Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Иегова шәиҩызахар шәылшоит
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • 3. Иҟашәҵар акәзеи Иегова шәиҩызахарц азы?

      Иегова ауаа зегь бзиа ибоит, аха сҩыза гәакьа ҳәа зегьы ирзиҳәаӡом (Ажәамаанақәа 3:32). Иегова иҭахуп иҩызцәа ииашаны рхы мҩаԥыргаларц, игәы иахәо ҟарҵаларц, ицәымӷу ҟарымҵаларц. Аӡәы игәы иаанагар алшоит Иегова изакәанқәа рыла анхара ахаангьы исылшаӡом ҳәа. Аха Иегова ҳара ибзианы ҳаиликаауеит. Иара иҳалымшо дазыԥшӡам. Иара изы зегь реиҳа ихадоу гәык-ԥсыкала бзиа даҳбаларц, насгьы еснагь игәаанагара ҳазхәыцларц ауп (Аԥсалом 147:11; Аусқәа 10:34, 35).

  • Еснагь аиаша шәҳәала
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • Еснагь аиаша шәҳәала

      Дарбанзаалак ауаҩы иҭахуп амц зымҳәо, ламысцқьала зхы мҩаԥызго аҩызцәа имазарц. Иеговагьы иҩызцәа амц рымҳәаларц иҭахуп. Ҳәарада, имариаӡам ари адунеи аҿы ламысцқьала ахымҩаԥгара, избанзар еиҳараҩык ауаа амц рҳәоит. Еснагь аиаша ҳҳәозар, хәарҭас иаҳзаанагозеи уи?

      1. Избан изхадоу ламысцқьала ахымҩаԥгара?

      Амц ҳамҳәалар, Иегова бзиа дшаҳбо, насгьы пату шиқәаҳҵо ааҳарԥшуеит. Шәазхәыц: Иегова ҳзызхәыцуа зегь бзианы идыруеит, ҳхымҩаԥгашьагьы ибоит (Ауриацәа 4:13). Иара амц анаҳамҳәо ибоит, насгьы уи даараӡа ахә ишьоит. Иажәаҿы иануп: «Иегова амц зҳәо дицәымӷуп, ауаҩ иаша ҩыза гәакьас диԥхьаӡоит» (Ажәамаанақәа 3:32).

      2. Ишԥаҳалшо есыҽны ламысцқьала ахымҩаԥгара?

      Иегова иҭахуп аӡәи-аӡәи аиаша еибаҳҳәаларц (Захариа 8:16, 17). Ишԥаҟаҵалатәу уи? Ҳара ҳҭаацәеи, аус зцаҳуеи, аизараҿы иҟоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, ачынуааи ҳжьаӡом, иҟам-ианым раҳҳәаӡом. Ламысцқьала зхы мҩаԥызго ауаа амц рҳәаӡом, иагьӷьычӡом. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 24:28, насгьы Ефесаа 4:28.) Урҭ иақәнагоу ашәахтәқәа зегь ршәоит (Римаа 13:5—7). Иҟаҳҵозаалакгьы, ламысцқьала ҳхы мҩаԥаҳгалар ҳҭахуп (Ауриацәа 13:18).

      3. Еснагь аиаша ҳҳәозар, хәарҭас иаҳзаанагозеи уи?

      Еснагь аиаша зҳәо реиԥш ҳаицырдыруазар, ауаа ҳагәра ргалоит. Аизараҿы зегьы ламысцқьала рхы мҩаԥыргозар, усҟан бзиа еибабо аҭаацәараҿы еиԥш, зегьы ргәы ҭынчзаауеит, акгьы иацәшәалаӡом. Амц ҳамҳәалар, ҳаламысгьы цқьазаауеит. Уи адагьы, Иегова имаҵ зуа ламысцқьала рхы анымҩаԥырго, «Ҳаиқәырхаҩ Ҳанцәа иҵарақәа еиҳагьы идырԥшӡоит», уи абзоурала ауаа аҵабырг аилкаара рҭаххоит (Тит 2:10).

      ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

      Еилышәкаа аиаша анышәҳәо Иегова изы шаҟа ихадоу, аиаша аҳәара хәарҭас ишәзаанаго, насгьы еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы ламысцқьала шәхы мҩаԥыжәгалар шшәылшо.

      4. Аиаша анаҳҳәо, Иегова дҳаргәырӷьоит

      Шәаԥхьа Аԥсалом 44:21, насгьы Малахиа 3:16, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Избан аиаша ҳҵәахыр ҳалшоит ҳәа ахәыцра зиашам?

      • Шәгәы ишԥаанаго, дышԥазыҟоу Иегова, ианҳзымариамгьы аиаша анаҳҳәо?

      Аӡӷаб зҽыларҟәны илыдтәалоу лаб диацәажәоит. Астол аҵәца ахы ларханы иқәуп, насгьы асок акаҭәара иаҿуп.

      Ахәыҷқәа аиаша анырҳәо, уи рҭаацәа аргәырӷьоит. Ҳара аиаша анаҳҳәо, уи Иегова даргәырӷьоит

      5. Еснагь аиаша шәҳәала

      Аӡәырҩы ргәы иаанагоит зны-зынла амц умҳәар залшом ҳәа. Аха еилышәкаа еснагь аиаша аҳәара зҳахәҭоу. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Иҳазҭозеи агәырӷьара? Аламыс цқьа» (2:32)

      Авидеонҵамҭа «Иҳазҭозеи агәырӷьара? Аламыс цқьа» аҟынтә асахьа. Аусура аиҳабы Бен инапы имихит, зыхә цәгьаз аппарат шыԥхасҭеитәыз аниеиҳәа.

      Шәаԥхьа Ауриацәа 13:18, нас иаҳзеиҭашәҳәа ламысцқьала шәхы мҩаԥыжәгалар шшәылшо:

      • аҭаацәараҿы;

      • аусураҿы ма ашкол аҿы;

      • даҽа ҭагылазаашьак аҿы.

      6. Еснагь аиаша ахьаҳҳәо хәарҭас иаҳзаанаго

      Ламысцқьала ухы анымҩаԥуго, уи еиҳагьы ауадаҩрақәа узаанагошәа убар алшоит, аха аҵыхәтәаны алҵшәа бзиақәа аанагоит. Шәаԥхьа Аԥсалом 34:12—16, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Хәарҭас иаҳзаанагозеи еснагь аиаша ахьаҳҳәо?

      1: хаҵеи-ԥҳәыси акаҳуа ыжәуа еицәажәоит. 2: амашьынаҟаҵарҭаҿы аиҳабы аусуҩы иус бзианы иахьынаигӡаз азы дирҽхәоит. 3: амашьынаныҟәцаҩ идокументқәа аполициа аусзуҩы иирбоит.
      1. Аиаша зҳәо хаҵеи-ԥҳәыси рҭаацәара дырӷәӷәоит

      2. Амц зымҳәо ауаҩы аусураҿы игәра ргоит

      3. Ачынуаа амц зымҳәо ауаа пату рықәырҵоит

      ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Маҷк амц уҳәеит ҳәа, уи аӡәгьы иԥырхагам».

      • Шәгәы ишԥаанаго, избан Иегова амц зицәымӷу, уи зеиԥшразаалакгьы?

      ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

      Иегова иҭахуп иҩызцәа амц рымҳәаларц, насгьы еснагь ламысцқьала рхы мҩаԥыргаларц.

      Аиҭахысра

      • Ишԥаҳалшо есыҽны ламысцқьала ахымҩаԥгара?

      • Избан аиаша ҳҵәахыр ҳалшоит ҳәа ахәыцра зиашам?

      • Избан еснагь ламысцқьала шәхы мҩаԥыжәгаларц зышәҭаху?

      Ахықәкқәа

      ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

      Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷқәа аиаша аҳәашьа дырҵара?

      «Амц умҳәалан» (1:44)

      Избан иаҳҳәо ажәа наҳагӡозар зыбзиоу?

      «Иегова зажәа назыгӡо дырзылԥхоит» (9:09)

      Избан ашәахтә ашәара зҳахәҭоу, уи рхы ишадырхәо ҳгәамԥхозаргьы?

      «Налоги. Нужно ли их платить?» («Ахьчаратә бааш», сентиабр 1, 2011, аурыс)

      Игәазҭазҵазеи аҽыԥсахра амц зҳәоз, насгьы ауаа зжьоз ауаҩы?

      «Я узнал, что Иегова милосерден и готов прощать» («Ахьчаратә бааш», маи 1, 2015, аурыс)

  • Аҩызцәа бзиақәа алшәхла
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • 2. Ихадоума Иегова изы ҩызцәас иалҳхуа?

      Иегова еснагь аҩызцәа бзиақәа алихуеит. Абиблиаҿы иануп Анцәа «ауаҩ иаша ҩыза гәакьас диԥхьаӡоит» ҳәа (Ажәамаанақәа 3:32). Дышԥахәаԥшуеи Иегова, бзиа дзымбо ауаа ҩызцәас ишьҭаҳхыр? Ҳәарада, уи игәы инархьуеит! (Шәаԥхьа Иаков 4:4.) Аха Иегова бзиа дызбо ауаа ҩызцәас ишьҭаҳхуазар, уи даараӡа даргәырӷьоит. Иара иҭахӡам ииашам акы аҟаҵара ҳгәазҭазҵар зылшо ауаа ҩызцәас ишьҭаҳхлар. Иҽеим аҩызцәа ааныжьны, Иегова бзиа дызбо аҩызцәа ҳарҳауазар, насгьы иареи ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәозар, иара ҳҩыза бзиа иакәхоит (Аԥсалом 15:1—4).

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра