-
Ихьуазеи ауаҩы данԥслак ашьҭахь?Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
2. Хәарҭас иаҳзаанагозеи иԥсхьоу ирызку аиаша ахьаҳдыруа?
Аӡәырҩы ауаа аԥсра иацәшәоит, иԥсхьоу ауаагьы ирыцәшәоит! Аха Абиблиа аԥсра иазкны иаҳәо шәгәы арҭынчыр алшоит. Иисус иҳәеит: «Аҵабырг ахақәиҭра шәнаҭоит» (Иоанн 8:32). Динхаҵарақәак ирҳәоит ауаҩы дыԥсыргьы, иԥсы нхоит ҳәа. Аха Абиблиаҿы уи аҩыза анӡам. Иԥсыз гәаҟӡом. Уи адагьы, дара акгьы рыздырӡом, убри аҟынтә цәгьарак ҳзура рылшаӡом. Убри азоуп иԥсхьоу рымаҵ ауреи, ргәы аҟаҵареи, дара рзы Анцәа иҳәареи заҭахым.
Шьоукы ирҳәоит аԥсцәа ирацәажәоит ҳәа. Аха уи ҟалашьа амаӡам. Ишеилаҳкааз еиԥш, иԥсхьоу акгьы рыздырӡом. Иԥсхьоу ирацәажәоит ҳәа згәы иаанаго ииашаҵәҟьаны изацәажәо иԥсыз ауаа ракәушәа зхы аазырԥшуа адемонцәа ракәзар ауеит. Ишаҳбо ала, иԥсхьоу ирызку аиаша адемонцәа рҟынтә ҳахьчоит. Иегова урҭ ҳарцәихьчарц иҭахуп, убри азоуп иԥсхьоу рацәажәара ҳашьҭамзарц зҳаиҳәо. Иара идыруеит адемонцәа рыҽрыдҳәалара даараӡа ишшәарҭоу. (Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 18:10—12.)
-
-
Ихьуазеи ауаҩы данԥслак ашьҭахь?Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
4. Иԥсхьоу ирызку аиаша ахәарҭа ҳзаанагоит
Ҳара иԥсхьоу ирызку аиаша ҳдыруеит азы, аԥсцәа ҳрыцәшәаӡом. Шәаԥхьа Екклезиаст 9:10, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Ирылшома иԥсхьоу цәгьарак ҳзура?
Абиблиа иану аиаша адинхаҵарақәа ауаа ирыладырҵәо амц аҟынтәгьы ҳахьчоит. Абиблиа аҟынтә ҳара еилаҳкааит иԥсхьоу рымаҵ ауреи ргәы аҟаҵареи ҳашьҭазар шҳахәҭам. Шәаԥхьа Исаиа 8:19, насгьы Аатра 4:11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Шәгәы ишԥаанаго, дышԥарзыҟоу Иегова иԥсхьоу рымаҵ зуа, ма урҭ ацхырааразы ирыҳәо ауаа?
Иԥсхьоу ирызку аиаша Иегова длазырҟәуа аҵасқәа рҟынтә ҳахьчоит
-