-
Анцәа ҳацқьазар иҭахупШәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
2. Иарбан шьцыларақәоу ҳҽызцәаҳахьчалар ҳахәҭоу, ҳацқьазарц азы?
Абиблиа ҳаанаԥхьоит: «Ҳцәеижьи ҳхәыцшьеи зҟьашьуа зегь аҟынтә ҳҽаҳрыцқьап» (2 Коринфаа 7:1). Убри аҟынтә ҳцәеижьи ҳахшыҩи зҟьашьыр алшо зегь ҳҽацәаҳахьчоит. Ҳара иаҳҭахуп ҳзызхәыцуа зегь Иегова даргәырӷьалар, убри аҟынтә ицқьам ахәыцрақәа ҳарҿагылаларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит (Аԥсалом 104:34). Иара убас ҳара иҽеим ацәажәарақәеи, ажәа ҟьашьқәеи, ауаҩы длазырҟәуа ажәақәеи ҳҽырцәаҳахьчоит. (Шәаԥхьа Колоссаа 3:8.)
Уаҳа изҟьашьыр алшозеи ҳцәеижьи, ҳхымҩаԥгашьеи, ҳцәажәашьеи, ҳхәыцшьеи? Ҳгәабзиара иазеицәо амаҭәашьарқәа. Убри азы ҳара аҭаҭын ҳахаӡом, анаркотикқәа ҳадаҳкылаӡом, насгьы ахәшәқәа ишакәым ала ҳхы иаҳархәаӡом. Убасала ҳара ҳгәабзиара ҳахьчоит, насгьы Анцәа иҳаиҭаз аҳамҭа — аԥсҭазаара — пату ақәаҳҵоит. Иара убас ҳара ҳхы цқьаны имҩаԥаҳгоит, амастурбациеи апорнографиеи реиԥш иҟоу иҽеим ашьцыларақәа ҳҽанырцәаҳахьчо (Аԥсалом 119:37; Ефесаа 5:5). Ас еиԥш иҟоу ашьцыларақәа рааныжьра мариам, аха Иегова имчала уи ҳалшоит. (Шәаԥхьа Исаиа 41:13.)
-
-
Анцәа ҳацқьазар иҭахупШәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
5. Ицқьам ахәыцрақәеи аусқәеи шәырҿагылала
Шәаԥхьа Колоссаа 3:5, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Иабантәиҳдыруеи Иегова апорнографиеи, асекстинги, амастурбациеи ицқьам шьцыларақәаны ишиԥхьаӡо?
Шәгәы ишԥаанаго, ииашоума Иегова ҳхымҩаԥгашьеи ҳхәыцрақәеи цқьазароуп ҳәа ахьҳаиҳәо? Избан?
Еилышәкаа иҽеим ахәыцрақәа шәырҿагылалар шшәылшо. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.
Ҳхымҩаԥгашьа цқьазарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп. Абар Иисус иааигаз аҿырԥштәы. Шәаԥхьа Матфеи 5:29, 30, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.
Иисус ҳхы ак азаҳурц акәӡам ииҳәоз. Иара ииҳәарц ииҭахыз, лакҩакрада иаҭаху аԥсахрақәа ҟаҳҵар шҳахәҭоу ауп. Иҟаҵатәузеи, иҽеим ахәыцрақәа ҳҽырцәаҳахьчаларц азы?b
Иегова иҽеим ахәыцрақәа шәырҿагылаларц азы ижәбо аџьабаа даараӡа ахә ишьоит. Шәаԥхьа Аԥсалом 103:13, 14, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Ашьцылара бааԥс ааныжьра шәзымариамзар, ишәыцхраар шԥарылшо арҭ ажәеинраалақәа уеизгьы уи ашьцылара аҿагылара?
Шәгәы кашәмыжьын!
Аӡәы ус дхәыцыр алшоит: «Еиҭасцәыҟалеит. Баша аџьабаа збон». Аха шәазхәыц: аиԥхныҩлара иалахәу ауаҩы дкаҳазар, уи иаанагаӡом даҵахеит ҳәа, мамзаргьы шьҭахьҟа дхынҳәны, ҿыц далагароуп ҳәа. Убасҵәҟьа шәаргьы еиҭашәцәыҟалазар, уи иаанагаӡом зынӡа шәаҵахеит ҳәа. Уи иара убас иаанагаӡом ижәбаз аџьабаагьы баша аӡы иагеит ҳәа. Ашьцылара бааԥс ахь шәамхахынҳәызаргьы, агәкажьра аҭахӡам. Шәара амҩа иаша шәықәуп. Уи ашьцылара хәыҷы-хәыҷла шәаиааир шәылшоит. Убри аҟынтә шәгәы кашәмыжьын! Иегова ицхыраарала зегь шәылшоит.
-