-
Шәҭаацәа иҽеим анырра аҟынтә ишәыхьчалаАҭаацәаратә насыԥ амаӡа
-
-
19. Иарбан библиатә ҿырԥштәқәоу иаҳзырбо аҩнаҭаҿы агәырӷьареи аччареи шыгәнаҳам?
19 Иақәыӡбома Абиблиа агәырӷьа-ччара? Ҳәарада, мап! Абиблиаҿы иануп ишыҟоу «аччара аамҭа... акәашара аамҭа»b (Екклезиаст 3:4). Ажәытә Израиль инхоз Анцәа ижәлар бзиа ирбон амузыка, акәашара, ахәмаррақәеи ацуфарақәеи. Иисус Христос ачара ду аҿи Матфеи Леви иара изы иҟаиҵаз «ачеиџьыка ду» аҿи дыҟан (Лука 5:29; Иоанн 2:1, 2). Иисус егьырҭ ргәырӷьара бжьызхуаз уаҩымызт. Агәырӷьареи аччареи шәыҩнаҭаҿы ахаангьы гәнаҳауп ҳәа иԥхьаӡамзааит!
-
-
Шәҭаацәа иҽеим анырра аҟынтә ишәыхьчалаАҭаацәаратә насыԥ амаӡа
-
-
b Ара иаагоу «аччара» ҳәа еиҭагоу ауриатә ажәа егьырҭ аформақәа еиҭаҳгар ҳалшоит «ахәмарра», «гәырҿыхагақәак рыдгылара», «аныҳәа азгәаҭара», насгьы «агәырӷьа-ччара» ҳәа.
-