Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ишәыцхраар алшозеи анаҩсгьы Абиблиа аҵара?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • Аурок 12. Ани ҩыџьа лхәыҷқәеи Иегова ишаҳаҭ Абиблиа лыцҭылҵаауеит.

      АУРОК 12

      Ишәыцхраар алшозеи анаҩсгьы Абиблиа аҵара?

      Абиблиа аҵара даараӡа ихәарҭоуп, аха уи еснагь имариам. Ауадаҩрақәа цәырҵыр ҟалоит. Иҟалап абас шәхәыцыргьы: «Иаԥсоума Абиблиа анаҩсгьы аҵара?» Избан Абиблиа аҵара шәаҟәыҵыр зшәыхәҭам? Ишәыцхраауазеи ауадаҩрақәа шшәымоугьы, анаҩсгьы Абиблиа аҵара?

      1. Избан Абиблиа аҵара зхадоу?

      «Анцәа иажәа аԥсы ҭоуп, амч ду амоуп» (Ауриацәа 4:12). Абиблиа даараӡа ахә ҳаракуп, избанзар уа Анцәа ихәыцрақәа ануп. Иара убас Абиблиа аҟынтәи шәара еилышәкаауеит Анцәа бзиа шәшибо. Уи адыррақәеи, аҟәыӷареи, агәыӷреи шәнаҭоит. Аха зегь реиҳа ихадоу, Абиблиа Иегова иҩызахара ишәыцхраауеит. Абиблиа ҭышәҵаалар, шәыԥсҭазаара аиӷьтәразы амч шәоуеит.

      2. Избан Абиблиа иану аҵабырг ахә шыҳараку ҳхаҳмыршҭлар закәу?

      Абиблиа иану аҵабыргқәа зыхә ҳараку ахазына иаҿурԥшыр алшоит. Убри азоуп Абиблиаҿы изану: «Аҵабырг аахә, иумҭиин» (Ажәамаанақәа 23:23). Абиблиа иану аҵабырг шаҟа ахә ҳараку еснагь иаҳгәалашәозароуп. Усҟан, ауадаҩрақәа ҳашрықәшәогьы, Абиблиа аҭҵааразы ҳаамҭагьы ҳамчгьы ҳреигӡалаӡом. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 2:4, 5.)

      3. Иарбан цхыраароу Иегова ишәиҭар илшо?

      Иегова — Зегьзымчу Ҳазшаз Анцәа иоуп, иара убас Ҳҩыза иоуп. Иара иҭахуп еиҳа еиӷьны шәиабадырырц. Иегова илшоит уи азы «агәаҳәареи амчи» шәиҭар. (Шәаԥхьа Филиппаа 2:13.) Убри аҟынтә Абиблиа аҭҵааразы, ма еилышәкааз шәыԥсҭазаараҿы шәхы иашәырхәарц азы иҵегь амч шәҭаххар, иара еснагь шәыцхраара дазхиоуп. Шәзықәшәо ауадаҩрақәеи аҿагыларақәеи шәхыжәгарц азгьы амч шәҭаххар, усҟангьы дшәыцхраауеит. Абиблиа аҵара шәаҟәымҵырц азы еснагь Иегова шәиҳәала (1 Фессалоникаа 5:17).

      ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

      Ишәыцхраауазеи анаҩсгьы Абиблиа аҵара, шәеилахазаргьы, ма шьоукы шәҿагылозаргьы? Еилышәкаа иарбан цхыраароу Иегова ишәиҭар илшо.

      4. Абиблиа аҵара шәыԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадоу ак акәны иҟашәҵа

      Зны-зынла шәусқәа ахьырацәоу иахҟьаны, Абиблиа аҵаразы аамҭа шәымамшәа шәгәы иабар алшоит. Иҟашәҵар шәылшозеи? Шәаԥхьа Филиппаа 1:10, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Шәгәы ишԥаанаго, аԥсҭазаараҿы «еиҳа ихадоу» арбану?

      • Иҟашәҵар шәылшозеи, Абиблиа аҵара шәыԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадазарц азы?

      Аведраҿы аԥслымӡи ахаҳәқәеи акырц азы иҟаҵатәу. Асахьақәа 1: 1) ахаҳәқәеи аԥслымӡи; 2) аведра абжанӡа аԥслымӡ ҭаԥсоуп; 3) ахаҳәқәа аведра иазкӡом, хаҳәқәак хыхь иақәуп, егьырҭ аведра аган аҿы ишьҭоуп. Асахьақәа 2: 1) ахаҳәқәеи аԥслымӡи; 2) аведра ахаҳәқәа рыла иҭәуп; 3) аԥслымӡ ахаҳәқәа ирыбжьаланы аведра иакит. Маҷк аԥслымӡ аведра аган аҿы ишьҭоуп.
      1. Аведра аԥслымӡ ҭоуԥсар, ахаҳәқәа акӡом

      2. Аха зны ахаҳәқәа ҭоуҵар, аԥслымӡгьы акуеит. Убасҵәҟьа ҳаԥсҭазаараҿы еиҳа ихадоу аусқәа ирықәнагоу аҭыԥ рзалҳхуазар, егьырҭ аусқәа рзгьы аамҭа ҳзаанхоит

      Ҳара Анцәа ида ԥсыхәа ҳамаӡам. Уи деилаҳкаалароуп, насгьы ҳимҵахырхәалароуп, убас ҳаишеит Анцәа. Уи азы Абиблиа ҭаҳҵаалароуп. Шәаԥхьа Матфеи 5:3, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Ишԥеиӷьхо ауаҩы иԥсҭазаара, иара изы Абиблиа аҭҵаара зегь реиҳа ихадахар?

      5. Абиблиа аҵара шәаҟәымҵын, ауаа шәҿагылозаргьы

      Шьоукы Абиблиа аҵара шәаҟәыҵ ҳәа шәарҳәалар алшоит. Абар Франческо иҿырԥштәы. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Ачҳаразы аҳамҭа» (5:22)

      Авидеонҵамҭа «Ачҳаразы аҳамҭа» аҟынтә асахьа: Франческо иҩызцәа уаҳа аамҭа шрыцихимгало реиҳәоит, насгьы дырԥырҵны дцоит.
      • Ирҳәазеи Франческо иҩызцәеи иуацәеи, Абиблиа аҵара дшалагаз анреиҳәа?

      • Лҵшәас иаанагазеи Франческо Абиблиа аҵара дахьаҟәымҵыз?

      Шәаԥхьа 2 Тимофеи 2:24, 25, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Ишԥазыҟоу шәыуацәеи шәҩызцәеи Абиблиа ахьышәҵо?

      • Арҭ ажәеинраалақәа инарықәыршәаны, шәхы мҩаԥыжәгалар шԥашәыхәҭоу, аӡәы Абиблиа ахьышәҵо игәамԥхозар? Избан?

      6. Иегова ицхыраара шәақәгәыӷла

      Иегова шаҟа еиӷьны деилаҳкаауа аҟара, убри аҟара дҳаргәырӷьалар ҳҭаххоит. Аха ҳаԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа рыҟаҵара, насгьы иԥҟарақәа рыла анхара мариамхар алшоит. Аха ахаангьы шәгәы кашәмыжьлан! Иегова дшәыцхраауеит. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Иегова аҽыԥсахра дҳацхраауеит» (3:56)

      • Иарбан ԥсахрақәоу Џьим иҟаиҵаз, Иегова диргәырӷьаларц азы?

      • Ишәгәаԥхазеи еиҳараӡак иҿырԥшы аҟынтә?

      Шәаԥхьа Ауриацәа 11:6, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Иҟаиҵарц ииҭахузеи Иегова «гәык-ԥсыкала иԥшаара иашьҭоу», даҽакала иуҳәозар, еиҳа еиӷьны иеилкаара иашьҭоу рзы, насгьы иԥҟарақәа инарықәыршәаны анхара зҭаху рзы?

      • Дышԥахәаԥшуеи Иегова, ари ажәеинраала инақәыршәаны, Абиблиа аҵара шәахьаҟәымҵуа?

      АӠӘЫ ДШӘАЗҴААР ИЛШОИТ: «Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа зрыцҭуҵаауеи?»

      • Аҭак шԥаҟашәҵарыз?

      ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

      Абиблиа аҵара зны-зынла имариаӡам, аха убри заҵәык ауп наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь ҳназго. Иегова ицхыраара шәақәгәыӷла, усҟан иара хымԥада дышәзылԥхоит.

      Аиҭахысра

      • Рыхә ҳаракума шәара шәзы Абиблиаҿы иану аҵабыргқәа? Избан?

      • Ишԥашәылшо «еиҳа ихадоу» алхра?

      • Избан Абиблиа аҵара шәаҟәымҵырц азы Иегова шәиҳәалар зшәыхәҭоу?

      Ахықәкқәа

      ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

      Аӡәырҩы абарҭ ԥшь-лабжьарак рыцхрааит раамҭа зықәдырӡуа ацклаԥшра.

      «Как с мудростью использовать время?» («Пробудитесь!», февраль 2014)

      Шәахәаԥш Иегова ԥҳәыск дышлыцхрааз, лхаҵа Анцәа хьаас дышимамызгьы.

      «Иегова ицхыраарала зегь ахгара ҳалшоит» (5:05)

      Еилышәкаа хаҵак иԥсҭазаара шеиӷьхаз, иԥҳәыс Абиблиа аҭҵаара дахьаҟәымҵыз абзоурала.

      «Сара аҵабырг хәыц-хәыц иҭысҵааит» (6:30)

      Зны-зынла Иегова ишаҳаҭцәа аҭаацәарақәа хдырбгалоит ҳәа ахара рыдырҵоит. Аха иашоума уи?

      «Разрушают ли Свидетели Иеговы семьи?» (авеб-статиа)

  • Иҳацхраауазеи ииашоу аӡбарақәа рыдкылара?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • Аурок 35. Ахаҵа аинтернет аҿы амашьынақәа рыҭира иазку алаҳәара дахәаԥшуеит, иԥҳәыси ихәыҷқәеи иааигәа итәоуп.

      АУРОК 35

      Иҳацхраауазеи ииашоу аӡбарақәа рыдкылара?

      Ҳара зегьы аӡбарақәа ҳадаҳкылоит. Урҭ рахьтә иҟоуп ҳаԥсҭазаареи Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәеи ирныԥшыр алшо аӡбарақәа. Иаҳҳәап, ҳара иҳаӡбароуп ҳахьынхалаша, аус ахьаҳаулаша, аҭаацәара ҳалалару-ҳаламлару. Ииашоу аӡбарақәа анҳадаҳкыло, насыԥ ҳауеит, Иеговагьы дҳаргәырӷьоит.

      1. Ишәыцхраар шԥалшо Абиблиа ииашоу аӡбарақәа рыдкылара?

      Ӡбарак шәыдышәкылаанӡа, ацхырааразы Иегова шәиҳәала, насгьы ишәыӡбарц ишәҭаху иазкны Абиблиа иаҳәо еилышәкаала. Убас шәара ишәыдышәкыларц ишәҭаху аӡбара аганахьала Иегова игәаанагара еилышәкаауеит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 2:3—6.) Зҵаарақәак рҿы Иегова иҟаҵатәуи иҟаҵатәыми еилыкка иҳәоит. Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаҿы зегьы иреиӷьуп иара ишиҳәо иҟаҳҵар.

      Аха иҟаҵатәузеи, ишәыӡбарц ишәҭаху аганахьала Абиблиаҿы акгьы анымзар? Иегова уеизгьы шәызлацаша амҩа шәирбар илшоит (Исаиа 48:17). Ишԥа? Апринципқәа рыла. Абиблиа иану апринципқәа — ари Анцәа игәаанагара ҳаилзыркаауа ихадоу аҵабыргқәа роуп. Лассы-лассы Анцәа зҵаарак дшазыҟоу аилкаара Абиблиаҿы иану цыԥҵәахак ҳацхраар алшоит. Иегова ҳаӡбарақәеи ҳхымҩаԥгашьеи дшырзыҟоу анеилаҳкаауа, еиҳа иаҳзымариахоит иара игәы иақәшәо аӡбарақәа рыдкылара.

      2. Ҳзызхәыцыр ҳахәҭоузеи, аӡбара ҳадаҳкылаанӡа?

      Абиблиаҿы иануп: «Аилкаара змоу ауаҩы ишьаҿақәа дрызхәыцуеит» (Ажәамаанақәа 14:15). Ус анакәха, аӡбара адкылара ҳахымыццаклароуп. Ӡбарак шәыдышәкылаанӡа, шәхы шәазҵаа: «Иарбан библиатә принципқәоу сҭагылазаашьа ианаало? Сгәы ҭынчзаауама, уи аӡбара сыдыскылар? Исыдыскыло аӡбара егьырҭ ирԥырхагахар алшома? Даргәырӷьома Иегова исыдыскыло аӡбара?» (Ҩынтәзакәан 32:29).

      Иегова азин имоуп абри иашоуп, абри иашаӡам ҳәа ҳаҳәара. Анцәа изакәанқәеи ипринципқәеи анеилаҳкаауа, насгьы урҭ ҳхы иаҳархәаларц анаҳаӡбо, ҳаламыс ҳааӡоит. Аламыс — ари ацәгьеи абзиеи закәу ҳаҵазҳәо ҩныҵҟатәи бжьуп (Римаа 2:14, 15). Ҳаламыс Абиблиа ала иҳааӡалар, уи ииашоу аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраалоит.

      ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

      Шәахәаԥш абиблиатә принципқәеи ҳаламыси аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраар шрылшо.

      3. Абиблиатә принципқәа амҩа иаша удырбоит

      Ишԥаҳацхраауеи абиблиатә принципқәа ииашоу аӡбарақәа рыдкылара? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Абиблиатә принципқәа шәрықәныҟәала» (5:54)

      • Иарбан хақәиҭроу Иегова дасу иҳаиҭаз?

      • Изҳаиҭазеи Иегова уи аҩыза ахақәиҭра?

      • Иҳаиҭазеи иара, уи ахақәиҭра ииашаны ҳхы иаҳархәаларц азы?

      Ҳахәаԥшып библиатә принципк. Шәаԥхьа Ефесаа 5:15, 16. Анаҩс шәалацәажәа шәаамҭа еиҳа еиӷьны шәхы иашәырхәалар шшәылшо:

      • иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аԥхьаразы;

      • ахаҵа ироль ма аԥҳәыс лроль, аб ироль ма ан лроль, аԥа ироль ма аԥҳа лроль ибзианы анагӡаразы;

      • аизарақәа рҭааразы.

      4. Шәыламыс шәааӡала

      Абиблиаҿы иҟаҳҵаша еилыкка ианану, ииашоу аӡбара адкылара ҳзымариоуп. Аха иҟаҵатәузеи, уа шәҭагылазаашьа иақәшәо анапхгара анымзар? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Шәыламыс цқьаз» (5:13)

      • Иҟалҵазеи аиаҳәшьа, Иегова дзыргәырӷьо аӡбара адкылараҿы лыламыс лыцхраарц азы?

      Избан егьырҭ ҳара ҳзы аӡбарақәа рыдыркыларц ҳрыҳәалар зҳахәҭам? Шәаԥхьа Ауриацәа 5:14, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Егьырҭ ҳара ҳзы аӡбара рыдыркыларц ҳрыҳәалар, иаҳзымҵои ахаан?

      • Ишәыцхраар алшозеи шәыламыс ааӡареи ииашоу аӡбарақәа рыдкылареи?

      Ауаҩы амашьына дақәтәаны даауеит. Иаԥхьа иқәгылоу GPS-анавигатор дахьцаша амҩа инарбоит.

      Ҳаламыс, анавигатор еиԥш, ҳаԥсҭазаараҿы амҩа иаша ҳнарбоит

      5. Егьырҭ рыламыс пату ақәышәҵала

      Ауаа зегь еиԥшӡам, убри аҟынтә ирыдыркыло аӡбарақәагьы еиԥшӡам. Ишԥашәылшо егьырҭ рыламыс пату ақәҵара? Шәрыхәаԥш ҩ-ҭагылазаашьак.

      Актәи аҭагылазаашьа. Аҽшәра бзиа избо аиаҳәшьа уи бзиа изымбо аиҳәшьцәа ахьырацәоу аизарахь диасуеит.

      Шәаԥхьа Римаа 15:1, насгьы 1 Коринфаа 10:23, 24, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Иарбан ӡбароу илыдылкылар лылшо аиаҳәшьа, арҭ ажәеинраалақәа инарықәыршәаны? Шәхы шԥамҩаԥыжәго, аӡәы иламыс иаҵанамкуа шәара шәыламыс иаҵанакуазар?

      Аҩбатәи аҭагылазаашьа. Аиашьа идыруеит Абиблиа азин шинаҭо иахмырҟьацәакәа арыжәтә ажәра. Аха иара ихазы иӡбоит арыжәтә зынӡа имжәларц. Иҩызцәа ааԥхьара ирҭоит иааидтәаларц. Уа иара ибоит егьырҭ аишьцәа арыжәтә шыржәуа.

      Шәаԥхьа Екклезиаст 7:16, насгьы Римаа 14:1, 10, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Иарбан ӡбароу аиашьа идикылар илшо, арҭ ажәеинраалақәа инарықәыршәаны? Шәхы шԥамҩаԥыжәго, аӡәы шәыламыс иаҵанамкуа ак ҟаиҵозар?

      Ииашоу аӡбара адкылара иуцхраауа

      Аԥҳәыс Анцәа диҳәоит.

      1. Иегова шәиҳәа, ииашоу аӡбара адкылара дшәыцхраарц азы (Иаков 1:5).

      Уи аԥҳәыс аҭҵаара мҩаԥылгоит, Абиблиеи, уи шьаҭас измоу апубликациқәеи, акомпиутери лхы иархәаны.

      2. Ишәыԥшаа Абиблиаҿы, насгьы уи шьаҭас измоу апубликациақәа рҿы шәҭагылазаашьа ианаало апринципқәа. Иара убас аԥышәа змоу ақьырсианцәа шәрыдҵаалар шәылшоит.

      Лара дзыԥхьаз дазхәыцуеит.

      3. Алҵшәақәа шәрызхәыц: ишԥаныԥшуеи ишәыдышәкылаз аӡбара шәыламыси егьырҭ рыламыси?

      ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Иуҭаху аҟаҵара азин умоуп. Егьырҭ ргәы иаанаго хьаас изыҟаҵатәуи?»

      • Избан Анцәеи ауааи ргәаанагара ҳазхәыцлар зҳахәҭоу?

      ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

      Ииашоу аӡбара ҳадаҳкыларц азы, Иегова игәаанагара еилаҳкаалароуп, насгьы ҳхымҩаԥгашьа егьырҭ ирԥырхагахоу-ирыцхраауоу ҳазхәыцроуп.

      Аиҭахысра

      • Ишԥаҳалшо Иегова игәы иахәо аӡбарақәа рыдкылара?

      • Ишԥааӡалатәу ҳаламыс?

      • Ишԥашәылшо егьырҭ рыламыс пату шақәышәҵо аарԥшра?

      Ахықәкқәа

      ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

      Ишԥашәылшо Иеговеи шәареи шәеиҩызара зырӷәӷәо аӡбарақәа рыдкылара?

      «Принимайте решения, которые прославляли бы Бога» («Ахьчаратә бааш», апрель 15, 2011, аурыс)

      Еилышәкаа Иегова ҳаԥсҭазаараҿы ҳшымҩақәиҵо.

      «Иегова имаҵзуҩцәа мҩақәиҵоит» (9:52)

      Еилышәкаа рԥыск имариамыз аӡбара адкылара ицхрааз.

      «Иегова иоуп ҳзықәгәыӷыр ҳалшо» (5:51)

      Еилышәкаа Абиблиаҿы иҟашәҵаша еилыкка иананым, Иегова дзыргәырӷьо аӡбара адкылара шшәылшо.

      «Нужен ли тебе каждый раз конкретный библейский закон?» («Ахьчаратә бааш», декабр 1, 2003, аурыс)

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра