-
«Бара бахьцо саргьы сцоит»Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
-
-
16—18. а) Ишԥаалырԥши Руфь азиашара зныԥшуа абзиабара? б) Иҳанаҳәозеи ҳара Руфь иаалырԥшыз азиашара зныԥшуа абзиабара? (Шәрыхәаԥш арҭ ҩыџьа аҳәса зну асахьақәа.)
16 Руфь амҩа цәҳәыра дангыланы, Ноеминь лыбла данхыԥшылоз, лара агәра ганы дыҟан илыдылкылаз аӡбара шиашаз. Лара абзиабара ду лыман Ноеминь лахь, насгьы уи Лынцәа иахь. Руфь илҳәеит: «Бааныжьны сцарц бысмыҳәан. Бара бахьцо саргьы сцоит, бара бахьаангыло саргьы саангылоит. Быжәлар сара исыжәлархоит, Бынцәа дсынцәахоит. Бара бахьыԥсуа саргьы сыԥсуеит, уа сагьыржуеит. Сзықәиршәозаалак сақәиршәааит Иегова, иагьысзациҵааит, бареи сареи аԥсра ада акы ҳаилнахуазар» (Руфь 1:16, 17).
«Быжәлар сара исыжәлархоит, б-Нцәа дсынцәахоит»
17 Уи аахыс 3 000 шықәса раҟара ҵхьеит, аха ауаа уажәгьы иргәалашәоит урҭ ажәақәа. Урҭ ирныԥшуеит зыхә ҳараку аҟазшьа — азиашара зныԥшуа абзиабара. Руфь Ноеминь убриаҟара бзиа дылбон, дахьцалакгьы лыццара дазхиан. Дара реицрыхра зылшоз аԥсра заҵәык акәын. Руфь дақәшаҳаҭын Ноеминь лыжәлар лара илыжәлархарц. Уи дазхиан моавтәи лыԥсҭазаареи анцәахәқәеи лхаршҭра. Орфа длыҿурԥшуазар, Руфь гәык-ԥсыкала илҳәар лылшон Ноеминь Лынцәа Иегова лара Лынцәа иакәхарц шылҭахызa.
-
-
«Бара бахьцо саргьы сцоит»Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
-
-
a Иазгәаҭатәуп егьырҭ ажәларқәа рҿы атитул «Анцәа» ахархәара шаԥызгьы, Руфь лхы ишалырхәоз Анцәа ихьӡ — Иегова. Абиблиатә усумҭак аҿы иануп: «Ашәҟәыҩҩы иаҵишьуеит атәым дгьыл иатәыз ари аԥҳәыс ииашоу Анцәа имаҵ аура дшалагаз» (The Interpreter’s Bible).
-