Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Аӡбаҩцәа 15
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Аӡбаҩцәа. Ахҳәаа

      • Самсон ишьа иуеит (1—20)

Аӡбаҩцәа 15:1

Албаагақәа

  • *

    Ма «аҩныҵҟатәи луадахь».

Аӡбаҩцәа 15:8

Албаагақәа

  • *

    Ма «аҩхаахьы».

Аӡбаҩцәа 15:15

Албаагақәа

  • *

    Ааигәа иԥсыз аҽада ацламҳәа акәын. Ихьахьхьала иҩаӡамызт, ихәашхәаша ицаӡомызт.

Аӡбаҩцәа 15:17

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «ацламҳәа ахькажьу ахәы».

Аӡбаҩцәа 15:19

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «иӷьаҵәыӷьаҵәуа иаҳәо иӡыхь».

Аиндексқәа

  • Апубликациақәа рзы амҩақәҵага

    «Ахьчаратә бааш» (аҵаразы аҭыжьымҭа),

    9/2023, ад. 4

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Аӡбаҩцәа 15:1–20

Аӡбаҩцәа

15 Ԥыҭрак ашьҭахь ачарыц аҭагалара ианаамҭаз, Самсон иԥҳәыс дибарц азы аӡыс иманы дааит. Иара иҳәеит: «Сыԥҳәыс луадахь* снеип». Аха лаб днеимышьҭӡеит. 2 Иара Самсон ус иеиҳәеит: «Дуцәымӷхеит ҳәа сгәы иаанаган, ачараҿы иуцыз арԥарцәа руаӡәк дисҭеит. Лаҳәшьеиҵбы лара лаасҭа дыԥшӡаӡами? Суҳәоит, лара лҭыԥан уи дга». 3 Аха Самсон ус иҳәеит: «Уажәшьҭа филисти́маа ацәгьара рзызургьы, акгьы рзыҳәаӡом».

4 Самсон дцан, 300 бгахәыҷы икит, нас ҩба-ҩба бгахәыҷы рҵыхәақәа еидҿеиҳәалан, рҵыхәақәа рыбжьара факелк-факелк адҿеиҳәалеит. 5 Анаҩс афакелқәа амца диркын, иҭагаламыз филисти́маа рымхқәа рахь иоуишьҭит. Иара ачарыц аҿаҳәарақәеи, ирхымыз ачарыци, аӡахәаҭрақәеи, амаслинаҭрақәеи амца рыцреиҵеит.

6 Филисти́маа ус иҵааит: «Иҟазҵада ари?» Урҭ ус рарҳәеит: «Ари Ти́мна инхо ахаҵа имаҳә Самсон иоуп иҟазҵаз, уи Самсон иԥҳәыс ачараҿы иҟаз арԥарцәа руаӡәк дахьииҭаз азы». Филисти́маа цан, уи аԥҳәыс лаби лареи амца рыцраҵаны ирблит. 7 Убасҟан Самсон ус реиҳәеит: «Ус акәзар, сшьа зуаанӡа сҽеиқәыскӡом». 8 Нас урҭ даарылагьежьын, аӡәаӡәала зегь нирҵәеит. Уи ашьҭахь Ета́м ацаҟьа иамаз аҳаԥахьы* дцан, уа даангылеит.

9 Ԥыҭрак ашьҭахь филисти́маа аан, Иудеиа рлагер дыргылеит, нас Ле́хи иақәлеит. 10 Аиудеиаа урҭ ус иразҵааит: «Шәызҳақәлеи?» Егьырҭ ус рҳәеит: «Ҳара Самсон даҳкырц, ҳшьагьы ҳурц ҳааит». 11 Усҟан 3 000-ҩык аиудеиаа Ета́м ацаҟьа иамаз аҳаԥахьы инеин, Самсон ус иарҳәеит: «Филисти́маа шаҳхагылоу узымдырӡои? Абас заҳзууи?» Иара ус реиҳәеит: «Исзыруз ауп ирзызуз». 12 Аха урҭ ус рҳәеит: «Ҳара уԥахны уҿаҳәаны филисти́маа ураҳҭарц азоуп ҳзааз». Самсон урҭ ус реиҳәеит: «Шәықәны ажәа сышәҭ сшышәымшьуа». 13 Урҭ ус иарҳәеит: «Мамоу, уаҳшьӡом, уҿаҳәаны филисти́маа ураҳҭоит ауп».

Дара иҿыцыз ҩ-шахак рыла дҿаҳәаны дрыманы ицеит. 14 Ле́хи даннеи, филисти́маа дырбан, игәырӷьаны еибарҳәҳәеит. Самсон Иегова идоуҳа иоун, инапқәа злаҿаҳәаз ашахақәа ихыблааз ақәны рахәыцқәа реиԥш инапқәа ирхырҩны икаҳаит. 15 Иара аҽада ацламҳәа* иԥшаан, уи ала 1 000-ҩык ауаа ишьит. 16 Самсон ус иҳәеит:

«Аҽада ацламҳәала саӷацәа шьны еиқәсыжьит!

Аҽада ацламҳәала 1 000-ҩык ауаа сшьит».

17 Абри ҳәаны, ацламҳәа наҟ иршәны икаижьит, уи аҭыԥгьы Рама́т-Ле́хи* ахьӡиҵеит. 18 Уи ашьҭахь иара ӷәӷәала аӡба дакын, Иегова диҳәеит: «Уара умаҵуҩы аиааира ду иуҭеит. Нас, уажәшьҭа аӡба сакны сыԥсуама? Заԥхьатә хсамгьы срымпыҵашәома?» 19 Убасҟан Анцәа Ле́хи иҟаз аиҩхаа еимҟьартә иҟаиҵан, уантәи аӡы дәықәлеит. Самсон аӡы ижәын, имчқәа ҭалеит. Убри аҟынтә уи аӡыхь Ен-Хакко́ре* ахьӡиҵеит. Уи уажәраанӡагьы Ле́хи илеиуеит.

20 Филисти́маа рхаан Самсон 20 шықәса ӡбаҩыс дыҟан.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра