АШӘА 104
Иԥшьоу адоуҳа Анцәа иҳамҭоуп
1. О, Иегова, гәшаҭара згымхо,
Улаԥш ҳахьӡоит, ҳара ҳгәы уеиҳауп.
Ҳхьаа ырманшәала, ҳаидара шьҭыхла,
Ҭынчракгьы ҳнаҭааит иԥшьоу удоуҳа.
2. Бзанҵы ҳаԥсоума хьӡи-ԥшеи иумоу?
Ҳамҩа ҳахымҟьои лассы-лассы.
Гәаартыла ҳуҳәоит, Ҳаб, удоуҳала
Амҩа ҳазнылаша ҳурбаразы.
3. Зны ҳа ҳааԥсаргьы, ҳамчқәа каԥсаргьы,
Умч ду ҳагәқәа зынӡа иарӷәӷәалап.
Амч ҿыцқәа шҳауҭо ҳгәыӷуеит есааира,
Ҳуарбақәаны ҳара ажәҩан ҳазцап.
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 51:11; Иоанн 14:26; Аус. 9:31.)