Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Ирылазҳәода ауаа ажәабжь бзиа адунеи ахьынӡанаӡааӡо?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • 4. Абиблиа иану ажәабжь бзиа ауаа зегь ираҳарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит

      Иегова ишаҳаҭцәа адунеи ахьынӡанаӡааӡо ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭарҳәарц азы аџьабаа рацәаны ирбоит. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      АВИДЕОНҴАМҬА: «„Адгьыл аҵыхәаҿы“ ажәабжь ҳҳәоит» (7:33)

      • Избан, шәгәанала, Иегова ишаҳаҭцәа ауаа ажәабжь бзиа раҳарц азы иҟарҵо џьоушьартә изыҟоу?

      Шәаԥхьа Матфеи 22:39, насгьы Римаа 10:13—15, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Ишԥаанарԥшуеи ажәабжь бзиа ахьаҳҳәо иаҳзааигәоу бзиа ишаҳбо?

      • Дышԥарзыҟоу Иегова Абиблиа иану ажәабжь бзиа егьырҭ ирзеиҭазҳәо? (Шәахәаԥш ажәеинраала 15.)

  • Анцәа ҳацқьазар иҭахуп
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • 4. Ашьцылара бааԥсқәа рааныжьра иҳацхраауа

      Ауаҩы аҭаҭын агәамсам иалаижьуеит.

      Иегова иарбанзаалак ашьцылара бааԥс ааныжьра дҳацхраар илшоит

      Аҭаҭын шәахозар, ма анаркотикқәа шәыдышәкылозар, ибзианы ижәдыруеит ус еиԥш иҟоу ашьцылара ааныжьра шымариам. Ишәыцхраар алшозеи? Еилышәкаа ашьцылара бааԥс ааныжьра ишәыцхраар алшо. Шәаԥхьа Матфеи 22:37—39, насгьы иҳаилшәыркаа ауаҩы аҭаҭын дахозар, ма анаркотикқәа идикылозар, уи:

      • Иеговеи иареи реиҩызара ишаныԥшуа;

      • иҭаацәеи егьырҭ ауааи иареи реизыҟазаашьақәа ишырныԥшуа.

      Ашьцылара бааԥс шәшаиааиша аплан шьақәшәыргылa. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Аҽынкылара аашәырԥшла» (2:47)

      Шәаԥхьа Филиппаа 4:13, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Анцәа шәиҳәалар, Абиблиа ҭышәҵаалар, насгьы аизарақәа шәырҭаалар, ишәыцхраар шԥалшо уи зегьы ашьцылара бааԥс аиааира?

      5. Ицқьам ахәыцрақәеи аусқәеи шәырҿагылала

      Шәаԥхьа Колоссаа 3:5, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Иабантәиҳдыруеи Иегова апорнографиеи, асекстинги, амастурбациеи ицқьам шьцыларақәаны ишиԥхьаӡо?

      • Шәгәы ишԥаанаго, ииашоума Иегова ҳхымҩаԥгашьеи ҳхәыцрақәеи цқьазароуп ҳәа ахьҳаиҳәо? Избан?

      Еилышәкаа иҽеим ахәыцрақәа шәырҿагылалар шшәылшо. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Шәҽазышәшәала шәыцқьаны шәаанхарц» (1:51)

      Ҳхымҩаԥгашьа цқьазарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп. Абар Иисус иааигаз аҿырԥштәы. Шәаԥхьа Матфеи 5:29, 30, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

      • Иисус ҳхы ак азаҳурц акәӡам ииҳәоз. Иара ииҳәарц ииҭахыз, лакҩакрада иаҭаху аԥсахрақәа ҟаҳҵар шҳахәҭоу ауп. Иҟаҵатәузеи, иҽеим ахәыцрақәа ҳҽырцәаҳахьчаларц азы?b

      Иегова иҽеим ахәыцрақәа шәырҿагылаларц азы ижәбо аџьабаа даараӡа ахә ишьоит. Шәаԥхьа Аԥсалом 103:13, 14, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Ашьцылара бааԥс ааныжьра шәзымариамзар, ишәыцхраар шԥарылшо арҭ ажәеинраалақәа уеизгьы уи ашьцылара аҿагылара?

      Шәгәы кашәмыжьын!

      Аӡәы ус дхәыцыр алшоит: «Еиҭасцәыҟалеит. Баша аџьабаа збон». Аха шәазхәыц: аиԥхныҩлара иалахәу ауаҩы дкаҳазар, уи иаанагаӡом даҵахеит ҳәа, мамзаргьы шьҭахьҟа дхынҳәны, ҿыц далагароуп ҳәа. Убасҵәҟьа шәаргьы еиҭашәцәыҟалазар, уи иаанагаӡом зынӡа шәаҵахеит ҳәа. Уи иара убас иаанагаӡом ижәбаз аџьабаагьы баша аӡы иагеит ҳәа. Ашьцылара бааԥс ахь шәамхахынҳәызаргьы, агәкажьра аҭахӡам. Шәара амҩа иаша шәықәуп. Уи ашьцылара хәыҷы-хәыҷла шәаиааир шәылшоит. Убри аҟынтә шәгәы кашәмыжьын! Иегова ицхыраарала зегь шәылшоит.

      Аиԥхныҩлара иалахәу ауаҩы дкаҳаит, аха дгылоит.
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра