Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • «Ҳара шәара ҳшәыццоит»
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016 | ианвар
    • 1, 2. а) Ииҳәазеи Иегова заа ҳаамҭа иазкны? б) Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

      ИЕГОВА ҳаамҭа иазкны заа иҳәахьан: «Урҭ амшқәа раан еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәо, ажәларқәа зегь рҟынтә жәаҩык ауаа аиудеи икалҭ иахьынҳалоит, иахьынҳалоит, насгьы ирҳәоит: „Ҳара шәара ҳшәыццоит, избанзар иҳаҳаит Анцәа дышшәыцу“» (Зах. [Зах.] 8:23). Ари аԥааимбаражәаҿы зыӡбахә ҳәоу жәаҩык ауаа реиԥш, адгьыл аҿы анхара агәыӷра змоу иахьа, инықәырԥшны иуҳәозар, «аиудеи» икалҭ иахьынҳалеит. Дара рзы ҳаҭыр дууп «Анцәа дызмоу-дхазҵо Израильаа» аус рыцура, избанзар Иегова идоуҳала иалихыз иԥацәа дшырзылԥхо рдыруеит (Гал. 6:16).

  • «Ҳара шәара ҳшәыццоит»
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016 | ианвар
    • 4. Ишԥаҳалшо иахьа адгьыл аҿы инхо доуҳала иалху ҳрыццалар, урҭ зегьы ирыхьӡу ҳзымдыруазаргьы?

      4 Ишԥарылшо «егьырҭ ауасақәагьы» иахьа адгьыл аҿы инхо адоуҳатә Израиль иаҵанакуа ирыццаларц, урҭ зегьы ирыхьӡу рзымдыруазар? Иазгәашәҭ Захариа иԥааимбаражәаҿы жәаҩык ауаа рыӡбахә шаҳәо. Урҭ «аиудеи икалҭ иахьынҳалоит, иахьынҳалоит, насгьы ирҳәоит: „Ҳара шәара ҳшәыццоит, избанзар иҳаҳаит Анцәа дышшәыцу“». Ара аиудеи ҳәа зыӡбахә ҳәоу аӡә иоуп, аха ахьӡцынхәра «шәара» иаанарԥшуеит урҭ шырацәоу. Убри аҟынтә «аиудеи» ҳәа зызҳәоу Анцәа идоуҳала иалху ргәыԥ ауп. Егьырҭ ауасақәа уи рдыруеит, насгьы аус рыцыруеит. Дара уи агәыԥ иалахәу зегьы рыхьӡ рдыруазар акәӡам. Аҩыра ҳаанаԥхьом дарбанзаалак аӡәы ишьҭанеира, избанзар Ҳамҩақәҵаҩ — Иисус Христос иоуп (Матф. 23:10).

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра