-
Ишԥаҟало аӡәырҩы уаа иашақәаны?Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022 | сентиабр
-
-
6. Иҟалозеи «ҵҩа змамыз» ажәлар арыцҳара ду анырхыргалак ашьҭахь? Иҳаилшәыркаа. (Адгьыл аҿы иҟало аԥсҭалара атәы шәаԥхьар шәылшоит ари аҭыжьымҭаҿы иану «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа» аҿы.)
6 Шәаԥхьа Даниил 12:2. Иҟалозеи «ҵҩа змамыз» ажәлар арыцҳара ду анырхыргалак ашьҭахь? Уаанӡа ҳара ҳгәы иаанагон, Даниил ари иԥааимбаражәа асимволтә ҵакы змоу аԥсҭалара аанарԥшуеит ҳәа — 1918 шықәсазы Анцәа имаҵзуҩцәа ӷәӷәала ианрышьҭашәарыцоз ашьҭахь ҿыц доуҳала ианышьақәгылаc. Аха уажәшьҭа ҳара еилаҳкаауеит, урҭ ажәақәа адунеи ҿыц аҿы иҟало аԥсҭалараҵәҟьа шаадырԥшуа. Уи алагоит аҵыхәтәантәи амшқәеи Армагеддони рышьҭахь.
7. а) Ишԥеилкаатәу шьоукы наӡаӡатәи аԥсҭазаара роурц азы рыԥсы ҭалоит ҳәа иану ажәақәа? б) Избан уи еиҳа еиӷьу ԥсҭалароуп ҳәа зҳәоу?
7 Даниил 12:2 аҿы иануп, шьоукы наӡаӡатәи аԥсҭазаара роурц азы рыԥсы шҭало. Иаанагозеи уи? Уи иаанагоит Зқьышықәсатәи анапхгара аан Иеговеи Иисуси ирызку адыррақәа еиззырҳало, насгьы урҭ ирзыӡырҩло зыԥсы ҭало ауаа наӡаӡатәи аԥсҭазаара шроуа (Иоанн 17:3). Урҭ еиҳа еиӷьу аԥсҭалара роуеит (Аур. 11:35). Избан уи еиҳа изеиӷьу? Избанзар уаанӡа зыԥсы ҭаҵаз инаӡамыз ауаа ԥыҭрак ашьҭахь иԥсит.
8. Ишԥеилкаатәу шьоукы наӡаӡа ахьымӡӷ ргаразы рыԥсы ҭаҵахоит ҳәа иану ажәақәа?
8 Аха зыԥсы ҭаҵахо рыбжьара Иегова иҿы аҵара аҵара зҭахымхогьы ҟалоит. Даниил иԥааимбаражәаҿы иануп, шьоукы наӡаӡа ахьымӡӷ ргаразы рыԥсы шҭаҵахо. Урҭ Анцәа иҿагылоит, убри аҟынтә рыхьӡқәа аԥсҭазааратә шәҟәы ианҵахаӡом, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуӡом. Дара наӡаӡатәи ахьымӡӷ, даҽакала иуҳәозар, ақәхра рзыԥшуп. Убас ала, Даниил 12:2 аҿы иануп, зыԥсы ҭаҵахо зегьы рыԥсы анҭалалак ашьҭахь иҟарҵало аусқәа рыԥсҭазаара ишаныруа (Аат. 20:12)d. Шьоукы наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуеит, шьоукы — ироуӡом.
-
-
Ишԥаҟало аӡәырҩы уаа иашақәаны?Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022 | сентиабр
-
-
a Даниил 12:2, 3 аҿы иануп аҭоурых аҿы иҟамлац арҵаратә программа аӡбахә. Ари астатиаҿы арҭ ажәеинраалақәа ирну иазкны еиҭарҿыцу аилкаара ҳауеит. Ҳара еилаҳкаауеит уи арҵаратә программа ианалаго, насгьы уи иалахәхо зусҭцәоу. Иара убас ҳара еилаҳкаауеит, уи арҵаратә программа Христос Зқьышықәсатәи инапхгара анҵәамҭа аан иҟало аҵыхәтәантәи аԥышәара ауаа шазыҟанаҵо.
-
-
Ишԥаҟало аӡәырҩы уаа иашақәаны?Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022 | сентиабр
-
-
c Ари аԥааимбаражәа уаанӡа ишеилаҳкаауаз ануп ашәҟәы «Внимайте пророчеству Даниила!», ахы 17 аҿы, насгьы 1987 шықәса, декабр 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҟны, адаҟьақәа 17—21.
d Аусқәа 24:15, насгьы Иоанн 5:29 (АдҾ) аҿы зыӡбахә ҳәоу даҽакуп. Урҭ ажәеинраалақәа рҿы ажәақәа «ауаа иашақәа», насгьы «ииашақәам», иара убас ажәақәа «абзиара ҟазҵоз», насгьы «ацәгьара ҟазҵоз» зыԥсы ҭало иԥсаанӡа иҟарҵоз аусқәа роуп иаадырԥшуа.
-