-
«Пату зқәу аԥҳәыс»Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
-
-
7, 8. а) Зеиҷаҳара лбада Ноеминь Вооз иқьиара аҟны, насгьы избан? б) Ишԥаалырԥшуаз Руфь анаҩсгьы ланхәа лахь азиашара зныԥшуаз абзиабара?
7 Нас Руфь аиҭаҳәара дналагеит. Руфь лзы Вооз иҟаиҵаз Ноеминь ианлаҳа, ус лҳәеит: «Дизылԥхааит Иегова уи ауаҩы, зыԥсы ҭоугьы иԥсхьоугьы абзиабара зҵоу ақьиара рызҭаз!» (Руфь 2:20). Вооз иааирԥшыз ақьиара аҟны лара илбеит Иегова иеиҷаҳара, змаҵзуҩцәа аҳалалра аадырԥшларц ргәазҭазҵо, насгьы иаадырԥшуа ақьиара азы азылԥхарақәа шриҭо иақәзыргәыӷуаa. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 19:17.)
-
-
«Пату зқәу аԥҳәыс»Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
-
-
a Ноеминь лажәақәа рыла, Иегова ақьиара ааирԥшуеит зыԥсы ҭоу рахь еиԥш, иԥсхьоу рахьгьы. Уи лхаҵеи ҩыџьа лԥацәеи лыгхеит. Руфьгьы лхаҵа длыгхеит. Дарбанзаалак Руфьи Ноеминьи рахь ақьиара аазырԥшуаз ауаҩы урҭ ахацәа рахьгьы ақьиара ааирԥшуан ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Ҳәарада, дара ирҭаххон акыр ирзаԥсаз рыҳәсақәа аӡә дреиҷаҳаларц.
b Ҳәарада, еибахаз ԥҳәысс лгара раԥхьа азин змаз иԥсыз ауаҩы иашьцәа ракәын, нас иааигәоу иуацәа ракәын, уи азакәан иԥсыз имазарагьы аҵанакуан (Ахыԥхь. 27:5—11).
-
-
«Пату зқәу аԥҳәыс»Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
-
-
11, 12. а) Иарбан қәҵараз Анцәа Изакәан аҟынтә Ноеминь зыӡбахә лымаз, Вооз «аҿыхразы азин змоу дреиуоуп» ҳәа анылҳәоз? б) Дышԥазнеи Руфь ланхәа илылҭаз алабжьара?
11 Руфь раԥхьаӡа акәны Вооз иӡбахә анылҳәа, Ноеминь ус лалҳәеит: «Ари ауаҩы ҳара дҳауоуп. Аҿыхразы азин змоу дреиуоуп иара» (Руфь 2:20). Иаанагози уи? Анцәа Изакәан аҿы иҟан қәҵарақәак, аҭаацәара ныҟәызго данԥслак ашьҭахь, иӷарны иаанхо иҵакыра реиҷаҳара атәы зныз. Аԥҳәыс ахәыҷқәа лымаӡамкәа лхаҵа дыԥсызар, лҭагылазаашьа еиҳагьы ицәгьахон, избанзар лхаҵа ишьҭра назыгӡо аанхомызт. Анцәа Изакәан инақәыршәаны аԥҳәысеиба лабхәында дигар илшон, илоуа аҵеи иԥсыз ишьҭра наигӡарц, насгьы аҭаацәаратә мазара дахылаԥшларц азыb (Ҩынтә. 25:5—7).
-