Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Шәазхиоума шәара аӡы аҽӡаахра?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • 5. Аӡы аҽӡаахра ак шәԥырхагахар шәымун!

      Уи аӡӷаб лсумка Абиблиа ҭалҵоит, аха лан длацәҳауеит, Иегова ишаҳаҭцәа дахьрыцлаз азы.

      Ҳаԥсҭазаара Иегова изкны аӡы ҳаҽӡааҳхырц анаҳаӡбо, ауадаҩрақәа ҳрықәшәар алшоит. Абар ԥҳәыск лҿырԥшы. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Иегова иахь абзиабара ауадаҩрақәа зегь ириааиуеит» (5:22)

      • Илԥырхагази ари аԥҳәыс аӡы аҽӡаахра?

      • Ишԥалыцхрааи Иегова иахь илымаз абзиабара урҭ ауадаҩрақәа зегь риааира?

      Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 29:25, насгьы 2 Тимофеи 1:7, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Иҳазҭар алшозеи агәымшәара, насгьы иҳацхраауазеи иҳамоу ашәара аиааира?

  • Ашьҭашәарыцарақәа рыхгара шәылшоит!
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • Ҳара уажәнатә Иегова иқәгәыӷшьа ҳҵалароуп. Есыҽны Анцәа иҳәареи Абиблиа аԥхьареи рзы аамҭа алшәхла. Аизарақәа зегьы шәырҭаала. Уи зегь шәыцхраауеит шәзықәшәар алшо ашьҭашәарыцарақәеи шәҭаацәа рҟынтә шәзықәшәар алшо аҿагыларақәеи агәымшәара аарԥшны рыхгара. Акырынтә ашьҭашәарыцарақәа ирықәшәахьаз апостол Павел иҳәеит: «Иегова — сыцхырааҩ иоуп, акгьы сацәшәалаӡом» (Ауриацәа 13:6).

      Иара убас иааиԥмырҟьаӡакәа ажәабжь бзиа ауаа ирзеиҭаҳҳәозар, уигьы агәымшәара аизырҳара иҳацхраауеит. Ажәабжь бзиа анеиҭаҳҳәо, Иегова иқәгәыӷшьа ҳҵоит, насгьы ауаа рҿаԥхьа иҳамоу ашәара ҳаиааиуеит (Ажәамаанақәа 29:25). Уажәнатә агәымшәара аарԥшышьа ҳҵозар, аҳәынҭқарратә мчрақәа ҳус мап анацәыркуагьы ҳшәаӡом, ажәабжьҳәарагьы ҳаҟәыҵӡом (1 Фессалоникаа 2:2).

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра