Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Иегова ҳмаҵзура анагӡара дышҳацхраауа
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022 | ноиабр
    • 4. Игәы зырҭынчзеи, насгьы амч изҭазеи Иезекииль?

      4 Ишԥарыдыркылеи израильаа реиҳараҩык Иезекииль ииҳәоз ажәабжь? Иегова заа иҳәеит: «Израильтәи ажәлар узыӡырҩра рҭаххаӡом, избанзар урҭ сара сзыӡырҩра рҭахӡам» (Иез. 3:7). Ажәлар Иезекииль дахьрыдрымкылаз Иегова дшырҭахымыз аанарԥшуан. Анцәа иажәақәа Иезекииль агәра идыргеит, ауриацәа иара изыӡырҩра рҭахымзаргьы, уи аԥааимбарра илымҵӡеит ҳәа шаанамго. Уи адагьы, Иегова Иезекииль иеиҳәеит, ииҳәахьаз аԥааимбаражәа анынаӡалак, ауаа «рыбжьара аԥааимбар дшыҟаз рдыруазаалоит» ҳәа (Иез. 2:5; 33:33). Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит, Анцәа иажәақәа Иезекииль игәы шдырҭынчыз, насгьы имаҵзура анагӡаразы амч ширҭаз.

  • Иегова ҳмаҵзура анагӡара дышҳацхраауа
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022 | ноиабр
    • 8, 9. а) Иоузеи Иезекииль Иегова идҵа абзоурала? б) Дышԥаирӷәӷәоз Иегова Иезекииль, уи имариамыз аҭагылазаашьаҿы ажәабжь аҳәара илшарц азы?

      8 Иегова Иезекииль иеиҳәеит: «Ауаҩытәыҩса иԥа, угыл! Сара суацәажәалоит». Ари адҵеи иԥшьоу адоуҳаи аԥааимбар дгыларц азы амч инаҭеит. Иара иҩит: «Анцәа... идоуҳа соуит, уи сшьапы сықәнаргылеит» (Иез. 2:1, 2). Уи ашьҭахьгьы иԥшьоу Анцәа идоуҳа имаҵзура анагӡара ицхраауан (Иез. 3:22; 8:1; 33:22; 37:1; 40:1). Анцәа идоуҳа аԥааимбар амч инаҭон идыз адҵа анагӡаразы: «зылахь кьакьоу, зҳәатәы иазырго» ауаа ажәабжь рзеиҭаҳәара (Иез. 3:7). Иегова Иезекииль иеиҳәеит: «Уара улахь ашьанҵа аасҭа икьакьаны, алмаз еиԥш иҟасҵоит. Урҭ урцәымшәан, рхаҿсахьагьы уацәымшәан» (Иез. 3:8, 9). Уи Иегова абас иеиҳәазар иаҩызан: «Ауаа рҳәатәы аргара иахьашьҭо азы угәы каумыжьын. Сара усырӷәӷәоит».

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра