-
«Аҩадатәи аҳ» аҵыхәтәантәи амшқәа рзыАхьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020 | маи
-
-
13. Ихы шԥамҩаԥигоз аҩадатәи аҳ 1930 шықәса инаркны, насгьы Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аан?
13 Анаҩс, 1930-тәи ашықәсқәа рзы, еиҳарак Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аан, аҩадатәи аҳ Анцәа ижәлар гәымбылџьбарала дрызныҟәон. Германиа анацистцәа рнапаҵаҟа ианыҟаз Гитлер идгылази иареи Анцәа ижәлар рус иаҿагылеит. Дара 1 500-ҩык раҟара Анцәа имаҵзуҩцәа ршьит, насгьы зықьҩыла аконцлагерқәа рахь ирышьҭит. Убас ала Даниил иԥааимбаражәа наӡеит. Аҩадатәи аҳ Анцәа ижәлар ажәабжь аҳәара азин рымихит, убас ала аԥшьаныҳәарҭа иҟьашьит, есыҽнытәи амҭанагарақәагьы аҟәихит (Дан. 11:30б, 31а). Уи инеиҳангьы, Гитлер Германиа инхо Анцәа ижәлар ықәызгоит ҳәагьы дқәит.
-
-
«Аҩадатәи аҳ» аҵыхәтәантәи амшқәа рзыАхьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020 | маи
-
-
ҨЫЏЬА АӶАЦӘА ЕИДГЫЛОИТ
17. Изакәызеи «ақәӡаара аазго ахәымгара»?
17 Аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи уск еицынарыгӡарц азы рҽеидыркылеит — дара «ақәӡаара аазго ахәымгара» дыргылеит (Дан. 11:31). Уи ООН ауп.
18. Избан ООН «ахәымгара» ҳәа зазҳәоу?
18 Аԥааимбаражәаҿы ООН «ахәымгара» ҳәа азҳәоуп, избанзар иара адунеи зегь аҿы аҭынчра ҟанаҵоит ҳәа аҳәоит, аха уи зылшо Анцәа Иаҳра заҵәык ауп. Иара убас уи ақәӡаара аанагоит ҳәа ҳәоуп, избанзар ООН амцдинхаҵарақәа зегьы ықәнагоит. (Шәахәаԥш асхема «Еицлабуа аҳцәа аҵыхәтәантәи амшқәа рзы».)
-