Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Иегова иҿаԥхьа ишәымоу ашәара шәахьчалааит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023 | ииун
    • Ажәытәан. Зхы пату ақәзымҵо аԥҳәызба лыҩны ашә дылагыланы, ахаҵа ааԥхьара илҭоит.

      «Ихшыҩдоу аԥҳәыс» лааԥхьара ҳҭанархар алшоит. (Шәахәаԥш абзац 7.)

      7. Ирзыԥшузеи «ихшыҩдоу аԥҳәыс» лааԥхьара здызкыло ауаа, Ажәамаанақәа 9:13—18 иану инақәыршәаны? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

      7 Ҳахәаԥшып «ихшыҩдоу аԥҳәыс» имҩасуа ауаа ирыдылгало. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 9:13—18.) Лара дыԥхамшьаӡакәа ихшыҩдоу ауаа уаххьа лыцырфарц азы лыҩныҟа иааирц иаалыԥхьоит, урҭ анаҩс ирзыԥшу бзианы ишылдыруагьы. Лыҩны иҩнало ауаа аԥсра рзыԥшуп. Иҟалап шәара ишәгәалашәазар уи иеиԥшу ахҭысқәа ахьану ашәҟәы Ажәамаанақәа егьырҭ ахқәа. Уа Абиблиа иламысдоу, зхы пату ақәзымҵо аԥҳәыс лҟынтә абас ҳгәаҳҽаннаҵоит: «Лара лыҩнахьы ицо аԥсра амҩа дықәуп» (Ажәам. 2:11—19). Ажәамаанақәа 5:3—10 аҿы зхы пату ақәзымҵо даҽа ԥҳәыск лыӡбахә ҳәоуп, уи «лшьапқәа аԥсрахьы илбаауеит».

  • Иегова иҿаԥхьа ишәымоу ашәара шәахьчалааит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023 | ииун
    • 10 Аҭаацәара еицалам ахаҵеи аԥҳәыси рыбжьара асекс аԥхашьареи акгьы иаԥсамшәа рхы абареи рахь инанагоит. Уи адагьы уи иахҟьаны аԥҳәыс илҭахӡамкәа лцәалтәымкәа дҟалар алшоит, аҭаацәарақәагьы хыбгалар ауеит. Шаҟа иҟәыӷароузеи «ихшыҩдоу аԥҳәыс» лыҩны амԥан ақәымлареи лыфатә амеилаҳареи! Уи лааԥхьара Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бжьнахуеит. Уи адагьы иҵегьы аԥхасҭа ҳзаанагоит. Ламысдарала зхы мҩаԥызго аӡәырҩы ауаа рыԥсҭазаара зыркьаҿуа ачымазарақәа рыхьуеит (Ажәам. 7:23, 26). Ажәамаанақәа 9-тәи ахы 18-тәи ажәеинраалаҿы иануп: «Лысасцәа анышә [иамоуп]». Избан нас аӡәырҩы ауаа «ихшыҩдоу аԥҳәыс» лааԥхьара зрыдыркыло, насгьы лшьацҳәа изаҿашәо? (Ажәам. 9:13—18).

  • Иегова иҿаԥхьа ишәымоу ашәара шәахьчалааит
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023 | ииун
    • Ажәытәан Израиль аԥҳәыс хаҵеи-ԥҳәыси сасра иаалыԥхьеит, насгьы ихырҳагоу ихаау афатә рызлырхиеит.

      «Ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара» аҟынтә ааԥхьара аԥсҭазаара ҳнаҭоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 17, 18.)

      17, 18. Иарбан лшароу ироуа «ииашаҵәҟьоу аҟәыӷара» аҟынтә ааԥхьара здызкыло ауаа, насгьы ирзыԥшузеи урҭ аԥхьаҟа? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

      17 Асимволтә ҵакы змоу ҩыџьа аҳәса рыла Иегова иаҳирбоит насыԥла иҭәу аԥсҭазаара ҳамазарц азы иҟаҵалатәу. Зыбжьы цәгьоу «ихшыҩдоу аԥҳәыс» лааԥхьара здызкыло ауаа рыԥсҭазаара «ихаау», иҵәаху ргәаҳәарақәа рынагӡара ауп изызку. Дара иахьатәи амш ада ԥхьаҟа ихәыцӡом. Аха аԥхьаҟа ирзыԥшу анышәынҭра ауп (Ажәам. 9:13, 17, 18).

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра