Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Аилкаара изаԥсоу
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016 | ииуль
    • АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | АБИБЛИА. ИШԤЕИҚӘХЕИ УИ ИАХЬА УАЖӘРААНӠА?

      Аилкаара изаԥсоу

      Ахаҵа Абиблиа икуп, насгьы уи шиашоу агәра игаӡом

      Иԥшьоу ашәҟәқәа рыбжьара Абиблиа ихадоу аҭыԥ ааннакылоит. Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа Абиблиа еиԥш даҽа шәҟәык ауаатәыҩса анырра ӷәӷәа рнаҭомызт. Иара убас Абиблиа инҭырҳәыцааны ишҭырҵаауаз еиԥш даҽа шәҟәык ҭырҵаауамызт, насгьы уи зықәшәоз акритика даҽа шәҟәык ақәымшәацызт.

      Иаҳҳәап, аҵарауаа шьоукы иахьа рхы иадырхәо Абиблиа агәра агара иаԥсам ҳәа ргәы иаанагоит. Абар адинхаҵарақәа ҭызҵаауа профессорк ииҳәо: «Иааркьаҿны иаҳҳәозар, аоригиналтә текст мԥсахкәа ишеиҭашьақәҳаргылаз агәра ганы ҳаҟам. Ҳара иҳамоу агхақәа рыла иҭәу ахҩылаақәа роуп. Урҭ анапылаҩырақәа реиҳарак аоригинал анырҩыз ашьҭахь ашәышықәсақәа анҵы ауп ианцәырҵ, ус анакәха еилкаауп зқьыла аиԥшымрақәа шрымоу».

      Егьырҭ рдинхаҵаратә хәаԥшышьақәа ирыхҟьаны, Абиблиа агәра ргаӡом. Иаҳҳәап, Фаизал зыхьӡу ахаҵа иқьырсианмыз аҭаацәараҿы изҳауан. Иара еснагь иарҳәон Абиблиа иԥшьоу шәҟәуп, аха уи ԥсахын ҳәа. Уи иҳәоит: «Аҵыхәтәаны сара Абиблиа иалацәажәарц зҭахыз ауаа рыгәра сымго салагеит, избанзар дара аоригиналтә Библиа рымамызт, ирымаз иԥсахыз акәын!»

      Ихадазар аума ҳара ҳзы Абиблиа ԥсахзу-иԥсахымзу? Шәазхәыц: рыгәра жәгалома иссиру ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш иазку абиблиатә ԥааимбаражәақәа, урҭ аоригиналтә текст аҿы иҟазу-иҟамзу шәзымдыруазар? (Римаа рахь 15:4). Шәхы иашәырхәалома абиблиатә принципқәа аусуреи, аҭаацәареи, Анцәа имҵахырхәареи ирыдҳәалоу ихадоу аӡбарақәа аншәыдышәкыло, иахьа ҳхы иаҳархәо Абиблиа ажәытә текстқәа ркопиақәа ракәзар, насгьы агхақәа рымазар?

      Иахьа Иԥшьоу Аҩыра аоригиналтә текст шнымхазгьы, зқьыла иҟоу абиблиатә текст ахҩылаақәа ҳхы иаҳархәалар ҳалшоит. Ишԥеиқәхеи арҭ анапылаҩырақәа, аамҭа рацәаны ишцазгьы, аҿагыларақәа шрымазгьы, насгьы уа иану атекст рыԥсахырц ишашьҭазгьы? Ишԥарӷәӷәо уи иахьа ҳхы иаҳархәо Абиблиахь иҳамоу агәрагара? Арҭ азҵаарақәа рҭак анаҩстәи астатиақәа рҿы ишәыԥшаауеит.

  • Аамҭа рацәаны ишцазгьы
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016 | ииуль
    • АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | АБИБЛИА. ИШԤЕИҚӘХЕИ УИ ИАХЬА УАЖӘРААНӠА?

      Абиблиа еиқәхеит, аамҭа рацәаны ишцазгьы

      ИЗҬАГЫЛАЗ АШӘАРҬАРА: Раԥхьаӡа Абиблиа зыҩуаз, насгьы анаҩс уи хызҩылаауаз рхы иадырхәон апапируси апергаменти (2 Тимофеи иахь 4:13)a. Иарбан шәарҭароу уи иацыз?

      Апапирус ирласны иԥжәоит, еиқәаҵәахоит, насгьы ихәаш-хәаша ицоит. «Аҵыхәтәаны апапирус хәаш-хәашаны ианцалак, арахәыцқәеи уаԥсҵәык асабеи роуп иалҵуа,— рҳәоит аҵарауаа-аегиптологцәа Ричард Паркинсони Стивен Куиркии.— Аамҭа цацыԥхьаӡа апапирус иалху аикәарҳә аԥакәа ахылар, ма ацәаакыра иахҟьаны абаара иалагар алшоит. Уи иара убас аҳәынаԥқәеи ахәаҷа-маҷақәеи, еиҳарак ашышкамс шкәакәақәа ибжьырхыр рылшоит. Папирусқәак анырыԥшаа ашьҭахь, амра ашәахәақәеи ацәаакыра ӷәӷәеи ирыхҟьаны ирласны ибжьысит.

      Апергамент апапирус аасҭа еиҳа иӷәӷәоуп, аха уигьы бжьысуеит ишахәҭоу ихьчамзар, аҳауа аҽаԥсахуазар, ацәаакыра ахьыҟоу ишьҭазар, ма амра ақәԥхозарb. Иара убас ахәаҷа-маҷақәагьы аԥырхагахоит. Убри азоуп ажәытәтәи анапылаҩырақәа жәпакы иахьанӡа изеиқәымхаз. Абиблиатә напылаҩырақәа аамҭа анца ибжьысызҭгьы, усҟан абиблиатә жәабжьгьы ыӡуан.

      АБИБЛИА ШЕИҚӘХАЗ: Аиудеицәа рзакәан инақәыршәаны, аҳцәа зегьы «рхазы азакәан хырҩылаар» акәын, уахь иаҵанакуан Абиблиа раԥхьатәи ашәҟәқәа хәба (Ҩынтәзакәан [Второзаконие] 17:18). Уи инеиҳангьы, зус бзианы издыруаз ахҩылааҩцәа Иԥшьоу Аҩыра ахҩылаақәа рацәаны иҟарҵеит, убри аҟынтә актәи ашәышықәса алагамҭазы ҳ. ҳ. урҭ израильтәи асинагогақәа рҿы мацара акәымкәа, хара иҟаз Македониагьы иуԥшаар улшон! (Лука 4:16, 17; Аусқәа 17:11). Ишԥеиқәхеи ажәытә напылаҩырақәак иахьа уажәраанӡа?

      1. Анышәаԥшь иалху амаҭәар. 2. Иԥсу амшын аикәарҳә аҟынтәи афрагмент

      Иԥсу амшын аикәарҳәқәа еиқәхеит ашоура ахьыҟаз аҭыԥқәа рҿы, анышәаԥшь иалху аԥҳалқәа ирҭаҵаны аҳаԥқәа рҿы иахьыҵәахыз абзоурала

      Абиблиатә напылаҩырақәак ахьыԥшааз аҳаԥы

      «Аиудеицәа Иԥшьоу Аҩыра атекст зныз аикәарҳәқәа рыхьчарц азы, аирыӡ ма аԥҳал еиԥш иҟоу амаҭәарқәа ирҭарҵон»,— иҳәоит Ауасиаҭ Ҿыц аҭҵааҩы Филипп Камфорт. Иҟалап ақьырсианцәа уи аҵас ртәыртәзар. Убри азоуп раԥхьатәи абиблиатә напылаҩырақәак анышәаԥшь иалхыз аԥҳалқәа, илашьцаз ауада хәыҷқәа, аҳаԥқәа, насгьы ашоура ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы изырԥшааз.

      АЛҴШӘА: Абиблиатә напылаҩырақәа рыхәҭақәа иахьанӡа зқьыла еиқәхеит, урҭ рҟынтә 2 000 шықәса инареиҳаны зхыҵуагьы ыҟоуп. Абас еиԥш ашәышықәсақәа ирылсны ҳара ҳҟынӡа иааз, зхыԥхьаӡара рацәоу аманускриптқәа рыла ишьақәырӷәӷәоу даҽа документк ыҟам.

      a Апапирус — ари аӡаҿы изызҳауа, апапирус захьӡу аҵиаа иалху маҭәаруп. Уи аҩразы рхы иадырхәон. Апергамент аԥстәқәа рцәа иалху маҭәаруп.

      b Иаҳҳәап, напаҵаҩрала ишьақәырӷәӷәоу Еиду Аштатқәа рхьыԥшымра адекларациа апергамент аҿы иҩын. Иахьа, 250-ҟа шықәса рышьҭахь, уа иану атекст аԥшшәы цеит, насгьы аԥхьара цәгьахеит.

  • Аҿагыларақәа шыҟазгьы
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016 | ииуль
    • АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | АБИБЛИА. ИШԤЕИҚӘХЕИ УИ ИАХЬА УАЖӘРААНӠА?

      Абиблиа еиқәхеит, аҿагыларақәа шыҟазгьы

      ИЗҬАГЫЛАЗ АШӘАРҬАРА: Аҳәынҭқарратә еиҳабырақәеи адиннапхгаҩцәеи аӡәырҩы ирылшоз зегь ҟарҵон абиблиатә жәабжь аларҵәара иаԥырхагахарц азы. Рымчра рхы иархәаны дара ауаа Абиблиа рымазарц, еиҭаргаларц, ихырҩылааларц, анаҩс иркьыԥхьларц лассы-лассы азин рырҭомызт. Еилҳаргап ҩ-ҿырԥштәык.

      • 167 шықәса шыҟаз ҳ. ҟ. Аселевкидцәа рышьҭра иатәыз аҳ Антиох Епифан Ауриатә Ҩырақәа рыхҩылаақәа зегьы ықәыргарц дҵас иҟаиҵеит, избанзар иара иҭахын аиудеиаа абырзенцәа рдинхаҵара аныҟәгара иалагарц, насгьы уи мчыла ирыдицалон. Абар аҭоурыхҭҵааҩ Генрих Грец Антиох иуаажәлар иҟарҵоз иазкны ииҳәо: «Урҭ Тора аикәарҳә џьара ианырбоз, иԥыжәжәаны ишьҭарҵон, ирбылуан, насгьы иԥшьоу аҩыра агәҭынчра ззаанагоз анырбоз иаразнак иршьуан».

      • Абжьаратәи ашәышықәсақәа. Акатоликтә динхаҵара ахаҭарнакцәа шьоукы ауахәамахь инеиуаз ауаа акатоликтә ҵарақәа ракәымкәа, абиблиатә жәабжь ахьырҳәоз ргәы ԥнажәон, насгьы алаҭын бызшәала иҟаз Аԥсалом ада, егьырҭ Абиблиа ашәҟәқәа змаз дарбанзаалак деретикуп ҳәа ауаа ирыларҳәон. Уахәамак иаҵанакуаз ахеилак аусԥҟа аԥырҵеит. Уи инақәыршәаны иахәҭан «аҽазҵәылхра аарԥшны, зиашарыла, иааҟәымҵӡакәа аеретикцәа рыԥшаара... уамашәа иубо аҩнқәеи аҩны аҵақәеи ишахәҭоу еиԥш игәаҭо... Еретикк иакәзаргьы дахьыԥшаахоз аҩны ықәгатәын».

      Абиблиа аӷацәа ргәы иҭаз аҟаҵара рылшазҭгьы, ҳара Абиблиа иану ажәабжь ахаан иҳаҳауамызт.

      Уильиам Тиндал еиҭеигаз Абиблиа аҟынтәи абӷьыц англыз бызшәала

      Уильиам Тиндал англыз бызшәахьы еиҭеигаз Абиблиа еиқәхеит, уи мап ацәкреи ақәгареи ишашьҭазгьы, насгьы Тиндал ихаҭа 1536 шықәсазы дшыршьызгьы

      АБИБЛИА ШЕИҚӘХАЗ: Антиох Епифан имҩаԥигоз игәымбылџьбараз ашьҭашәарыцарақәа Израиль инхоз аиудеиаа рахь акәын иахьырхаз. Аха аиудеиатә еилазаарақәа егьырҭ аҭыԥқәа рҿгьы иҟан. Аҵарауаа ишырҳәо ала, актәи ашәышықәса ҳ. ҳ. шыҟаз ауриацәа реиҳараҩык Израиль анҭыҵ инхон. Дара Иԥшьоу Аҩыра ахҩылаақәа асинагогақәа рҿы ирыман. Урҭ Аҩырақәа аамҭақәа анца егьырҭ ахылҵшьҭрақәа, ақьырсианцәагьы уахь иналаҵаны, рхы иадырхәоз Аҩырақәа ракәын (Аусқәа 15:21).

      Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Анцәа Иажәа бзиа избоз ауаа аҿагыларақәа шыҟазгьы, гәымшәарыла Абиблиа хырҩылаауан, насгьы ауаа ирыладырҵәон. XV ашәышықәса азбжазы акьыԥхьгатә машьынка ҭрыжьаанӡа Абиблиа ахәҭақәак иҟалап 33 бызшәа рыла иҟазҭгьы. Иаарласны Абиблиа еиҳаны абызшәақәа рыла аиҭагареи акьыԥхьреи ирылагеит.

      АЛҴШӘА: Амчра ӷәӷәа змаз аҳәынҭқарратә еиҳабырақәеи адиннапхгаҩцәеи аҿагыларақәа шаадырԥшуазгьы, Абиблиа зегь раасҭа ирыларҵәоу, насгьы зегь раасҭа еиҭарго шәҟәны иҟалеит. Уи тәылақәак рзакәани, ркультуреи, рбызшәеи, миллионҩыла ауаа рыԥсҭазаареи анырра анаҭеит.

  • Уа иану атекст аԥсахра ишашьҭазгьы
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016 | ииуль
    • Абиблиа ахҩылааҩ иус дадтәалоуп

      Амасоретцәа инҭырҳәыцааны Иԥшьоу Аҩыра атекст хырҩылаауан

      АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | АБИБЛИА. ИШԤЕИҚӘХЕИ УИ ИАХЬА УАЖӘРААНӠА?

      Абиблиа еиқәхеит, уа иану атекст аԥсахра ишашьҭазгьы

      ИЗҬАГЫЛАЗ АШӘАРҬАРА: Аамҭа рацәаны ишцазгьы, аҿагыларақәа шырацәазгьы, Абиблиа еиқәхеит. Аха иҟан даҽа шәарҭарак. Абиблиа ахҩылааҩцәеи аиҭагаҩцәеи шьоукы уа ианыз атекст аԥсахра рҽазыршәон. Лассы-лассы дара рхатә гәаанагара инақәыршәаны Абиблиа аиҭагара иашьҭан, зыгәра рго Абиблиа иану ақәыршәара аҭыԥан. Абар ҿырԥштәқәак:

      • Амҵахырхәаразы аҭыԥ. Аԥшьбатәи ашәышықәсеи аҩбатәи ашәышықәсеи рыбжьара ҳ. ҟ. Самаритянское Пятикнижиеa зыҩуаз Ақәҵымҭа (Исход) 20:17 аҿы ажәақәа «Гаризим аҿы. Уа уара амҭанагарҭа ургылар ауп» ацырҵеит. Убасала самариаа Иԥшьоу Аҩыра рхы иархәаны, Гаризим ашьхаҿы аныҳәарҭа здыргылаз шьақәдырӷәӷәарц рҽазыршәеит.

      • Х-хаҿык змоу Анцәа изку аҵара. Абиблиа анырыҩ 300 шықәса инареиҵаны ашьҭахь Анцәа х-хаҿык имоуп ҳәа агәра згоз динҭҵааҩык 1 Иоанн 5:7 аҿы иациҵеит ажәақәа «ажәҩан аҿы: Аб, Ажәа, Аԥсы Цқьа; урҭ рыхԥагьы акуп, еицыҟоуп». Арҭ ажәақәа аоригиналтә текст аҿы иуԥылаӡом. Абиблиаҭҵааҩ Бриус Мецгер ишазгәеиҭо еиԥш, арҭ ажәақәа «афбатәи ашәышықәса инаркны лассы-лассы ажәытәлаҭын Библиеи [алаҭын] Вульгатеи рнапылаҩырақәа рҿы иуԥыло иалагеит».

      • Анцәа ихьӡ. Аиудеиатәи амцхаҵарақәа ирықәныҟәо Абиблиа аиҭагаҩцәа аӡәырҩы Аҩыраҿы Анцәа ихьӡ анырхырц рыӡбеит. Дара уи ахьӡ атитулқәа «Анцәа», насгьы «Иҳақәиҭу» рыла ирыԥсахит. Аха урҭ атитулқәа Абиблиаҿы Анцәа идагьы ауааи, амцхаҵара иадҳәалоу амаҭәарқәеи, Аџьныши рахь ирхоуп (Иоанн 10:34, 35; 1 Коринфаа рахь 8:5, 6; 2 Коринфаа рахь 4:4)b.

      АБИБЛИА ШЕИҚӘХАЗ: Актәи, Абиблиа хызҩылаауаз рыбжьара ишабалак уи аус иазнеиуаз шыҟазгьы, реиҳараҩык рус бзианы ирдыруан, насгьы инҭырҳәыцааны инарыгӡон. Ҿырԥштәыс иааҳгап амасоретцәа. Дара Ауриатә Ҩырақәа ртекст хырҩылаауан афбатәи ашәышықәсеи ажәабатәи ашәышықәсеи рыбжьара ҳ. ҳ. Иахьа урҭ русумҭа амасореттә текст ҳәа еицырдыруеит. Агхақәа ҟамларц азы, амасоретцәа атекст аҿы ажәақәеи анбанқәеи рыԥхьаӡон. Иахьынтәихырҩылаауаз атекст аҿы агхақәа ыҟоуп ҳәа ргәы ианаанагоз, дара ацәаҳәақәа рҿы азгәаҭақәа ҟарҵон. Амасоретцәа абиблиатә текст ариашара рзыгәаӷьуамызт. Асемиттә лингвистикеи абиблиатә филологиеи рыпрофессор Моше Гошен-Готтштаин иҩит «идырны уи [ари ажәытә ҵас] ақәымныҟәара дара зегь раасҭа еицәаз ацәгьоура ирзаҩызахон» ҳәа.

      Аҩбатәи, ҳара ҳҟынӡа иааз анапылаҩырақәа жәпакы абиблиаҭҵааҩцәа алшара рнаҭоит атекст иамоу агхақәа рыԥшаара. Иаҳҳәап, адиннапхгаҩцәа ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа ауаа ирарҳәон ирымаз алаҭын еиҭагақәа Абиблиа аоригиналтә текст ауп ҳәа. Уи аамҭазы дара рхала 1 Иоанн 5:7 аҿы хыхь зыӡбахә ҳҳәаз ажәақәа ацырҵеит, урҭ аоригиналтә текст аҿы ишыҟамызгьы. Ари агха уԥылоит зегь зыгәра рго англыз бызшәала еиҭагоу Акрал Иаков Ибиблиа аҿгьы. Аха еилкаахазеи егьырҭ анапылаҩырақәа анырыԥшаа? Бриус Мецгер иҩуан: «Ацыԥҵәаха [1 Иоанн 5:7 аҟынтәи] ажәытә напылаҩырақәа рҿы иуԥылаӡом (сириатә, акопттә, аерман, ефиоптә, араԥ, аславиантә еиҭагақәа), алаҭын еиҭагаҿы ада». Еиҭарҿыцыз Акрал Иаков Ибиблиеи егьырҭ аиҭагақәак рҿи ари ацыԥҵәаха аныхын.

      Честер Битти ипапирус P46 (200 шықәса ҳ.<u202F>ҳ. шыҟаз)

      200 шықәса ҳ. ҳ. шыҟаз иҩыз Честер Битти ипапирус P46

      Ишьақәдырӷәӷәама ажәытә напылаҩырақәа Абиблиа иану ажәабжь шыԥсахмыз? 1947 шықәсазы Иԥсу амшын аикәарҳәқәа анырыԥшаа, абиблиаҭҵааҩцәа ауриатә масореттә текст зқьы шықәса инареиҳаны раԥхьа иҩыз абиблиатә еикәарҳәқәа ирҿдырԥшит. Иԥсу амшын аикәарҳәқәа аредакторцәа руаӡәк ишиҳәоз ала, еикәарҳәы заҵәык «лак-ҩакрада ишьақәнарӷәӷәоит азқьышықәсақәа рыҩныҵҟа ауриатә хҩылааҩцәа абиблиатә текст аҵакы ԥсахрада, ииашаны ишеиҭаргоз».

      Дублин (Ирландиа) иҟоу Честер Битти ибиблиотекаҿы апапирусқәа реизга ыҟоуп. Уа иҟоуп Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа (Ауасиаҭ Ҿыц) рҿы иҟоу ашәҟәқәа реиҳарак. Уи аизгаҿы иара убас иуԥылоит аҩбатәи ашәышықәсазы ҳ. ҳ. иҟаҵаз анапылаҩырақәа. Урҭ Абиблиа анырыҩ ашьҭахь 100 шықәса анҵы ауп ианцәырҵ. «Урҭ апапирусқәа атекст аҷыдарақәа рганахь ала иҳаилдыркаауа шырацәоугьы,— ануп библиатә еилыркаагак аҿы,— дара иара убас ишьақәдырӷәӷәоит абиблиатә текст иааџьоушьартә ииашаны ишеиҭаргоз» (The Anchor Bible Dictionary).

      «Агәра ганы иуҳәар алшоит иарбанзаалак ажәытә усумҭак абас ииашаны еиҭагамызт ҳәа»

      АЛҴШӘА: Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа Абиблиа зныкымкәа ишхырҩылаауазгьы, уи атекст ԥсахрада иаанхеит. Ҳара еиҳагьы уи агәра агаразы амзызқәа ҳауит. «Иҟам абас еиԥш ирацәоу, насгьы атекст шиашоу ала акыр зхыҵуа ашьақәырӷәӷәарақәа змоу даҽа шәҟәык, насгьы дарбанзаалак аобиективтә хәаԥшышьа змоу аҵарауаҩ иахьа иҳамоу атекст иааизакны иугозар ԥсахрада ҳара ҳҟынӡа ишааз мап ацәкра далагом»,— иҩит британиатәи аҵарауаҩ Фредерик Кеньон Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа ирызкны. Ауриатә Ҩырақәа ирызкны аҵарауаҩ Уильиам Ҳенри Грин иҳәеит: «Агәра ганы иуҳәар алшоит иарбанзаалак ажәытә усумҭак абас ииашаны еиҭагамызт ҳәа».

      a Самаритянское Пятикнижие — ари самариаа иҭрыжьыз Абиблиа раԥхьатәи хә-шәҟәык роуп.

      b Еиҳаны аинформациа шәыԥшаар шәылшоит аброшиура «Слово Бога в картах и схемах» аҿы, адаҟьақәа 1—13. Иара убас уи Иегова ишаҳаҭцәа рофициалтә саит аҿы иҟоуп.

  • Абиблиа аиқәхара зыбзоурахаз
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016 | ииуль
    • Ауаҩы Абиблиа даԥхьоит

      АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | АБИБЛИА. ИШԤЕИҚӘХЕИ УИ ИАХЬА УАЖӘРААНӠА?

      Абиблиа аиқәхара зыбзоурахаз

      Абас, Абиблиа еиқәхеит. Иахьа ҳара зегьы уи аиуреи аԥхьареи алшара ҳамоуп. Абиблиа аиҭага бзиа алышәхыр, уи аҵакы аоригинал ишақәшәо агәра ганы шәыҟазар шәылшоитa. Ишаҳбаз еиԥш, Абиблиа еиқәхеит аамҭа рацәаны ишцазгьы, аҿагылара ӷәӷәақәа ишрықәшәозгьы, насгьы уа иану атекст аԥсахра ишашьҭазгьы. Излалыршахазеи уи? Излареиԥшымзеи иара егьырҭ ашәҟәқәа?

      «Уажәшьҭа сара агәра ганы сыҟоуп иахьа иҳамоу Абиблиа Анцәа иҳамҭа шакәу»

      Абиблиа иаԥхьо аӡәырҩы апостол Павел имаз агәаанагара ицеиҩыршоит. Иара иҳәеит: «Аҩыра зегьы нцәа доуҳала иаԥҵоуп» (2 Тимофеи иахь 3:16). Дара агәра ганы иҟоуп Абиблиа шеиқәхаз, избанзар уи Анцәа Иажәа ауп, насгьы иара уи ҳара ҳҟынӡа иаарц азы деиҷаҳаит. Зыӡбахә ҳҳәахьаз Фаизал афактқәа ихаҭа иҭиҵаарц иӡбеит, убри аҟынтә Абиблиа аҭҵаара иҽазикит. Еиликааз даара иџьеишьеит. Иара ибеит ақьырсиантә дунеи аҿы ирыларҵәоу аҵарақәа реиҳарак Абиблиа ишаным. Иара убас уи даара игәаҵанӡа инеит Анцәа адгьыл ҿыц џьанаҭны ишыҟаиҵо Абиблиа иану ақәыргәыӷра.

      Фаизал иҳәоит: «Уажәшьҭа сара агәра ганы сыҟоуп иахьа иҳамоу Абиблиа Анцәа иҳамҭа шакәу. Анцәа Жәҩантәыла дуӡӡа ишазар, ауаа Иажәа рызнагара, насгьы уи еиқәхарц азы аиҷаҳара илымшаӡози? Уи хазымҵо, Анцәа имч агәра ргаӡом уҳәар алшоит. Сызусҭада сара, Анцәа имч агәра сымгартә?» (Исаиа [Исаия] 40:8).

      a Шәахәаԥш маи 1, 2008 шықәсазы иҭыҵыз «Сторожевая башня» иану астатиа «Как выбрать хороший перевод Библии?».

      Избан Абиблиа шиашоу агәра агара залшо?

      Арҭ астатиақәа рҿы Абиблиа шеиқәхаз атәы еилыргоуп. Аха ишԥаҳалшо Абиблиа — ари амифқәеи алегендақәеи реизга акәымкәа, «Анцәа иажәа» шакәҵәҟьоу агәра ҳгар? (1 Фессалоникаа рахь 2:13). Шәахәаԥш Иегова ишаҳаҭцәа рофициалтә саит аҿы авидеонҵамҭа «Откуда мы знаем, что Библия — это книга от Бога?» (Аԥшаара ацәаҳәаҿы авидеонҵамҭа ахьӡ ҭажәгал).

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра