-
Иҳацхраауазеи ииашоу аӡбарақәа рыдкылара?Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
5. Егьырҭ рыламыс пату ақәышәҵала
Ауаа зегь еиԥшӡам, убри аҟынтә ирыдыркыло аӡбарақәагьы еиԥшӡам. Ишԥашәылшо егьырҭ рыламыс пату ақәҵара? Шәрыхәаԥш ҩ-ҭагылазаашьак.
Актәи аҭагылазаашьа. Аҽшәра бзиа избо аиаҳәшьа уи бзиа изымбо аиҳәшьцәа ахьырацәоу аизарахь диасуеит.
Шәаԥхьа Римаа 15:1, насгьы 1 Коринфаа 10:23, 24, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Иарбан ӡбароу илыдылкылар лылшо аиаҳәшьа, арҭ ажәеинраалақәа инарықәыршәаны? Шәхы шԥамҩаԥыжәго, аӡәы иламыс иаҵанамкуа шәара шәыламыс иаҵанакуазар?
Аҩбатәи аҭагылазаашьа. Аиашьа идыруеит Абиблиа азин шинаҭо иахмырҟьацәакәа арыжәтә ажәра. Аха иара ихазы иӡбоит арыжәтә зынӡа имжәларц. Иҩызцәа ааԥхьара ирҭоит иааидтәаларц. Уа иара ибоит егьырҭ аишьцәа арыжәтә шыржәуа.
Шәаԥхьа Екклезиаст 7:16, насгьы Римаа 14:1, 10, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Иарбан ӡбароу аиашьа идикылар илшо, арҭ ажәеинраалақәа инарықәыршәаны? Шәхы шԥамҩаԥыжәго, аӡәы шәыламыс иаҵанамкуа ак ҟаиҵозар?
Ииашоу аӡбара адкылара иуцхраауа
1. Иегова шәиҳәа, ииашоу аӡбара адкылара дшәыцхраарц азы (Иаков 1:5).
2. Ишәыԥшаа Абиблиаҿы, насгьы уи шьаҭас измоу апубликациақәа рҿы шәҭагылазаашьа ианаало апринципқәа. Иара убас аԥышәа змоу ақьырсианцәа шәрыдҵаалар шәылшоит.
3. Алҵшәақәа шәрызхәыц: ишԥаныԥшуеи ишәыдышәкылаз аӡбара шәыламыси егьырҭ рыламыси?
-
-
Ишԥашәылшо шәажәақәеи шәцәажәашьеи рыла Иегова иргәырӷьара?Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
5. Егьырҭ ибзианы шәрыхцәажәала
Иҳацхраауазеи ҳажәақәа рыла егьырҭ ҳмыргәааларц, насгьы ибзианы ҳрыхцәажәаларц? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.
Избан ари аиашьа егьырҭ дышрыхцәажәо иашаӡам ҳәа зиӡбаз?
Иҟаиҵазеи иара, иҽиԥсахырц азы?
Шәаԥхьа Екклезиаст 7:16, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи, аӡәы иҽеим ак ихаҳҳәаар анаҳҭаххо?
Шәаԥхьа Екклезиаст 7:21, 22, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Ишәыцхраар шԥалшо арҭ ажәеинраалақәа, аӡәы ииашамкәа даншәыхцәажәо шәымгәааларц?
-