Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Иегова шәиҩызахар шәылшоит
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • 5. Иегова иҩызцәа рҟынтә дыззыԥшу

      Ҳәарада, ҳара ҳҩызцәа рҟынтә ҳаззыԥшу ыҟоуп.

      • Шәыззыԥшузеи шәара шәҩызцәа рҟынтә?

      Шәаԥхьа 1 Иоанн 5:3, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Дыззыԥшузеи Иегова иҩызцәа рҟынтә?

      Иегова игәы ҟаҳҵаларц азы, ҳхымҩаԥгашьа ма иҳалоу ҟазшьак ԥсахтәхар алшоит. Шәаԥхьа Исаиа 48:17, 18, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Избан Иегова иҩызцәа дызрыҳәо рыԥсҭазаараҿы ак рыԥсахырц?

      Аус зуа ауаҩы аус ицызуа акаска ииҭоит.

      Аҩыза бзиа ашәарҭара уақәымшәарц азы заа угәуҽаниҵоит. Иеговагьы убас ҟаиҵоит

  • Иегова шәиҩызахар шәылшоит
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Ишԥаҳалшо Иегова бзиа дшаҳбо аарԥшра?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • Аурок 34. Ахаҵа ақалақь аҿы дхәыцуа ажәҩан даҵаԥшуеит.

      АУРОК 34

      Ишԥаҳалшо Иегова бзиа дшаҳбо аарԥшра?

      Абиблиа аҭҵаара шәалагеижьҭеи еиҳагьы Анцәа шәшизааигәахаз гәашәҭама? Ишәҭахума шәеиҩызара анаҩсгьы ишәырӷәӷәалар? Ишәҭахызар, ишәхашәмыршҭлан Анцәа шаҟа бзиа дыжәбало аҟара иаргьы еиҳа бзиа шәшибало, насгьы еиҳагьы шәыхә ҳаракны ишишьало. Ишәырбар шԥашәылшо Анцәа бзиа дшыжәбо?

      1. Ишԥаҳалшо Иегова бзиа дшаҳбо аарԥшра?

      Иегова ҳанизыӡырҩуа, бзиа дшаҳбо ааҳарԥшуеит. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 5:3.) Иара аӡәгьы идицалаӡом изакәанқәа рыла анхара. Иара дасу алшара ииҭеит иҟаиҵаша ихала иӡбаларц. Избан Иегова ус зыҟаиҵо? Избанзар иара иҭахуп гәыкала ҳаизыӡырҩларц (Римаа 6:17). Иара ус иахәҭоуп ҳәа акәымкәа, бзиа дбаны ҳаизыӡырҩларц иҭахуп. Ари ашәҟәаҿы иҟоу 3-тәи, 4-тәи аҟәшақәа шәыцхраауеит Анцәа игәаԥхо аҟаҵареи игәы изырхьуа шәхы ацәыхьчареи.

      2. Избан Иегова бзиа дшаҳбо аарԥшра зны-зынла изымариам?

      Абиблиаҿы иануп: «Ауаҩ иаша игәаҟрақәа рацәоуп» (Аԥсалом 34:19). Ҳара зегьы аԥсыҽрақәеи агхақәеи ҳамоуп. Уи адагьы, аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәеи, аиашамреи, егьырҭ ауадаҩрақәеи ҳрықәшәар ауеит. Ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо, Иегова ииҳәо аҟаҵара мариамызшәа ҳбар алшоит, избанзар ииашам аҟаҵара еиҳа имариоуп. Аха Иегова ишәеиҳәо ҟашәҵалар, иара игәаанагара шәара шәзы зегь реиҳа ишхадоу аашәырԥшуеит. Убасала шәышизиашоу ишәырбалоит, иаргьы дшәызиашазаауеит. Иара ахаангьы шәаанижьӡом. (Шәаԥхьа Аԥсалом 4:3.)

      ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

      Еилышәкаа Иегова шәанизыӡырҩуа зигәаԥхо, уи дзаргәырӷьо, насгьы шәизиашаны аанхара ишәыцхраауа.

      3. Шәара ахара шәыдырҵеит

      Иов ишәҟәы аҟынтә еилаҳкаауеит Аҩсҭаа ахара здиҵаз Иов имацара шиакәым. Иара Иегова изыӡырҩлар зҭаху зегьы ахара рыдиҵеит. Шәаԥхьа Иов 1:1, 6—2:10, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Иарбан хароу Аҩсҭаа Иов идиҵаз? (Шәахәаԥш Иов 1:9—11.)

      • Ирхареиҵазеи Аҩсҭаа ауаа, шәаргьы уахь шәналаҵаны? (Шәахәаԥш Иов 2:4.)

      Шәаԥхьа Иов 27:5б, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Ишԥааирԥши Иов гәыкала Анцәа бзиа дшибоз?

      Аҩсҭаа Иегова ахара идиҵоит. Иара иҽеимкәа дрыхцәажәоит ашәрақәа злыҵыз Иови иахьа Иегова имаҵ зуа аиаҳәшьеи.

      Иов Иегова даанимыжьӡеит, дизиашаны даанхеит, уи ала иааирԥшит бзиа дшибоз

      Ҳаргьы Иегова ҳизиашаны ҳаанхалар, бзиа дшаҳбо ааҳарԥшуеит

      4. Иегова дшәыргәырӷьала

      Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 27:11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Иарбан цәаныррақәоу изцәырҵуа Иегова, ҟәыӷарала ҳхы анымҩаԥаҳго, насгьы ҳанизыӡырҩуа? Избан?

      5. Иегова шәизиашаны аанхара шәылшоит

      Иегова бзиа даҳбозар, иӡбахә егьырҭ ирзеиҭаҳҳәалоит. Ҳара ианҳзымариамгьы ус ҟаҳҵалоит, избанзар гәыкала Анцәа ҳизиашоуп. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Еснагь шәазхиаз шәхаҵара ахьчара» (5:09)

      • Ишәцәыцәгьоума Иегова иӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәара?

      • Ицхраазеи Греисон имаз ашәара аиааира?

      Иегова ҳизиашаны имаҵ ауреи бзиа ибареи ҳзымариахоит, иара бзиа иибо бзиа иаҳбозар, ицәымӷу ҳцәымӷзар. Шәаԥхьа Аԥсалом 97:10, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Иегова изкны еилышәкаахьоу инақәыршәаны, бзиа иибои иара? Ицәымӷузеи?

      • Ишәыцхраауазеи Анцәа ибзиоуп ҳәа ииԥхьаӡо бзиа абара, ицәгьоуп ҳәа ииԥхьаӡо ацәымӷра?

      6. Иегова изыӡырҩра ахәарҭа ҳзаанагоит

      Анцәа ииҳәо аҟаҵара еснагь зегьы иреиӷьуп. Шәаԥхьа Исаиа 48:17, 18, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Агәра жәгома шәара Иегова еснагь ҳара ҳзы еиҳа еиӷьу шидыруа? Избан?

      • Иарбан хәарҭоу ишәзаанагахьоу Абиблиеи Ҳазшаз Анцәа Иеговеи ирызкны еилышәкааз?

      ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Анцәа хьаас имаӡам сара сшынхо».

      • Иарбан жәеинраалоу ус зҳәо ауаҩы ишәырбарыз, Иегова ҳусқәа ддыргәырӷьар ма игәы идырхьыр шрылшо иеилшәыркаарц азы?

      ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

      Иегова бзиа дшаҳбо ааҳарԥшуеит, ҳанизыӡырҩуа, насгьы ианҳзымариамгьы гәыкала ҳизиашаны ҳанаанхо.

      Аиҭахысра

      • Ишәнарҵазеи Иов иҿырԥшы?

      • Иаашәырԥшыр шԥашәылшо Иегова бзиа дшыжәбо?

      • Ишәыцхраауазеи Иегова шәизиашаны аанхара?

      Ахықәкқәа

      ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

      Еилышәкаа Иеговеи, аишьцәеи, аиҳәшьцәеи шәрызиашазар шшәылшо.

      «Уара гәыкала иузыҟоу гәыкала урзыҟоуп» (16:49)

      Аҩсҭаа ауаа ирхареиҵаз атәы еиҳаны еилышәкаа.

      «Иов хранит непорочность» («Библия и её главная тема», ахәҭа 6)

      Шәахәаԥш ахәыҷқәаҵәҟьагьы Иегова бзиа дшырбо аадырԥшлар шрылшо.

      «Иегова дыргәырӷьала» (8:16)

      Ишԥарылшо аҿар, рықәлацәа шырҿагылоугьы, Иегова гәыкала бзиа дшырбо аадырԥшлар?

      «Уқәлацәа рықәыӷәӷәара уаҿагыл!» (4:00)

  • Иҳацхраауазеи ииашоу аӡбарақәа рыдкылара?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • Аурок 35. Ахаҵа аинтернет аҿы амашьынақәа рыҭира иазку алаҳәара дахәаԥшуеит, иԥҳәыси ихәыҷқәеи иааигәа итәоуп.

      АУРОК 35

      Иҳацхраауазеи ииашоу аӡбарақәа рыдкылара?

      Ҳара зегьы аӡбарақәа ҳадаҳкылоит. Урҭ рахьтә иҟоуп ҳаԥсҭазаареи Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәеи ирныԥшыр алшо аӡбарақәа. Иаҳҳәап, ҳара иҳаӡбароуп ҳахьынхалаша, аус ахьаҳаулаша, аҭаацәара ҳалалару-ҳаламлару. Ииашоу аӡбарақәа анҳадаҳкыло, насыԥ ҳауеит, Иеговагьы дҳаргәырӷьоит.

      1. Ишәыцхраар шԥалшо Абиблиа ииашоу аӡбарақәа рыдкылара?

      Ӡбарак шәыдышәкылаанӡа, ацхырааразы Иегова шәиҳәала, насгьы ишәыӡбарц ишәҭаху иазкны Абиблиа иаҳәо еилышәкаала. Убас шәара ишәыдышәкыларц ишәҭаху аӡбара аганахьала Иегова игәаанагара еилышәкаауеит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 2:3—6.) Зҵаарақәак рҿы Иегова иҟаҵатәуи иҟаҵатәыми еилыкка иҳәоит. Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаҿы зегьы иреиӷьуп иара ишиҳәо иҟаҳҵар.

      Аха иҟаҵатәузеи, ишәыӡбарц ишәҭаху аганахьала Абиблиаҿы акгьы анымзар? Иегова уеизгьы шәызлацаша амҩа шәирбар илшоит (Исаиа 48:17). Ишԥа? Апринципқәа рыла. Абиблиа иану апринципқәа — ари Анцәа игәаанагара ҳаилзыркаауа ихадоу аҵабыргқәа роуп. Лассы-лассы Анцәа зҵаарак дшазыҟоу аилкаара Абиблиаҿы иану цыԥҵәахак ҳацхраар алшоит. Иегова ҳаӡбарақәеи ҳхымҩаԥгашьеи дшырзыҟоу анеилаҳкаауа, еиҳа иаҳзымариахоит иара игәы иақәшәо аӡбарақәа рыдкылара.

      2. Ҳзызхәыцыр ҳахәҭоузеи, аӡбара ҳадаҳкылаанӡа?

      Абиблиаҿы иануп: «Аилкаара змоу ауаҩы ишьаҿақәа дрызхәыцуеит» (Ажәамаанақәа 14:15). Ус анакәха, аӡбара адкылара ҳахымыццаклароуп. Ӡбарак шәыдышәкылаанӡа, шәхы шәазҵаа: «Иарбан библиатә принципқәоу сҭагылазаашьа ианаало? Сгәы ҭынчзаауама, уи аӡбара сыдыскылар? Исыдыскыло аӡбара егьырҭ ирԥырхагахар алшома? Даргәырӷьома Иегова исыдыскыло аӡбара?» (Ҩынтәзакәан 32:29).

      Иегова азин имоуп абри иашоуп, абри иашаӡам ҳәа ҳаҳәара. Анцәа изакәанқәеи ипринципқәеи анеилаҳкаауа, насгьы урҭ ҳхы иаҳархәаларц анаҳаӡбо, ҳаламыс ҳааӡоит. Аламыс — ари ацәгьеи абзиеи закәу ҳаҵазҳәо ҩныҵҟатәи бжьуп (Римаа 2:14, 15). Ҳаламыс Абиблиа ала иҳааӡалар, уи ииашоу аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраалоит.

      ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

      Шәахәаԥш абиблиатә принципқәеи ҳаламыси аӡбарақәа рыдкылара иҳацхраар шрылшо.

      3. Абиблиатә принципқәа амҩа иаша удырбоит

      Ишԥаҳацхраауеи абиблиатә принципқәа ииашоу аӡбарақәа рыдкылара? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Абиблиатә принципқәа шәрықәныҟәала» (5:54)

      • Иарбан хақәиҭроу Иегова дасу иҳаиҭаз?

      • Изҳаиҭазеи Иегова уи аҩыза ахақәиҭра?

      • Иҳаиҭазеи иара, уи ахақәиҭра ииашаны ҳхы иаҳархәаларц азы?

      Ҳахәаԥшып библиатә принципк. Шәаԥхьа Ефесаа 5:15, 16. Анаҩс шәалацәажәа шәаамҭа еиҳа еиӷьны шәхы иашәырхәалар шшәылшо:

      • иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аԥхьаразы;

      • ахаҵа ироль ма аԥҳәыс лроль, аб ироль ма ан лроль, аԥа ироль ма аԥҳа лроль ибзианы анагӡаразы;

      • аизарақәа рҭааразы.

      4. Шәыламыс шәааӡала

      Абиблиаҿы иҟаҳҵаша еилыкка ианану, ииашоу аӡбара адкылара ҳзымариоуп. Аха иҟаҵатәузеи, уа шәҭагылазаашьа иақәшәо анапхгара анымзар? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Шәыламыс цқьаз» (5:13)

      • Иҟалҵазеи аиаҳәшьа, Иегова дзыргәырӷьо аӡбара адкылараҿы лыламыс лыцхраарц азы?

      Избан егьырҭ ҳара ҳзы аӡбарақәа рыдыркыларц ҳрыҳәалар зҳахәҭам? Шәаԥхьа Ауриацәа 5:14, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Егьырҭ ҳара ҳзы аӡбара рыдыркыларц ҳрыҳәалар, иаҳзымҵои ахаан?

      • Ишәыцхраар алшозеи шәыламыс ааӡареи ииашоу аӡбарақәа рыдкылареи?

      Ауаҩы амашьына дақәтәаны даауеит. Иаԥхьа иқәгылоу GPS-анавигатор дахьцаша амҩа инарбоит.

      Ҳаламыс, анавигатор еиԥш, ҳаԥсҭазаараҿы амҩа иаша ҳнарбоит

      5. Егьырҭ рыламыс пату ақәышәҵала

      Ауаа зегь еиԥшӡам, убри аҟынтә ирыдыркыло аӡбарақәагьы еиԥшӡам. Ишԥашәылшо егьырҭ рыламыс пату ақәҵара? Шәрыхәаԥш ҩ-ҭагылазаашьак.

      Актәи аҭагылазаашьа. Аҽшәра бзиа избо аиаҳәшьа уи бзиа изымбо аиҳәшьцәа ахьырацәоу аизарахь диасуеит.

      Шәаԥхьа Римаа 15:1, насгьы 1 Коринфаа 10:23, 24, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Иарбан ӡбароу илыдылкылар лылшо аиаҳәшьа, арҭ ажәеинраалақәа инарықәыршәаны? Шәхы шԥамҩаԥыжәго, аӡәы иламыс иаҵанамкуа шәара шәыламыс иаҵанакуазар?

      Аҩбатәи аҭагылазаашьа. Аиашьа идыруеит Абиблиа азин шинаҭо иахмырҟьацәакәа арыжәтә ажәра. Аха иара ихазы иӡбоит арыжәтә зынӡа имжәларц. Иҩызцәа ааԥхьара ирҭоит иааидтәаларц. Уа иара ибоит егьырҭ аишьцәа арыжәтә шыржәуа.

      Шәаԥхьа Екклезиаст 7:16, насгьы Римаа 14:1, 10, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Иарбан ӡбароу аиашьа идикылар илшо, арҭ ажәеинраалақәа инарықәыршәаны? Шәхы шԥамҩаԥыжәго, аӡәы шәыламыс иаҵанамкуа ак ҟаиҵозар?

      Ииашоу аӡбара адкылара иуцхраауа

      Аԥҳәыс Анцәа диҳәоит.

      1. Иегова шәиҳәа, ииашоу аӡбара адкылара дшәыцхраарц азы (Иаков 1:5).

      Уи аԥҳәыс аҭҵаара мҩаԥылгоит, Абиблиеи, уи шьаҭас измоу апубликациқәеи, акомпиутери лхы иархәаны.

      2. Ишәыԥшаа Абиблиаҿы, насгьы уи шьаҭас измоу апубликациақәа рҿы шәҭагылазаашьа ианаало апринципқәа. Иара убас аԥышәа змоу ақьырсианцәа шәрыдҵаалар шәылшоит.

      Лара дзыԥхьаз дазхәыцуеит.

      3. Алҵшәақәа шәрызхәыц: ишԥаныԥшуеи ишәыдышәкылаз аӡбара шәыламыси егьырҭ рыламыси?

      ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Иуҭаху аҟаҵара азин умоуп. Егьырҭ ргәы иаанаго хьаас изыҟаҵатәуи?»

      • Избан Анцәеи ауааи ргәаанагара ҳазхәыцлар зҳахәҭоу?

      ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

      Ииашоу аӡбара ҳадаҳкыларц азы, Иегова игәаанагара еилаҳкаалароуп, насгьы ҳхымҩаԥгашьа егьырҭ ирԥырхагахоу-ирыцхраауоу ҳазхәыцроуп.

      Аиҭахысра

      • Ишԥаҳалшо Иегова игәы иахәо аӡбарақәа рыдкылара?

      • Ишԥааӡалатәу ҳаламыс?

      • Ишԥашәылшо егьырҭ рыламыс пату шақәышәҵо аарԥшра?

      Ахықәкқәа

      ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

      Ишԥашәылшо Иеговеи шәареи шәеиҩызара зырӷәӷәо аӡбарақәа рыдкылара?

      «Принимайте решения, которые прославляли бы Бога» («Ахьчаратә бааш», апрель 15, 2011, аурыс)

      Еилышәкаа Иегова ҳаԥсҭазаараҿы ҳшымҩақәиҵо.

      «Иегова имаҵзуҩцәа мҩақәиҵоит» (9:52)

      Еилышәкаа рԥыск имариамыз аӡбара адкылара ицхрааз.

      «Иегова иоуп ҳзықәгәыӷыр ҳалшо» (5:51)

      Еилышәкаа Абиблиаҿы иҟашәҵаша еилыкка иананым, Иегова дзыргәырӷьо аӡбара адкылара шшәылшо.

      «Нужен ли тебе каждый раз конкретный библейский закон?» («Ахьчаратә бааш», декабр 1, 2003, аурыс)

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра