-
«Иара иеиԥш ахаан аӡәгьы дымцәажәацт»«Усышьҭаланы уаала»
-
-
9 Ҽнак зны ашәахтә ылызхуаз ауаа Пиотр иазҵааит ишәома Иисус ауахәамазы ашәахтә ҳәаc. Пиотр дымхәыцкәа иаразнак иҳәеит: «Ааи». Аамҭак ашьҭахь Иисус уи иеилыркаара далагеит: «Угәы ишԥаанаго, Симон, измырхуада аҳцәа ашәахтәқәа, рыҷкәынцәа ракәу, атәым уаа ракәу?» — «Атәым уаа»,— иҳәеит Пиотр. Анаҩс Иисус иеиҳәеит: «Ус анакәха, аԥацәа ашәахтә ашәара рыхәҭаӡам» (Матфеи 17:24—27). Пиотр, ҳәарада, еиликааит Иисус изҵаарақәа рҵакы, избанзар аҳ иҭаацәара ашәахтә ашәара шрыдмыз идыруан. Иисус идмызт ашәахтә ашәара, избанзар иара жәҩантәи Аҳ ихшаазаҵә иакәын, насгьы ауахәамаҿы иара Иаб имҵахырхәон. Аха иазгәаҭ: уи аӡбахә Пиотр иаразнак иаҳәара аҭыԥан Иисус хаала, насгьы азҵаарақәа ихы иархәаны ииашоу алкаа аҟаҵара дицхрааит, насгьы иҟалап иеилиркаазар ак уҳәаанӡа раԥхьа ибзианы ахәыцра шаҭаху.
-
-
«Иара иеиԥш ахаан аӡәгьы дымцәажәацт»«Усышьҭаланы уаала»
-
-
c Аиудеицәа есышықәса ауахәамазы ҩ-драхмак ашәахтә ршәалар акәын, уи ҩымш рыла ауаҩы ирҳауаз ԥаран. Еилыркаагатә усумҭак аҿы иануп: «Уи ашәахтә зегь раԥхьа иргыланы рхы иадырхәон есыҽны инаргоз амҭа иадҳәалаз ахарџь ахҩаразы, иара убас ажәлар зегь рзы инаргоз амҭагьы уахь иналаҵаны».
-