Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • «Иаарыцҳаишьан»
    «Усышьҭаланы уаала»
    • 15, 16. Иаага Иисус ажәабжь ззеиҭеиҳәоз ауаа дшырзыҟаз узырбо ҩ-хҭыск.

      15 Иисус ажәабжь иҳәоижьҭеи ҩбаҟа шықәса ҵхьан, уи ашьҭахь 31 шықәса ҳ. ҳ. аан иара иӡбеит имаҵзура иациҵарц, убри аҟынтә Галилеиа«ақалақьқәеи ақыҭақәеи рахь ддәықәлеит». Уи иибаз даара игәы аҟынӡа инеит. Апостол Матфеи иҳәоит: «Ауаа рацәа анибоз, игәы аҵәыуара иакуан, избанзар дара ахьча дызмамыз, ахәрақәа зныз, аӡәгьы ииҭахымыз ауасақәа иреиԥшын» (Матфеи 9:35, 36). Иисус анхаҩцәа рахь агәрыцҳашьара ааирԥшуан. Иара ибзианы еиликаауан шаҟа ргәы каҳаны иҟаз, насгьы адоуҳатә цхыраара шырҭахыз. Иара идыруан адиннапхгаҩцәа дара шатәарымбоз, урҭ дара рзы иқьиоу хьчацәаны иҟазар шакәызгьы. Агәрыцҳашьара ӷәӷәа абзоурала Иисус ишилшоз ала иҽазишәон агәыӷра иазкыз ажәабжь ауаа ргәаҟынӡа анагара. Зегь реиҳа дара зыргәаҟуаз Анцәа Иаҳра иазкыз ажәабжь бзиа акәын.

  • «Иаарыцҳаишьан»
    «Усышьҭаланы уаала»
    • 18 Ҳара ауаа ҳарзыҟазароуп Иисус урҭ дшырзыҟаз еиԥш: иара ибон дара «ахьча дызмамыз ауасақәа» реиԥш ишыҟаз. Ухаҿы иааг уара агәарҭа иацәҟьалаз асыс уԥшаазшәа. Уи акгьы злымшо асыс амлеи аӡбеи иакны иԥсыр алшоит аиҷаҳара аазырԥшуа, насгьы аӡи ашьац иаҵәеи ахь изгар зылшо ахьча ицхыраарада. Ирыцҳаушьома уара уи асыс? Уҽазушәома уара уи аӡы аржәра, насгьы акраҿаҵара? Иахьа ари адунеи аҿы ажәабжь бзиа ззымдыруа аӡәырҩы ауаа убри асыс иаҩызоуп. Амцнапхгаҩцәа хьаас иахьрымам иахҟьаны дара адоуҳатә млакра аҟынтә игәаҟуеит, насгьы ԥхьаҟатәи аԥеиԥш рымаӡам. Ҳара иҳамоуп дара ирҭаху: хәарҭа узҭо адоуҳатә фатәы, насгьы Анцәа Иажәа аҟынтә узырлахҿыхуа аҵабырг (Исаиа 55:1, 2). Иаҳзааигәоу ауаа рдоуҳатә ҭахрақәа ҳанрызхәыцуа, ҳара дара рахь агәрыцҳашьара ааҳарԥшуеит. Иисус еиԥш гәыкала ирыцҳаҳшьозар иҳалшо зегь ҟаҳҵоит урҭ рҟынӡа Аҳра иазку ажәабжь анагаразы.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра