Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Анцәа Иаҳра напхгара аура иалагахьеит!
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • 2. Изеиԥшрахазеи 1914 шықәса инаркны адунеи аҿы аҭагылазаашьеи ауаа рхымҩаԥгашьеи?

      Иисус иҵаҩцәа иазҵааит: «Иарбан дыргоу иаҳзырбо ушыхынҳәыз, насгьы ари адунеи аҵыхәтәа шааигәахаз?» (Матфеи 24:3). Усҟан Иисус ак агмыжькәа ирзеиҭеиҳәеит Анцәа Иаҳраҿы Аҳас даныҟало адгьыл аҿы иҟало ахҭысқәа рыӡбахә. Иаҳҳәап, иара иҳәеит аибашьрақәеи, амлакреи, адгьылҵысрақәеи шыҟало. (Шәаԥхьа Матфеи 24:7.) Иара убас Абиблиаҿы иануп аҵыхәтәантәи амшқәа раан ауаа рхымҩаԥгашьа шыбааԥсхо, насгьы аԥсҭазаара даараӡа ишыцәгьахо (2 Тимофеи 3:1—5). Ишаҳбо еиԥш, 1914 шықәса инаркны адунеи аҿы аҭагылазаашьеи ауаа рхымҩаԥгашьеи даараӡа рҽырыԥсахит.

      3. Избан Анцәа Иаҳра напхгара аура ианалага ашьҭахь адунеи аҿы аҭагылазаашьа зеицәахаз?

      Иисус Анцәа Иаҳра Аҳас данахагыла ашьҭахь, иаразнак ажәҩан аҿы Аҩсҭааи уи идемонцәеи драбашьит. Аҩсҭаа уи аибашьраҿы даҵахеит. Абиблиаҿы иануп Аҩсҭаа имаалықьцәеи иареи алырбганы, адгьыл ахь икажьын ҳәа (Аатра 12:9, 10, 12). Аҩсҭаа иԥсахы еибакны дыҟоуп, избан акәзар иаарласны дшықәгахо идыруеит. Убри аҟынтә иара адгьыл иқәынхо ауаа зегьы агәаҟрақәеи ахьааи рзааигоит. Иџьашьатәӡам адунеи аҿы аҭагылазаашьа абас изыбааԥсу! Аха Анцәа Иаҳра урҭ ауадаҩрақәа зегь аӡбоит.

  • Анцәа Иаҳра напхгара аура иалагахьеит!
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • 5. Адунеи 1914 шықәса инаркны даараӡа аҽаԥсахит

      Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

      АВИДЕОНҴАМҬА: «1914 шықәса раахыс адунеи даараӡа аҽаԥсахит» (1:10)

      Иисус иҳәеит Аҳас даныҟало ашьҭахь адунеи аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшрахоз. Шәаԥхьа Лука 21:9—11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Шәзыԥхьаз аҟынтә ишәаҳахьеи, ма шәхаҭа ижәбахьеи?

      Апостол Павел иҳәеит аҵыхәтәантәи амшқәа раан ауаа зеиԥшрахо. Шәаԥхьа 2 Тимофеи 3:1—5, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Ижәбома иахьа ауаа убасҵәҟьа рхы шымҩаԥырго?

      Асахьақәа «Аҵыхәтәантәи амшқәа раан адгьыл аҿы иҟоу аҭагылазаашьеи ауаа рхымҩаԥгашьеи»: 1) аруаа раԥхьагылаҩ атрибуна дықәгыланы, инапқәа шьҭыхны, дҟаауа акы иҳәоит; 3) адгьылҵысра иахҟьаны еилабгаз аҩнқәа; 3) ажәҩан иалоу аибашьыга ҳаирпланқәа; 4) ауаа амаскақәа рҿаҵаны иаауеит; 5) Ниу-Иорк иҟаз еиԥшыз ҩ-еихагыла дуқәак атеррористцәа рқәылара ашьҭахь амца акны игылоуп; 6) ахаҵа анаркотик илеиҵоит; 7) ахаҵа иԥҳәыс лахь иҭаҷкәым рхханы, дылзыҵҟьаны длықәыҳәҳәоит; 8) еиуеиԥшым арыжәтә џьбарақәеи анаркотикқәеи; 9) зыхә цәгьоу амаҭәа зшәу, хьымаҭәала иҩычоу ҩыџьа аҳәса селфи ҟарҵоит; 10) адиџьеи аконцерт аҿы ауаа рзы амузыка аирҳәоит; 11) аилаҩынтрақәа ирылахәу ауаҩы «коктеиль Молотова» ҳәа изышьҭоу иршәуеит.
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра