Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Аԥааимбар Захариа ибарақәа. Ишԥаҳныруеи урҭ ҳара?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017 | октиабр
    • 16. а) Иахьуазеи акалаҷкәыр анаҩс? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа 3.) б) Иабарго аефа амҵәыжәҩақәа змоу аҳәса?

      16 Анаҩс ицәырҵуеит амҵәыжәҩақәа змоу ҩ-ҳәсак, урҭ рымҵәыжәҩақәа аԥсаатә дуқәа рымҵәыжәҩақәа иреиԥшуп. (Уаԥхьа Захариа 5:9—11.) Шаҟа илеиԥшымзеи арҭ аҳәса акалаҷкәыр иҭатәоу аԥҳәыс! Дара рымҵәыжәҩа ӷәӷәақәа рыцхыраарала «Ацәгьара» зҭоу акалаҷкәыр шьҭыхны наҟ иргоит. Аха иаба? Дара уи «Сеннаарҟа», мамзаргьы Вавилонҟа, иргеит. Избан уахь изыргаз?

      17, 18. а) Избан Сеннаар «Ацәгьара» ианаалоз ҭыԥны изыҟаз? б) Ҳашԥазыҟазар акәу ацәгьара?

      17 Захариа ихаан инхоз израильаа Сеннаар «Ацәгьара» ианаало ҭыԥны ирыԥхьаӡар алшон. Захариеи егьырҭ ауриацәеи ибзиаӡаны ирдыруан усҟантәи аамҭақәа раан Вавилон изакәытә цәгьарақәаз иҟаз. Уи ақалақь амцқьареи аныхамҵахырхәареи алаҵәан. Вавилон инхоз ауриацәа есыҽны иҽеимыз амурҭаҭцәа рнырра рҽацәырыхьчалар акәын. Захариа ибара урҭ агәра днаргеит Иегова имҵахырхәара ак аҟьашьыртә шалимыршо.

      18 Иара убас уи абара ауриацәа иргәаланаршәеит рымҵахырхәара цқьазарц шахәҭоу. Иегова ижәлар амцқьара рыламҵәарц азы ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп. Иегова иорганизациаҿы ҳара шәарак ҳамам, насгьы Анцәа ибзиабареи иқьиареи ҳныруеит. Аха иаҳгәалашәозароуп уи цқьазарц досу ҳацклаԥшлар шҳахәҭоу. Анцәа ижәлар рыбжьара ацәгьара ыҟамзароуп!

  • Аԥааимбар Захариа ибарақәа. Ишԥаҳныруеи урҭ ҳара?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017 | октиабр
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра