Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Изакәызеи Анцәа Иаҳра?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • Абиблиа ихадоу темас иамоу Анцәа Иаҳра ауп. Иегова Иаҳра ихы иархәаны, адгьыл зегь џьанаҭны иҟаиҵоит. Изакәызеи Анцәа Иаҳра? Иабантәиҳдыруеи Анцәа Иаҳра напхгара аура ишалагахьоу? Иҟанаҵахьозеи Анцәа Иаҳра? Иҟанаҵараны иҟоузеи уи ҳаԥхьаҟа? Арҭ азҵаарақәа рҭак ари ауроки анаҩстәи ҩ-урокки рҿы ишәоуеит.

      1. Изакәызеи Анцәа Иаҳра, насгьы Аҳас иамада уи?

      Аҳра — ари Анцәа Иегова ишьақәиргылаз напхгароуп. Уи Аҳра Аҳас дамоуп Иисус Христос. Иара ажәҩан аҟынтә напхгара иуеит (Матфеи 4:17; Иоанн 18:36). Абиблиаҿы иҳәоуп иара наӡаӡа напхгара шиуло (Лука 1:32, 33). Анцәа Иаҳра Аҳас иамоу Иисус Христос адгьыл иқәынхо зегь напхгара рзиулоит.

      2. Напхгара ицзулода Иисус?

      Иисус имацара иакәӡам напхгара зуло. Иара напхгара ицрулоит «биԥарас, милаҭс, жәларыс, бызшәас иҟоу зегь рҟынтә ауаа» (Аатра 5:9, 10). Шаҟаҩы напхгара ицрулода? Иисус адгьыл аҿы данынхоз аахижьҭеи миллионҩыла ауаа қьырсианцәахеит. Аха урҭ рахьтә 144 000-ҩык роуп ажәҩан ахь ицо, Иисус напхгара ицруларц азы. (Шәаԥхьа Аатра 14:1—4.) Егьырҭ ақьырсианцәа зегь Анцәа Иаҳра анапхгара аҵаҟа адгьыл аҿы инхалоит (Аԥсалом 37:29).

      3. Излареиӷьузеи Анцәа Иаҳра ауаа ишьақәдыргылаз анапхгарақәа?

      Иахьа аҳәынҭқарцәа бзиарак ҟаҳҵап ҳәа ргәы иҭаркыргьы, аҵыхәтәанынӡа уи анагӡара рылшаӡом. Аамҭак ашьҭахь напхгаҩык иҭыԥ аҿы зхы мацара иазхәыцуа, ауаа хьаас измам даҽа напхгаҩык дааиуеит. Аха Анцәа Иаҳра напхгаҩыс иамоу Иисус иакәзар, иара еснагь аҳра иулоит, ахаангьы иҭыԥ аҿы даҽаӡә дааиӡом. Анцәа ишьақәиргылеит ахаан аӡәгьы иқәимго Аҳра (Даниил 2:44). Иисус адгьыл зегь напхгара азиулоит. Иара ауаа еилихлаӡом, шьоукы иалкааны ибалаӡом. Иисус абзиабареи, ақьиареи, аиашареи илоуп, ауаагьы идирҵоит убас еизыҟазарц — бзиа еибабаларц, ақьиара аадырԥшларц, ииашаны егьырҭ ирызныҟәаларц. (Шәаԥхьа Исаиа 11:9.)

      ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

      Шәрыхәаԥш Анцәа Иаҳра ауаа ишьақәдыргылаз анапхгарақәа раасҭа ишеиӷьу ҳзырбо ашьақәырӷәӷәарақәа.

      Иисус Христос жәҩантәи итәарҭа аҟынтә адгьыл зегь напхгара азиуеит. Ишьҭахь иҟоу атәарҭақәа рҿы напхгара ицызуа тәоуп. Урҭ зегьы Иегова иҟынтә иаауа алашара ашәахәақәа рхаԥхоит.

      4. Адгьыл напхгара азнаулоит амч ду змоу Аҳра

      Иисус Христос имоу амчра аҩыза змаз напхгаҩык адгьыл аҿы ахаан дыҟамызт. Шәаԥхьа Матфеи 28:18, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Дызлареиԥшымзеи Иисус Христос егьырҭ анапхгаҩцәа?

      Ауаа рнапхгаҩцәа еснагь ирыԥсахуеит, насгьы урҭ анапхгаҩцәа дара рҳәынҭқарраҿы ауп напхгара ахьыруа. Аха иахаҳҳәаар ҳалшозеи Анцәа Иаҳра? Шәаԥхьа Даниил 7:14, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Избан изыбзиоу Анцәа Иаҳра ахаан иахьықәымгахо?

      • Избан уи адгьыл зегь напхгара ахьазнауло зыбзиоу?

      5. Ауаа рнапхгарақәа ԥсахтәуп

      Избан ауаа рнапхгарақәа рҭыԥан Анцәа Иаҳра зыҟало? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Изакәызеи Анцәа Иаҳра?» (ацыԥҵәаха) (1:41)

      • Лҵшәас иаанагазеи ауаа рнапхгара?

      Шәаԥхьа Екклезиаст 8:9, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Шәгәы ишԥаанаго, ауаа рнапхгарақәа Анцәа Иаҳрала иԥсахтәума? Избан ус шәгәы изаанаго?

      6. Анцәа Иаҳраҿы ҳаилызкаауа анапхгаҩцәа ҟалоит

      Ҳаҳ Иисус ихаҭагьы дуаҩны дыҟан, убри аҟынтә ҳаԥсыҽрақәа ибзианы еиликаауеит (Ауриацәа 4:15). Иисус напхгара ицзуло 144 000-ҩык гәыкала Анцәа имаҵ зуа ахацәеи аҳәсеи — «биԥарас, милаҭс, жәларыс, бызшәас иҟоу зегь рҟынтә» Иегова ихаҭа иалихыз ауаа роуп (Аатра 5:9).

      • Иисус напхгара ицзулои иареи уаҩны аҟазаара закәу ибзианы ирдыруеит. Шәгәы шьҭнахуама уи? Избан?

      Милаҭла еиԥшым, насгьы еиуеиԥшым аамҭақәа раан инхоз иԥшьоу адоуҳала иалху ахацәеи аҳәсеи.

      Иисус напхгара ицруларц азы Иегова еиуеиԥшым амилаҭқәа рҟынтә ахацәеи аҳәсеи алихит

      7. Анцәа Иаҳра азакәанқәа ауаа рзакәанқәа раасҭа акырӡа еиӷьуп

      Анапхгаҩцәа рыуаажәлар зыхьчо азакәанқәа ҭрыжьуеит. Анцәа Иаҳрагьы азакәанқәа амоуп. Уи анапхгара аҵаҟа инхало ауаа урҭ азакәанқәа ирықәныҟәалар ауп. Шәаԥхьа 1 Коринфаа 6:9—11, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Изеиԥшрахози адунеи, ауаа зегьы Анцәа иԥҟарақәа ирықәныҟәозҭгьы?a

      • Шәгәы ишԥаанаго, имоума Иегова азин Аҳра анапхгара аҵаҟа инхало ауаа изакәанқәа рыхә ршьалоит ҳәа азыԥшра? Избан ус шәгәы изаанаго?

      • Иаҳзырбозеи Анцәа изакәанқәа рыла инымхо ауаа рҽырыԥсахыр шрылшо? (Шәахәаԥш ажәеинраала 11.)

      Аполициа аусзуҩы амҩеихдаҿы амашьынақәа ааникылоит. Қәрала еиԥшым ауаа амҩа еихырҵәоит.

      Аҳәынҭқарцәа рыуаажәлар зыхьчо азакәанқәа ҭрыжьуеит. Анцәа Иаҳра азакәанқәа ауаа рзакәанқәа раасҭа акырӡа еиӷьуп

      АӠӘЫ ДШӘАЗҴААР ИЛШОИТ: «Изакәызеи Анцәа Иаҳра?»

      • Аҭак шԥаҟашәҵарыз?

      ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

      Анцәа Иаҳра — ажәҩан аҿы иҟоу напхгароуп. Уи адгьыл зегь напхгара азнаулоит.

      Аиҭахысра

      • Напхгара зулода Анцәа Иаҳраҿы?

      • Избан Анцәа Иаҳра ауаа рнапхгарақәа раасҭа изеиӷьу?

      • Дыззыԥшузеи Иегова Иаҳра анапхгара аҵаҟа инхало ауаа рҟынтә?

      Ахықәкқәа

      ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

      Иазгәашәҭ Иисус Аҳра ахьыҟоу иазкны ииҳәоз.

      «Находится ли Царство Бога в сердце человека?» (авеб-статиа)

      Избан Иегова ишаҳаҭцәа ауаа рнапхгара акәымкәа, Анцәа Иаҳра анапхгара изадгыло?

      «Анцәа Иаҳра ҳазиашоуп» (1:44)

      Еилышәкаа Иисус напхгара ицруларц азы Иегова иалихыз ауаа ирызкны Абиблиаҿы иану.

      «Кто идёт на небо?» (авеб-статиа)

      Ишԥеилылкааи ԥҳәыск абахҭа дахьҭакыз, Анцәа заҵәык шиакәу адгьыл аҿы аиашара шьақәзыргылар зылшо?

      «Я узнала, что справедливость восторжествует» («Пробудитесь!», ноиабр 2011)

      a Анцәа иԥҟарақәа ирызкны 3-тәи аҟәшаҿы еиҳа инарҭбааны иануп.

  • Анцәа Иаҳра иҟанаҵо
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • Анцәа Иаҳра напхгара аура иалагахьеит. Иаарласны уи адгьыл аҿы аԥсахра дуқәа ҟанаҵоит. Шәааи Анцәа Иаҳра иҟанаҵараны иҟоу еилаҳкаап.

      1. Ишԥашьақәнаргыло Анцәа Иаҳра адгьыл аҿы аҭынчреи аиашареи?

      Анцәа Иаҳра Аҳас иамоу Иисус ауаа цәгьақәеи ауаа рнапхгарақәеи Армагеддон аибашьраҿы иқәихуеит (Аатра 16:14, 16). Усҟан аҵыхәтәанынӡа инаӡоит Абиблиа иану абарҭ ажәақәа: «Маҷк ауп иаанхаз, нас ацәгьаҟаҵаҩ дықәӡаауеит» (Аԥсалом 37:10). Иисус Аҳра ацхыраарала адгьыл аҿы аҭынчреи аиашареи шьақәиргылоит. (Шәаԥхьа Исаиа 11:4.)

      2. Изеиԥшрахозеи адгьыл аҿы аԥсҭазаара, Анцәа игәҭакы анынаӡалак?

      Анцәа Иаҳра анапхгара аҵаҟа «ауаа иашақәа адгьыл рҭынхоит, иагьынхалоит уа наӡаӡа» (Аԥсалом 37:29). Шәазхәыц ауаа бзиақәа, ауаа қьиақәа ахьынхало, зегьы Иегова бзиа дахьырбало, насгьы аӡәи-аӡәи бзиа иахьеибабало адунеи аҿы аԥсҭазаара зеиԥшрахо! Аӡәгьы дычмазаҩхалаӡом, зегьы наӡаӡа инхалоит.

      3. Иҟанаҵозеи Анцәа Иаҳра, ауаа цәгьақәа анықәнахлак ашьҭахь?

      Иисус ауаа цәгьақәа анықәихлак ашьҭахь, даҽа зқьышықәса Аҳас дыҟазаауеит. Уи аамҭазы 144 000-ҩыки иареи аҳра еицырулоит, насгьы ауаа наӡаны иҟаларц ирыцхраауеит, иара убас агәнаҳа иаанагаз агәаҟрақәа ықәыргоит. Зқьышықәса анхыркәшахо аамҭазы, адгьыл зегь абаҳча еиԥш, ишәҭыкакаҷха, иџьанаҭны иҟалоит. Ауаа зегь насыԥ рымазаауеит, избанзар Иегова изакәанқәа рыла инхалоит. Усҟан Иисус Аҳра Иаб Иегова изирхынҳәуеит. Адунеи иқәынхало зегьы Иегова ихьӡ ҳаҭыр ду ақәырҵалоит! (Матфеи 6:9, 10). Уи зегь ишьақәнарӷәӷәоит Иегова зегь иреиӷьу анапхгаҩ шиакәу, насгьы иара ишамҭақәа дшырхылаԥшуа. Анаҩс Иегова Аҩсҭааи, адемонцәеи, урҭ рган аанызкыло ауааи ықәихуеит (Аатра 20:7—10). Анцәа Иаҳра абзоурала адгьыл аҿы наунагӡа аԥсҭазаара бзиа ҟалоит!

      ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

      Шәрыхәаԥш Анцәа ҳзықәиргәыӷыз зегь Иаҳра ихы иархәаны ишынаигӡо ҳзырбо ашьақәырӷәӷәарақәа.

      4. Анцәа Иаҳра ауаа рнапхгарақәа рҵыхәтәа ԥнаҵәоит

      Абиблиаҿы иануп «ауаҩы ауаҩы напхгара анииҭо, ажәлар гәаҟуеит» ҳәа (Екклезиаст 8:9). Иегова Иаҳра ацхыраарала ауаа ирцәыӡыз ирхынҳәуеит, насгьы аиашара шьақәиргылоит.

      Шәаԥхьа Даниил 2:44, насгьы 2 Фессалоникаа 1:6—8, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Ирзыруазеи Иеговеи Иисуси ауаа рнапхгарақәеи урҭ анапхгарақәа ирыдгылои?

      • Агәра шԥашәнарго Иеговеи Иисуси ирызкны еилышәкаахьоу иҟарҵо зегь иашарыла ишыҟарҵало?

      Жәҩантәи Аҳ Иисус џьанаҭ дгьыл напхгара азиуеит.

      5. Иисус — зегь иреиӷьу напхгаҩуп

      Анцәа Иаҳра Аҳас иамоу Иисус адгьыл аҿы инхало ауаа ирыхәаша ауп иҟаиҵало. Ари АВИДЕОНҴАМҬА аҟынтә шәара еилышәкаауеит, Иисус гәыкала ауаа дрыцхраарц шиҭаху, насгьы уи аҟаҵара шилшо.

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Иисус иаҳирбеит Анцәа Иаҳра иҟанаҵо» (1:13)

      Иисус адгьыл аҿы даныҟаз иҟаиҵоз аџьашьахәқәа рыла Анцәа Иаҳра Аҳас даныҟало иҟаиҵараны иҟоу ҳирбеит. Шәыззыԥшузеи шәара еиҳараӡак ҵаҟа еиқәыԥхьаӡоу аҟынтә? Шәрыԥхьа ара иаагоу абиблиатә жәеинраалақәа зегьы.

      АДГЬЫЛ АҾЫ ИИСУС:

      АЖӘҨАН АҞЫНТӘ ИИСУС:

      • аԥсабаратә мчқәа инапаҿы иҟан (Марк 4:36—41);

      • аекологиатә уадаҩрақәа иӡбоит (Исаиа 35:1, 2);

      • зықьҩыла ауаа џьашьахәыла акрырҿеиҵон (Матфеи 14:17—21);

      • адунеи аҿы иҟоу амлакра ааникылоит (Аԥсалом 72:16);

      • ачымазцәа ихәышәтәуан (Лука 18:35—43);

      • ауаа зегьы агәабзиара наӡа риҭоит (Исаиа 33:24);

      • иԥсыз рыԥсы ҭеиҵон (Лука 8:49—55).

      • аԥсра ықәигоит, насгьы уи иаанагаз аԥхасҭа зегь ириашоит (Аатра 21:3, 4).

      6. Анцәа Иаҳра ауаа аԥсҭазаара бзиа рнаҭоит

      Анцәа Иаҳра Иегова аханатә аахыс ауаа рзы ииҭахыз аԥсҭазаара рнаҭоит. Урҭ наӡаӡа џьанаҭ дгьыл аҿы инхалоит. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, насгьы еилышәкаа, Иегова Иисус ила игәы иҭеикыз зегь шынаигӡо.

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Аԥеиԥш бзиа ҳзыԥшуп!» (4:38)

      Шәаԥхьа Аԥсалом 145:16, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырнаго Иегова «зыԥсы ҭоу зегьы ргәазыҳәарақәа» ахьынаигӡо?

      ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Ауаа зегь еидгылар, адунеи аҿы иҟоу ауадаҩрақәа зегь рыӡбар рылшоит».

      • Иарбан уадаҩрақәоу ауаа рнапхгарақәа ахаан ирзымыӡбо, насгьы избан уи зылшо Анцәа Иаҳра заҵәык закәу?

      ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

      Анцәа Иаҳра иамоу ахықәкы нанагӡоит. Уи анапхгара аҵаҟа адгьыл зегь џьанаҭхоит. Уа наӡаӡа Иегова имаҵ зулар зҭаху ауаа бзиақәа роуп инхало.

      Аиҭахысра

      • Иҟанаҵозеи Анцәа Иаҳра, Иегова ихьӡ зегьы ҳаҭыр ду ақәырҵаларц азы?

      • Избан Анцәа Иаҳра Абиблиа ҳзықәнаргәыӷуа шынанагӡо агәра заҳго?

      • Шәыззыԥшузеи шәара еиҳараӡак Абиблиа ҳзықәнаргәыӷуа аҟынтә?

      Ахықәкқәа

      ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

      Еилышәкаа Армагеддон закәу.

      «Что такое битва Армагеддон?» (авеб-статиа)

      Еилышәкаа Христос зыӡбахә иҳәоз «арыцҳара ду» аан иҟало (Матфеи 24:21).

      «Изакәызеи арыцҳара ду?» (авеб-статиа)

      Шәахәаԥш хәыҷи-дуи џьанаҭ дгьыл аҿы иҟоушәа рхаҿы иааргалар шрылшо.

      «Џьанаҭ аҿы уҟоушәа ухаҿы иаагала» (1:50)

      Астатиа «Меня беспокоило много вопросов» аҟынтә шәара еилышәкаауеит аполитика иалахәыз ацәгьаҟаҵаҩ Абиблиа аԥхьара даналага, иҽшиԥсахыз.

      «Библия меняет жизнь» («Ахьчаратә бааш», ианвар 1, 2012, аурыс)

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра