-
Лара Анцәа ижәлар дрыдгылеитШәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
-
-
18. а) Избан Мардохеи Аман иеихырхәара мап зацәикыз? (Шәахәаԥш иара убас албаага.) б) Ишԥаиҿыԥшуеи Мардохеи иахьа Анцәа пату иқәызҵо аҳәсеи ахацәеи?
18 Уи аамҭазы Ахашверош иаҳраҿы еиҳа-еиҳа деицырдыруа дҟалон Аман зыхьӡыз ауаҩы. Уи аҳ зегь иреиҳау ачын ииҭеит, насгьы алабжьаҩцәа реиҳабыс даиҭеит. Абасала Аман аҳраҿы аҳ инаҩс аҭыԥ ду нызкылоз ауаҩы иакәхеит. Аҳ аусԥҟагьы аԥиҵеит Аман дызбо зегь иеихырхәаларц (Есф. 3:1—4). Уи аусԥҟа Мардохеи ауадаҩрақәа изцәырнагеит. Иара еиликаауан аҳ иҳәатәы ақәныҟәара шихәҭаз, уи Анцәа дланамырҟәуазҭгьы. Иҟалаз уи ауп, Аман агагаа рахь даҵанакуан. Иҟалап иара Анцәа иԥааимбар Самуил иишьыз амаликаа раҳ Агаг диҭынхазҭгьы (1 Сам. 15:33). Амаликаа Иеговеи Израильаа ираӷацәан. Ицқьам ари ажәлар Иегова иқәыӡбара иаԥсанc (Ҩынтә. 25:19). Дышԥаиеихырхәарыз Анцәа изиашаз аиудеи амаликаа ирыҵанакуаз ауаҩы? Мардохеи хьаҵрада иӡбеит ус ҟаимҵарц. Иахьа уажәраанӡа Анцәа пату иқәызҵо аҳәсеи ахацәеи аԥсра алакҭа ишҭаԥшуагьы, иқәныҟәоит апринцип: «Ҳара ауааԥсыра раасҭа Анцәа ҳаизыӡырҩуеит» (Аус. 5:29).
-
-
Лара Анцәа ижәлар дрыдгылеитШәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
-
-
c Иҟалап Аман иаанхаз амаликаа рҟынтә аӡә иакәызҭгьы, избанзар урҭ рахьтә «иаанхаз» аҳ Езекиа ихаан инырҵәан (1 Ашықәс. 4:43).
-