Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Иара агәҽанызаара иман, насгьы дыԥшын
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
    • 17, 18. а) Ихьзеи Илиа Изреельҟа амҩа данықәыз? б) Избан изџьашьахәыз Илиа Кармилынтә Изреельҟа дыҩуа дахьцоз? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)

      17 Иегова иԥааимбар Илиа Ахав дызлацаз амҩала дцеит. Иара илашьцоу, ибааӡоу амҩала хара дцар акәын. Аха иџьашьахәыз ак ҟалеит.

      18 «Иегова инапы Илиа ихакын: иара имаҭәа акалҭ имаҟа иавҵеиҵан, Изреель аҟынӡа амҩа зегь Ахав иаԥхьа дыҩуа дцон» (1 Аҳ. 18:46). Излаҳбо ала, «Иегова инапы» Илиа ицхраауан, зеиԥшыҟам амч иҭаны. Изреельынӡа 30 километра дцар акәын, насгьы иара дқәыԥшымызтa. Аԥааимбар иауз имаҭәа акалҭ имаҟа иавҵеиҵеит, ақәа иарбааӡаз амҩала аҩра изымариахарц азы. Иара убас ирласны дыҩуан, аҳ иҽыуардын дахьӡаны дагьаԥысит!

      19. а) Иарбан ԥааимбаражәақәоу иаҳгәаланаршәо, Анцәа Илиа амч ахьииҭаз ҳаназхәыцуа? б) Зыгәра ганы дыҟази Илиа, дыҩны Изреельҟа данцоз?

      19 Шаҟа изылԥхараны иҟази уи Илиа изы! Иара убриаҟара имч ҭалеит, данқәыԥшыз аасҭа длахҿыхны ихы ибаратәы. Иара игәы ҭгәырӷьаауан. Илиа дзықәшәаз иаҳгәаланаршәоит аԥааимбаражәақәа иҟалараны иҟоу Џьанаҭ дгьыл иазку, Анцәа изиашоу ауаа зегьы агәабзиареи амчи ахьроуа. (Шәаԥхьа Исаиа 35:6; Лука 23:43.) Илиа амҩа бааӡа дыҩуа дананыз, агәра ганы дыҟан Иаб — иаӡәыку ииашоу Анцәа, Иегова,— иара дшизыразу!

  • Иара Инцәа иҿы агәҭынчра иԥшааит
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
    • 1, 2. Иарбан хҭысқәоу Илиа изы ихадаз амш аҽны иҟалаз?

      ИЛИА Изреельҟа дыҩуа амҩа дықәын. Аԥсҭҳәа еиқәаҵәақәа рыла ажәҩан хҩан, насгьы ақәа леиуан. Аԥааимбар иаԥхьа амҩа хара шьҭан. Аха иара, шьҭа иқәыԥшымыз ауаҩы, ааԥсара изгәамҭо дыҩуа дцон, избанзар «Иегова инапы» ихакын. Ахаан иара ус имч ҭамлацызт. Илиа аҳ Ахав иреиӷьӡоу аҽқәа рыла иҵакыз иҽыуардынгьы даԥысит! (Шәаԥхьа 1 Аҳцәа 18:46.)

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра