Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Аӡбаҩцәа 12
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Аӡбаҩцәа. Ахҳәаа

      • Ефремаа Иеффаи иҿагылоит (1—7)

        • Ефремаа ажәа «шибболет» рызҳәаӡом (6)

      • Аӡбаҩцәа Ивцан, Елон, Авдон (8—15)

Аӡбаҩцәа 12:1

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «аӡиас ирны, аҩадаҟа идәықәлеит».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Аӡбаҩцәа 12:1–15

Аӡбаҩцәа

12 Ефре́маа рҽааидыркылан, аӡиас ирны Цафо́нҟа* иааит. Дара Иеффа́и ус иарҳәеит: «Аммо́наа рабашьра уанцоз ҳара изҳаумҳәеи? Уҩнгьы уаргьы амца шәыцраҵаны шәаҳбылуеит». 2 Аха Иеффа́и урҭ ус реиҳәеит: «Сыжәлари сареи аммо́наа ҳанрабашьуаз, шәсыцхраарц сшәыҳәеит, аха шәара шәмааиӡеит. 3 Шәшысмыцхраауа анеилыскаа, сыԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы, аммо́наа сырҿагылеит. Иегова урҭ риааира дсыцхрааит. Избан, нас, иахьа сара шәсабашьырц шәзааз?»

4 Иеффа́и Галаа́д инхоз зегь еизиган, ефре́маа драбашьит, дагьыриааит. Убасала «шәара, Ефреми Мана́ссиеи ирыланхо галаа́даа, ибналаны ицаз ефре́маа шәоуп» ҳәа зҳәоз ефре́маа аҵахеит. 5 Галаа́даа ефре́маа ираԥысын, Иордан арырҭа ҭыԥқәа ркит. Ибналаны ицоз ефре́маа аӡиас ирырыц анырҭахыз, галаадаа ус иразҵаауан: «Уара ефре́маа уреиуоума?» Ефрем иатәыз «мамоу» ҳәа аниҳәалак, 6 ус иарҳәон: «Иҳәа шибболе́т». Иара «сибболе́т» иҳәон, избанзар уи ажәа ииашаны изҳәаӡомызт. Усҟан даанкыланы убраҵәҟьа Иордан арырҭаҿы дыршьуан. Уи аамҭазы 42 000-ҩык ефре́маа ҭахеит.

7 Галаа́д иатәыз Иеффа́и 6 шықәса Израиль ӡбаҩыс дыҟан. Уи ашьҭахь иара дыԥсит, анышәгьы иқалақь Галаа́д дарҭеит.

8 Уи ишьҭахь Израиль ӡбаҩыс дыҟан Вифлеем иатәыз Ивца́н. 9 Иара иман 30-ҩык аԥацәеи 30-ҩык аԥҳацәеи. Иԥҳацәа иабшьҭра иатәымыз ахацәа ириҭеит, иԥацәагьы иабшьҭра иатәымыз 30-ҩык аҳәса рзааигеит. Иара Израиль 7 шықәса ӡбаҩыс дыҟан. 10 Ивца́н дыԥсит, Вифлеемгьы анышә дарҭеит.

11 Уи ишьҭахь Израиль ӡбаҩыс дыҟан Завуло́н ишьҭра иатәыз Ело́н. Иара 10 шықәса Израиль ӡбаҩыс дыҟан. 12 Нас Ело́н дыԥсит, иара Завуло́н идгьыл аҿы Аиало́н анышә дарҭеит.

13 Уи ишьҭахь Израиль ӡбаҩыс дыҟан Пирафо́н иатәыз Гилле́л иԥа Авдо́н. 14 Иара иман 40-ҩык аԥацәеи, 30-ҩык амоҭацәеи. Дара 70 ҽада ирықәтәан. Иара 8 шықәса Израиль ӡбаҩыс дыҟан. 15 Пирафо́н иатәыз Гилле́л иԥа Авдо́н дыԥсит. Иара амали́каа рышьхаҿы ишьҭаз ефре́маа рыдгьыл аҿы, Пирафо́н, анышә дарҭеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра