Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Аԥсҭазаара — ҳамҭоуп
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • 5. Имиц ахәыҷы шәиеиҷаҳала

      Зцәазтәымкәа иҟоу аԥҳәыс лымгәа лшьышьуеит.

      Давид апоезиа бызшәала иҳәеит Иегова ан лымгәарҭа иҭоу имиц ахәыҷы иԥсҭазаареи иеизҳашьеи дшацклаԥшуа. Шәаԥхьа Аԥсалом 139:13—17, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Ианбалаго, Иегова ихәаԥшышьала, ауаҩы иԥсҭазаара: ан лцәа даналашәо акәу, даниуа акәу?

      Ажәытәан Иегова израильаа ириҭаз азакәанқәа ани имиц лхәыҷи рыхьчон. Шәаԥхьа Ақәҵымҭа 21:22, 23, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Дышԥеизыҟаз Иегова имиц ахәыҷы машәырла дызшьуаз ауаҩы?

      • Дышԥахәаԥшуеи Иегова, аӡәы ишидыруа имиц ахәыҷы иԥсҭазаара анҿахиҵәо?b

      • Шәгәы ишԥаанаго, ииашоума Иегова уи ус дахьазыҟоу?

      Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Анцәа изы дарбанзаалак ауаҩы иԥсҭазаара ахә ҳаракуп» (5:00)

      Аԥсҭазаара пату ақәызҵо аԥҳәысгьы ҭагылазаашьақәак рҿы аҽԥыргара ада уаҳа ԥсыхәа ыҟам ҳәа лгәы иаанагар алшоит. Шәаԥхьа Исаиа 41:10, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Аԥҳәыс лыҽԥлыргарц лыдырцалозар, ацхыраара зҿы илыԥшаар лыхәҭада? Избан?

  • Аԥсҭазаара — ҳамҭоуп
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • b Аҵабырг еилылкаанӡа зыҽԥзыргаз аԥҳәыс лхы ахара адлымҵалароуп. Иегова уи ланаижьыр илшоит. Уи иазкны еиҳаны еилышәкаар шәылшоит ари аурок аҿы иҟоу арамка «Иҵегь шәахәаԥш» аҿы иаагоу астатиа «Что говорится в Библии об аборте?» аҟынтә.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра