-
Иара Инцәа иҿы агәҭынчра иԥшааитШәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
-
-
20, 21. а) Шәахцәажәа иарбан хҭысу Илиа дзықәшәаз ашьха Хорив аҟны иҟаз аҳаԥаҿы? б) Инарҵазеи Илиа Иегова иааирԥшыз имч?
20 Дышԥаирӷәӷәеи Иегова Илиа, насгьы ишԥеихицеи имаз ашәара? Амаалықь Илиа иеиҳәеит аҳаԥы аҭаларҭаҿы дгыларц. Иара аӡырҩра ааирԥшит, анаҩс иҟалоз шизымдыруазгьы. Иаалырҟьаны ашьхақәеи ацаҟьақәеи зырбгоз аԥша ӷәӷәа асит. Иҟалап иара улымҳа ҵнахыртә аҟынӡа абжьы цәгьазҭгьы! Шәхаҿы иаажәг Илиа инапала илақәа шиҵәахуа, насгьы аԥша ӷәӷәала иаршәшәоз иџьаџьаз зхәы жәпаз ишәҵатәы аарлаҳәа ишааникыло. Анаҩс Илиа ибоит дзықәгылоу адгьыл шҵысуа, насгьы дкамҳартә аарла ҳәа иҽааникылоит — иӷәӷәаны адгьылҵысра иалагоит! Ихьыз цқьа еиликаанӡа, амцабз ӷәӷәа иахылҵуаз ашоура аҳаԥы дыҵанацалоит (1 Аҳ. 19:11, 12).
Иегова ихы иаирхәеит узыршанхо имч ду, Илиа дирӷәӷәарц, насгьы игәы ирҭынчырц азы
21 Ажәабжь аҿы иаҳәоит Иегова иарбанзаалак узыршанхо аԥсабаратә цәырҵрақәа рҿы дшыҟамыз. Илиа идыруан Иегова — ари Ваал еиԥш «аԥсҭҳәақәа икаԥо ирықәу», насгьы ақәа азыруа анцәа ҳәа ирыԥхьаӡоз, аԥсабара амчқәа аазырԥшуа амифтә нцәа шиакәмыз. Иегова ишеит узыршанхо амч ду змоу аԥсабара зегьы, насгьы иара имч иарбанзаалак ишамҭақәа раасҭа акырынтә еиҳауп. Иара ажәҩанҵәҟьа дҭаӡом! (1 Аҳ. 8:27). Ишԥаиныри ари зегьы Илиа? Иара иааигәара дыҟан Иегова — Анцәа, ҳәаада иҟоу амч змоу. Нас Илиа ихәҭазма Ахави Иезавельи рыцәшәара? (Шәаԥхьа Аԥсалом 117:6 [118:6, АдҾ].)
22. а) Агәра шԥеинаргеи Илиа «иҭынчыз, ираҳаҭыз абжьы» Иегова иара даара ихә ҳаракны ишишьо? б) Изтәхарыдаз уи «иҭынчыз, ираҳаҭыз абжьы»? (Шәахәаԥш албаага.)
22 Амца ашьҭахь ҭынчрахеит, нас Илиа иаҳаит «иҭынчыз, ираҳаҭыз абжьы». Ари абжьы дырҩегь Илиа азҵаара инаҭеит, нас аԥааимбар аҩынтәраан игәҭыхақәа еиҭеиҳәеитa. Уи абзоурала Илиа игәы ҭынчхеит. Аха «иҭынчыз, ираҳаҭыз абжьы» нас ианаҳәаз еиҳагьы игәы арҭынчит. Иегова Илиа агәра ииргеит, иара даара ихә ҳаракны ишишьо. Ишԥа? Анцәа иԥааимбар изааиртит Израиль аҟны анаҩсгьы Ваал икульт аҿагылара шымҩаԥысло. Ҳәарада, Илиа имаҵзура башамызт, избанзар Иегова игәҭакы анагӡара даҿын. Уи адагьы, еилыкка иҟаз адҵақәа аԥааимбар инаиҭаны, Иегова уи иеилиркааит игәҭакаҿы иара ихадоу ароль шынаигӡо (1 Аҳ. 19:12—17).
-
-
Иара Инцәа иҿы агәҭынчра иԥшааитШәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
-
-
a Уи «иҭынчыз, ираҳаҭыз абжьы» иҟалап 1 Аҳцәа 19:9 аҿы зыӡбахә ҳәоу «Иегова иажәа» зыла иҳәаз амаалықь итәызҭгьы. 15-тәи ажәеинраалаҿы уи амаалықь «Иегова» ҳәа ахьӡ ихуп. Уи даҳгәаланаршәоит Иегова Израиль ацәҳәыра иалганы ианигоз ихы иаирхәоз амаалықь, насгьы иззиҳәаз: «Иара сыхьӡ ихуп» (Ақәҵ. 23:21). Ҳара уи шьақәырӷәӷәаны иҳазҳәом, аха иазгәаҳҭар ҳалшоит Иисус Христос дуаҩхаанӡа «Ажәа» иакәны дшыҟаз, мамзаргьы иалкаау Иегова Ихаҭарнак шиакәыз (Иоанн 1:1).
-