22, абз. 8, 9