Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Даниил шәиҿыԥшла
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023 | август
    • 6. Ицхраауази Даниил агәымшәара аарԥшра?

      6 Ицхраауази Даниил еснагь агәымшәара аарԥшра? Дхәыҷаахыс иара иани иаби рҿырԥш бзиа ибон. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп, дара Иегова израильтәи аҭаацәа ириҭаз амҩақәҵара иазыӡырҩны, рԥа Анцәа изакәан шидырҵоз (Ҩынтә. 6:6—9). Ҳәара аҭахума Даниил жәа-ԥҟарак рыдагьы азакәан акәамаҵамарақәагьы бзианы идыруан. Иаҳҳәап, иара идыруан израильаа ирфалар рылшоз, насгьы зыфара азин рымамыз (Алев. 11:4—8; Дан. 1:8, 11—13)b. Уи адагьы Даниил Анцәа ижәлар рҭоурых бзианы идыруан, иара ибон ажәлар Иегова иахьизымӡырҩуаз иахьнанагаз (Дан. 9:10, 11). Даниил иԥсҭазаараҿы дзықәшәоз ахҭысқәа агәра идыргеит Иеговеи амч ду змоу амаалықьцәеи иҟалалакгьы ишицхраало (Дан. 2:19—24; 10:12, 18, 19).

  • Даниил шәиҿыԥшла
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023 | август
    • b Даниил вавилонтәи афатә цқьаӡам ҳәа зиԥхьаӡоз х-мзызк ааҳгар ауеит: 1) уи закәанла зыфара ҟамлоз аԥстәқәа ркәац акәзар ауан (Ҩынтә. 14:7, 8); 2) иршьыз аԥстәы аҟынтә ишахәҭаз еиԥш ашьа аурмышьҭзар алшон (Алев. 17:10—12); 3) уи афатә афара амцнцәахәы имҵахырхәара иахәҭакны иԥхьаӡазар ауан (Алевит 7:15 иаҿшәырԥш 1 Коринфаа рахь 10:18, 21, 22).

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра