-
Изишазеи Анцәа ауаа?Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
АУРОК 25
Изишазеи Анцәа ауаа?
Абиблиа ауаҩы иԥсҭазаара зеиԥшраҵәҟьоу аҳәоит: ҳаԥсҭазаара кьаҿуп, гәаҟралагьы иҭәуп (Иов 14:1). Иҭахызма Анцәа ус ҳанхаларц? Иҭахымызҭгьы, гәҭакыс имоузеи, нас, уи ҳара ҳзы? Иҟалома игәы иҭеикыз? Абиблиа ҳгәы шьҭызхуа аҭак ҳнаҭоит.
1. Иарбан ԥсҭазаароу Иегова ҳара ҳзы ииҭаху?
Иегова аԥсҭазаара бзиа ҳамазарц иҭахуп. Иара раԥхьатәи ауаа, Адами Евеи, аниша, Едем захьӡыз абаҳча ԥшӡаҿы инирхеит. Анаҩс Анцәа урҭ дрықәныҳәеит, иагьреиҳәеит: «Шәыҿиала, шәеизҳала, иқәшәырҭәаала адгьыл, насгьы уи аус адыжәулала» (Аҟазаара 1:28). Иегова иҭахын урҭ ахәыҷқәа рымазарц, адгьыл зегь џьанаҭны иҟаларц, насгьы ауаа аԥстәқәа ирхылаԥшларц. Иара иҭахын ауаа зегь агәабзиара рыманы, наӡаӡа инхаларц.
Иахьатәи аԥсҭазаара Анцәа игәы ишҭеикыз еиԥш ишыҟамгьы, Иегова игәҭакы аҽамԥсахӡеит (Исаиа 46:10, 11)a. Иара уажәгьы иҭахуп иҳәатәы хазҵо ауаа аԥсҭазаара бзиа рыманы, наӡаӡа инхаларц. (Шәаԥхьа Аатра 21:3, 4.)
2. Иҟаҳҵалар акәзеи, ҳаԥсҭазаара аҵакы аиурц азы?
Ҳара Иегова даҳдырлароуп, насгьы имаҵ ҳаулароуп. Уи ада ԥсыхәа ҳамаӡам, избанзар ус ҳшоуп. (Шәаԥхьа Матфеи 5:3—6.) Иара иҭахуп ҳаиҩызахарц, имҩақәа ҳрықәныҟәаларц, бзиа даҳбаларц, насгьы гәыкала имаҵ ҳауларц (Ҩынтәзакәан 10:12; Аԥсалом 25:14). Убасҟан, ауадаҩрақәа ҳашрықәшәогьы, насыԥла иҭәу аԥсҭазаара ҳаур ҳалшоит. Иегова имаҵ аура ҳаԥсҭазаара аҵакы анаҭоит, избанзар иара ишиҭаху еиԥш ҳанхоит.
ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА
Еилышәкаа Иегова адгьыл шаҟа абзиабара аҵаҵаны ишаз, насгьы аԥсҭазаара ҵакыс иамоу иазкны Иажәа иаҳәо.
3. Иегова ауаа рзы аԥеиԥш бзиа игәы иҭеикит
Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Изишазеи Анцәа ҳапланета ԥшӡа?
Шәаԥхьа Екклезиаст 3:11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Ишәеилнаркаазеи ари ажәеинраала Иегова изкны?
4. Иегова игәҭакы аҽамԥсахӡеит
Шәаԥхьа Аԥсалом 37:11, 29, насгьы Исаиа 55:11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Иабантәиҳдыруеи Иегова ауаа рзы игәы иҭеикыз шимԥсахыз?
Анапы згу аҩны еиҭашьақәургылар ауеит. Убасҵәҟьагьы ауаа ишабалак изызныҟәоз Адгьыл Анцәа бзиа дызбо рзы ҿыц еиҭашьақәыргылахоит
5. Иегова имаҵ аура ҳаԥсҭазаара аҵакы анаҭоит
Аԥсҭазаара ҵакыс иамоу анеилукаауа, уи уԥсҭазаара шьаҭанкыла иаԥсахуеит, насыԥ умангьы уҟалоит. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.
Аҽшԥаԥсахи Теруми лыԥсҭазаара, аԥсҭазаара ҵакыс иамоу анеилылкаа?
Шәаԥхьа Екклезиаст 12:13, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Иегова иаҳзыҟаиҵаз даараӡа ирацәоуп. Иҭабуп ҳәа иаҳҳәар шԥаҳалшо уи азы?
АӠӘЫ ДШӘАЗҴААР ИЛШОИТ: «Ҵакыс иамоузеи аԥсҭазаара?»
Аҭак шԥаҟашәҵарыз?
ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА
Иегова иҭахуп аԥсҭазаара бзиа ҳаманы, наӡаӡа адгьыл аҿы ҳанхаларц. Гәыкала имаҵ ҳуазар, ҳаԥсҭазаара уажәнатә аҵакы аиуеит.
Аиҭахысра
Иарбан ԥсҭазаароу Иегова Адами Евеи рзы игәы иҭеикыз?
Иабантәиҳдыруеи Анцәа ауаа рзы игәы иҭеикыз шимԥсахыз?
Иҟашәҵалар шәылшозеи, шәыԥсҭазаара аҵакы аиурц азы?
ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ
Шәрыхәаԥш Едемтәи абаҳча шыҟаҵәҟьаз ҳзырбо ашьақәырӷәӷәарақәа.
«Эдемский сад. Просто легенда?» («Ахьчаратә бааш», ианвар 1, 2011, аурыс)
Шәрыхәаԥш Адгьыл наӡаӡа ишыҟазаауа ҳзырбо ашьақәырӷәӷәарақәа.
Еилышәкаа аԥсҭазаара аҵакы азҭо иазкны Абиблиа иаҳәо.
Еилышәкаа зегь змаз ауаҩы изымхаҵәҟьоз шиԥшааз.
a Анаҩстәи аурок аҿы еилышәкаауеит иахьа ҳаԥсҭазаара Анцәа игәы ишҭеикыз еиԥш изыҟам.
-
-
Изакәызеи Анцәа Иаҳра?Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
2. Напхгара ицзулода Иисус?
Иисус имацара иакәӡам напхгара зуло. Иара напхгара ицрулоит «биԥарас, милаҭс, жәларыс, бызшәас иҟоу зегь рҟынтә ауаа» (Аатра 5:9, 10). Шаҟаҩы напхгара ицрулода? Иисус адгьыл аҿы данынхоз аахижьҭеи миллионҩыла ауаа қьырсианцәахеит. Аха урҭ рахьтә 144 000-ҩык роуп ажәҩан ахь ицо, Иисус напхгара ицруларц азы. (Шәаԥхьа Аатра 14:1—4.) Егьырҭ ақьырсианцәа зегь Анцәа Иаҳра анапхгара аҵаҟа адгьыл аҿы инхалоит (Аԥсалом 37:29).
-
-
Анцәа Иаҳра иҟанаҵоШәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
Анцәа Иаҳра иҟанаҵо
Анцәа Иаҳра напхгара аура иалагахьеит. Иаарласны уи адгьыл аҿы аԥсахра дуқәа ҟанаҵоит. Шәааи Анцәа Иаҳра иҟанаҵараны иҟоу еилаҳкаап.
1. Ишԥашьақәнаргыло Анцәа Иаҳра адгьыл аҿы аҭынчреи аиашареи?
Анцәа Иаҳра Аҳас иамоу Иисус ауаа цәгьақәеи ауаа рнапхгарақәеи Армагеддон аибашьраҿы иқәихуеит (Аатра 16:14, 16). Усҟан аҵыхәтәанынӡа инаӡоит Абиблиа иану абарҭ ажәақәа: «Маҷк ауп иаанхаз, нас ацәгьаҟаҵаҩ дықәӡаауеит» (Аԥсалом 37:10). Иисус Аҳра ацхыраарала адгьыл аҿы аҭынчреи аиашареи шьақәиргылоит. (Шәаԥхьа Исаиа 11:4.)
2. Изеиԥшрахозеи адгьыл аҿы аԥсҭазаара, Анцәа игәҭакы анынаӡалак?
Анцәа Иаҳра анапхгара аҵаҟа «ауаа иашақәа адгьыл рҭынхоит, иагьынхалоит уа наӡаӡа» (Аԥсалом 37:29). Шәазхәыц ауаа бзиақәа, ауаа қьиақәа ахьынхало, зегьы Иегова бзиа дахьырбало, насгьы аӡәи-аӡәи бзиа иахьеибабало адунеи аҿы аԥсҭазаара зеиԥшрахо! Аӡәгьы дычмазаҩхалаӡом, зегьы наӡаӡа инхалоит.
3. Иҟанаҵозеи Анцәа Иаҳра, ауаа цәгьақәа анықәнахлак ашьҭахь?
Иисус ауаа цәгьақәа анықәихлак ашьҭахь, даҽа зқьышықәса Аҳас дыҟазаауеит. Уи аамҭазы 144 000-ҩыки иареи аҳра еицырулоит, насгьы ауаа наӡаны иҟаларц ирыцхраауеит, иара убас агәнаҳа иаанагаз агәаҟрақәа ықәыргоит. Зқьышықәса анхыркәшахо аамҭазы, адгьыл зегь абаҳча еиԥш, ишәҭыкакаҷха, иџьанаҭны иҟалоит. Ауаа зегь насыԥ рымазаауеит, избанзар Иегова изакәанқәа рыла инхалоит. Усҟан Иисус Аҳра Иаб Иегова изирхынҳәуеит. Адунеи иқәынхало зегьы Иегова ихьӡ ҳаҭыр ду ақәырҵалоит! (Матфеи 6:9, 10). Уи зегь ишьақәнарӷәӷәоит Иегова зегь иреиӷьу анапхгаҩ шиакәу, насгьы иара ишамҭақәа дшырхылаԥшуа. Анаҩс Иегова Аҩсҭааи, адемонцәеи, урҭ рган аанызкыло ауааи ықәихуеит (Аатра 20:7—10). Анцәа Иаҳра абзоурала адгьыл аҿы наунагӡа аԥсҭазаара бзиа ҟалоит!
ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА
Шәрыхәаԥш Анцәа ҳзықәиргәыӷыз зегь Иаҳра ихы иархәаны ишынаигӡо ҳзырбо ашьақәырӷәӷәарақәа.
4. Анцәа Иаҳра ауаа рнапхгарақәа рҵыхәтәа ԥнаҵәоит
Абиблиаҿы иануп «ауаҩы ауаҩы напхгара анииҭо, ажәлар гәаҟуеит» ҳәа (Екклезиаст 8:9). Иегова Иаҳра ацхыраарала ауаа ирцәыӡыз ирхынҳәуеит, насгьы аиашара шьақәиргылоит.
Шәаԥхьа Даниил 2:44, насгьы 2 Фессалоникаа 1:6—8, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Ирзыруазеи Иеговеи Иисуси ауаа рнапхгарақәеи урҭ анапхгарақәа ирыдгылои?
Агәра шԥашәнарго Иеговеи Иисуси ирызкны еилышәкаахьоу иҟарҵо зегь иашарыла ишыҟарҵало?
5. Иисус — зегь иреиӷьу напхгаҩуп
Анцәа Иаҳра Аҳас иамоу Иисус адгьыл аҿы инхало ауаа ирыхәаша ауп иҟаиҵало. Ари АВИДЕОНҴАМҬА аҟынтә шәара еилышәкаауеит, Иисус гәыкала ауаа дрыцхраарц шиҭаху, насгьы уи аҟаҵара шилшо.
Иисус адгьыл аҿы даныҟаз иҟаиҵоз аџьашьахәқәа рыла Анцәа Иаҳра Аҳас даныҟало иҟаиҵараны иҟоу ҳирбеит. Шәыззыԥшузеи шәара еиҳараӡак ҵаҟа еиқәыԥхьаӡоу аҟынтә? Шәрыԥхьа ара иаагоу абиблиатә жәеинраалақәа зегьы.
АДГЬЫЛ АҾЫ ИИСУС:
АЖӘҨАН АҞЫНТӘ ИИСУС:
аԥсабаратә мчқәа инапаҿы иҟан (Марк 4:36—41);
аекологиатә уадаҩрақәа иӡбоит (Исаиа 35:1, 2);
зықьҩыла ауаа џьашьахәыла акрырҿеиҵон (Матфеи 14:17—21);
адунеи аҿы иҟоу амлакра ааникылоит (Аԥсалом 72:16);
ачымазцәа ихәышәтәуан (Лука 18:35—43);
ауаа зегьы агәабзиара наӡа риҭоит (Исаиа 33:24);
иԥсыз рыԥсы ҭеиҵон (Лука 8:49—55).
аԥсра ықәигоит, насгьы уи иаанагаз аԥхасҭа зегь ириашоит (Аатра 21:3, 4).
6. Анцәа Иаҳра ауаа аԥсҭазаара бзиа рнаҭоит
Анцәа Иаҳра Иегова аханатә аахыс ауаа рзы ииҭахыз аԥсҭазаара рнаҭоит. Урҭ наӡаӡа џьанаҭ дгьыл аҿы инхалоит. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, насгьы еилышәкаа, Иегова Иисус ила игәы иҭеикыз зегь шынаигӡо.
Шәаԥхьа Аԥсалом 145:16, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырнаго Иегова «зыԥсы ҭоу зегьы ргәазыҳәарақәа» ахьынаигӡо?
ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Ауаа зегь еидгылар, адунеи аҿы иҟоу ауадаҩрақәа зегь рыӡбар рылшоит».
Иарбан уадаҩрақәоу ауаа рнапхгарақәа ахаан ирзымыӡбо, насгьы избан уи зылшо Анцәа Иаҳра заҵәык закәу?
ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА
Анцәа Иаҳра иамоу ахықәкы нанагӡоит. Уи анапхгара аҵаҟа адгьыл зегь џьанаҭхоит. Уа наӡаӡа Иегова имаҵ зулар зҭаху ауаа бзиақәа роуп инхало.
Аиҭахысра
Иҟанаҵозеи Анцәа Иаҳра, Иегова ихьӡ зегьы ҳаҭыр ду ақәырҵаларц азы?
Избан Анцәа Иаҳра Абиблиа ҳзықәнаргәыӷуа шынанагӡо агәра заҳго?
Шәыззыԥшузеи шәара еиҳараӡак Абиблиа ҳзықәнаргәыӷуа аҟынтә?
ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ
Еилышәкаа Армагеддон закәу.
Еилышәкаа Христос зыӡбахә иҳәоз «арыцҳара ду» аан иҟало (Матфеи 24:21).
Шәахәаԥш хәыҷи-дуи џьанаҭ дгьыл аҿы иҟоушәа рхаҿы иааргалар шрылшо.
Астатиа «Меня беспокоило много вопросов» аҟынтә шәара еилышәкаауеит аполитика иалахәыз ацәгьаҟаҵаҩ Абиблиа аԥхьара даналага, иҽшиԥсахыз.
«Библия меняет жизнь» («Ахьчаратә бааш», ианвар 1, 2012, аурыс)
-