-
«Аҩадатәи аҳ» аҵыхәтәантәи амшқәа рзыАхьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020 | маи
-
-
10. Ишԥанаӡеи Даниил 11:25б, 26 иану аԥааимбаражәа?
10 Даниил иара убасгьы иҳәеит Германиатәи аимпериа, насгьы уи еизнагаз ар ирзыԥшыз. Аԥааимбаражәаҿы иҳәан аҩадатәи аҳ «аиааира изгаӡом» ҳәа. Избан? «Избанзар ацәгьа изырурц ргәы иҭаркуеит. Ичеиџьыка зфо дҭадырхоит» (Дан. 11:25б, 26а). Даниил ихаан аҳ ичеиџьыка зфоз рахь иаҵанакуан аҳ имаҵ зуаз изааигәаз ауаа (Дан. 1:5). Зыӡбахә ҳәада ари аԥааимбаражәаҿы? Германиатәи аимпериаҿы аҭыԥ ду аанызкылоз ауаа, иаҳҳәап, аинралцәа, насгьы аимператор илабжьаҩцәа. Урҭ ирыхҟьаны аҳ имаз амчра ицәыӡит, насгьы Германиа иҿыцыз анапхгаратә форма цәырҵитd. Аԥааимбаражәаҿы иара убасгьы иҳәан аладатәи аҳи аҩадатәи аҳи реибашьра аҵыхәтәа зеиԥшрахоз. Абар аҩадатәи аҳ изкны уи иаҳәо: «Ируаа аӡы иагоит, аӡәырҩгьы ҭахоит» (Дан. 11:26б). Аԥааимбаражәаҿы ишҳәаз еиԥш, Актәи адунеизегьтәи аибашьраҿы Германиатәи ар «аӡы иагеит», аӡәырҩгьы ҭахеит. Ари аҩыза ашьаарҵәыратә еибашьра адунеи аҿы иҟамлаӡацызт.
-
-
«Аҩадатәи аҳ» аҵыхәтәантәи амшқәа рзыАхьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020 | маи
-
-
e Даниил 11:34 иану инақәыршәаны аҩадатәи аҳ аамҭа кьаҿк азы Анцәа ижәлар рышьҭашәарыцара даҟәыҵит. Уи аԥааимбаражәа наӡеит 1991 шықәсазы СССР анхыбгала.
-