-
Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәаАхьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016 | ииун
-
-
Раԥхьа Иезекииль ибеит 607 шықәсазы ҳ. ҟ. Иерусалим еилабгаанӡа ихьаҵыз ауаа иҟарҵоз аус хәымгақәа. Анаҩс ибеит аиларбгаразы абџьар зкыз фҩык ауаа. Урҭ дрыцын «ақәны иалхыз амаҭәа зшәыз», «ачернилаҭра зыҟәныз ауаҩы» (Иез. [Иез.] 8:6—12; 9:2, 3). Иара Иерусалим далсны «ирбоз ахәымгарақәа ирыхҟьаны иқьуаз, игәаҟуаз ауаа рылахь адырга» аниҵар акәын. Анаҩс абџьар зкыз фҩык ауаа зылахь адырга анымыз ауаа ршьырц раҳәан (Иез. [Иез.] 9:4—7). Иаҳнарҵозеи ари абара, насгьы иааирԥшуада аписар ичернилаҭра зыҟәну ауаҩы?
Ари аԥааимбаражәатә бара Иезекииль 612 шықәса ҳ. ҟ. иҭан. Раԥхьаӡа ари аԥааимбаражәа наӡеит хәышықәса рышьҭахь. Усҟан вавилонтәи ар Иерусалим хдырбгалеит. Иерусалим хзырбгалаз амурҭаҭцәа вавилонаа шракәызгьы, урҭ Иегова иӡбара нарыгӡон (Иер. [Иер.] 25:9, 15—18). Иара урҭ ихы иаирхәеит ицәхьаҵыз ижәлар ахьирхәырц азы. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи азиашара аазырԥшуаз ирызкны? Иегова урҭ рахь абзиабара ааирԥшит. Иара ақалақь аҿы иҟарҵоз аус хәымгақәа ирзыразымыз аиудеиаа рыԥсы еиқәхартә иҟаиҵеит.
Иезекииль ихаҭа ауаа рылахь адырга аниҵомызт, насгьы Иерусалим ақәхра далахәымызт. Иегова иӡбара анагӡара амаалықьцәа напхгара арҭалар акәын. Ари аԥааимбаражәа ажәҩан аҿы иҟаз ҳхаҿы аагара иҳацхраауеит. Иегова имаалықьцәа амцқьацәа рықәхра напхгара азура адагьы, аиқәхара зауа ауаа иашақәа ралхра рыдиҵеитa.
-
-
Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәаАхьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016 | ииун
-
-
Уаанӡа ҳпубликациақәа рҿы иҳаилыркаан ари аԥааимбаражәа ҳаамҭазтәи анагӡараҿы аписар ичернилаҭра зыҟәну ауаҩы Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа рҟынтә адгьыл аҿы иаанхаз шааирԥшуа. Ажәабжь бзиа здызкыло адырга роуеит, насгьы иааиуа арыцҳара ду иацәынхоит ҳәа иԥхьаӡан. Аха ааигәа ари аилкаара ариашара шаҭаху еилкаахеит. Матфеи 25:31—33 иану инақәыршәаны Иисус иоуп ауаа рықәыӡбара зду. Иара арыцҳара ду аан аҵыхәтәантәи аӡбара идикылоит. Усҟан ауасақәа ҳәа иԥхьаӡахо еиқәхоит, аџьмақәа ҳәа иԥхьаӡахо ҭахоит.
-
-
Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәаАхьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016 | ииун
-
-
Иезекииль иаамҭазы еиԥш, иахьа аӡәгьы илахь адыргаҵәҟьа анӡам. Ишԥарылшо ауаа аиқәхаразы исимволтәу адырга роур? Дара ирыхәҭоуп ажәабжь бзиа адкылара, уаҩ ҿыцны аҟалара, Иегова иҽизкра, насгьы азиашара аарԥшуа Христос иашьцәа рыцхраара (Матф. 25:35—40). Ус ҟазҵо иааиуа агәырҩа ду аан аиқәырхаразы адырга роуеит.
Ҳаамҭазы аписар ичернилаҭра зыҟәну ауаҩы ажәҩан аҿы иҟоу Иисус Христос дааирԥшуеит. Уи еиқәырхахо ауаа рылахь адырга аниҵоит. Ҵҩа змам ажәлар ари адырга роуеит арыцҳара ду аан уасақәоуп ҳәа ианыԥхьаӡахо. Усҟан дара џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡа анхара алшара роуеит (Матф. 25:34, 46)b.
-
-
Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәаАхьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016 | ииун
-
-
a Иеремиа иписар Варух, аефиоп Авдемелех, насгьы арехавитцәа реиԥш иҟаз ауаа рылахь адыргаҵәҟьа шанымызгьы, урҭ еиқәырхан (Иер. [Иер.] 35:1—19; 39:15—18; 45:1—5). Дара асимволтә дырга роуит, уи абзоурала еиқәхеит.
-