Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w18 сентиабр ад. 14
  • Асааҭ шаҟа ыҟоузеи?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Асааҭ шаҟа ыҟоузеи?
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Иеиԥшу аматериал
  • Избан ҳҷаԥшьалар зҳахәҭоу?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
w18 сентиабр ад. 14

Асааҭ шаҟа ыҟоузеи?

ИҞАШӘҴОЗЕИ шәара асааҭ шаҟа ҟалахьоу еилышәкаарц анышәҭаху? Иҟалап шәара асааҭ шәахәаԥшуазар. Иаҳҳәап, шәара ижәбеит шьыбжьышьҭахь асааҭ аки бжаки рҟынӡа ишнеихьоу. Аҭак шԥаишәҭарыз шәҩыза асааҭ шаҟа ыҟоузеи ҳәа дшәазҵаазҭгьы?

Аҭак шыҟашәҵо шәахьынхо аҭыԥ иахьыԥшуп. Иаҳҳәап, шәара ишәҳәар шәылшоит: «Уажәы сааҭки ҩажәижәаба минуҭи, мамзаргьы 13:30 ыҟоуп». Ҭыԥқәак рҿы ҩба рыбжа ыҟоуп ҳәа рҳәаргьы алшоит.

Ишԥарҳәоз абиблиатә аамҭақәа раан асааҭ шаҟа ыҟаз? Уи шырҳәоз еиԥшымызт. Ауриатә Ҩырақәа рҿы иуԥылоит абарҭ ажәақәа: «шарԥазы», «ашьыжь», «шьыбжьон», «ахәылбыҽха» (Аҟазаара 8:11; 19:27; 1 Аҳцәа 18:26). Аха зны-зынла Абиблиа аамҭа аӡбахә еиҳа иналкааны иалацәажәоит.

Ажәытәан Израиль аҷаԥшьаҩцәа ыҟан, урҭ уахынла акәын еиҳарак ианыҷаԥшьоз. Израильаа аҵх х-хәҭак рыла иршон, урҭ ахәҭақәа «аҷаԥшьара аамҭақәа» ҳәа ирышьҭан (Аԥсалом 63:6, АдҾ). Аӡбаҩцәа 7:19 аҿы иануп аҩбатәи аҷаԥшьара аамҭа алагамҭа аӡбахә. Аха Иисус даниз аамҭазы ауриацәа абырзенцәеи римааи реиԥш аҵх ԥшь-ҷаԥшьара аамҭак рыла иршон.

Аевангелиеқәа рҿы урҭ аҷаԥшьара аамҭақәа рыӡбахә акырынтә иануп. Иаҳҳәап, аԥшь-ҷаԥшьараан Иисус аӡы дхықәгыланы иҵаҩцәа зҭатәаз анышь ахь иҿынеихеит (Матфеи 14:25).

Иисус урҭ аԥшь-ҷаԥшьара аамҭақәа рыӡбахә иҳәон. Иара иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Аҩнаҭа аԥшәма данааиуа шәыздыруам: ахәылбыҽха, ҵхагәазы, арбаӷьқәа анҿырҭуа, мамзаргьы шарԥазы» (Марк 13:35, АдҾ, албаага). Актәи аҷаԥшьара аамҭа «ахәылбыҽха» акәын, уи алагон амра анҭашәалак ашьҭахь, насгьы асааҭ 9 рҟынӡа ицон. «Ҵхагәазы» ҳәа изышьҭаз аҩбатәи аҷаԥшьара аамҭа цон ахәылбыҽха асааҭ 9 инаркны ҵхыбжьонынӡа. Ахԥатәи аҷаԥшьара аамҭа «арбаӷьқәа анҿырҭуа» ҳәа иашьҭан. Уи ҵхабжьон инаркны уахынла асааҭ хԥа рҟынӡа ицон. Абри аҷаԥшьара аамҭазы акәзар ҟалап Иисус иаӷацәа даныргаз, насгьы арбаӷь анҿнаҭыз (Марк 14:72). Аԥшьбатәи аҷаԥшьара аамҭа «шарԥазы» ҳәа иашьҭан. Уи ашацкыразы асааҭ хԥа рзы иалагон, насгьы амра гылаанӡа ицон.

Абасала, ажәытәан ауаа иахьа ҳара иҳамоу асааҭқәа рҩыза шрымамызгьы, асааҭ шаҟа ыҟаз аҳәара рылшон.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра