Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Лара лгәаҿы алкаақәа ҟалҵон
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
    • 10 Ақыҭаҿы ауаа даара ирацәан. Аӡәырҩы Иосифи Мариеи раԥхьа иааит ашәҟәынҵара иахысырц азы, убри аҟынтә уахынла иахьаангылаша иҭацәыз аҭыԥқәа аанымхаӡеитb. Хаҵеи-ԥҳәыси абораҿы иаанымгылар ада уаҳа ԥсыхәа рымамызт. Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит Иосиф ицәаныррақәа, иԥҳәыс ахаан илхылымгацыз еиҳа-еиҳа еизҳауаз ахьаа ачҳара шылцәыцәгьаз анибоз. Абраҵәҟьа ауп Мариа ахшараура дахьалагаз.

      11. а) Избан дарбанзаалак аԥҳәыс Мариа лцәаныррақәа еилылкаар злылшо? б) Ишԥеилкаатәу «аԥхьахшаа» ҳәа Иисус изҳәаз ажәа?

      11 Дарбанзаалак аԥҳәыс Мариа лцәаныррақәа ҳәарада еилылкаауеит. 4 000-ҟа шықәса раԥхьа Иегова иҳәахьан иаҳҭынхаз агәнаҳа иахҟьаны аҳәса ахшараура аан ахьаа шрымазаауа (Аҟаз. 3:16). Иҳамаӡам ашьаҭа Мариа лҭагылазаашьаҿы ус акәӡамызт ҳәа ҳҳәартә. Аха Лука аамысҭашәала уи аӡбахә мыцхәы даламцәажәакәа иҳәоит: «Длоуит аԥхьахшаа Лԥа» (Лука 2:7). Ааи, Мариа аԥхьахшаа длоуит — раԥхьатәи ахшара, анаҩс быжьҩык иреиҵамкәа илоуз иреиҳабыз (Марк 6:3). Ари ахәыҷы есымша зегьы дрылукаалоит. Избанзар уи раԥхьатәи хшараны лара лзы мацара адагьы, Иеговагьы раԥхьатәи ихшара иакәын — «аханатә аахыс» иҟаз Анцәа ихшаазаҵәу Иԥа! (Кәал. 1:15).

      12. Дабаҭалҵеи Мариа лхәыҷы, насгьы ишԥаҟаҵәҟьаз Иисус дахьиз аҭыԥ, Қьырса иазку апиесақәеи, акомпозициақәеи, асахьақәеи рҿы ишарбоу еиԥш акәымкәа?

      12 Араҟа Аевангелиа аҟны аӡәырҩы ирдыруа хәҭак ацлоит: «[Мариа] Уи акәырша дылаҳәаны аҽыхәчара дҭалҵеит» (Лука 2:7). Адунеи ахьынӡа-наӡааӡо Қьырса иазку апиесақәа, акомпозициақәа, насгьы асахьақәа рҿы Христос иира аҭагылазаашьа иҟам-иным ацҵаны идырԥшӡоит. Аха шәазхәыц ари аҭыԥ шыҟаҵәҟьаз. Аҽы́хәчара — ари ахәы́ҭага ауп, аҩнатә ԥстәқәа акрахьынтәырфо аиашьыкь. Уажәраанӡа ишҳәаз еиԥш, хаҵеи-ԥҳәыси уахынла ҳәа абораҿы иаангылеит — ахаан аҳауа бзиеи ацқьареи ахьыҟамыз аҭыԥ аҿы. Иарбан ҭаацәоу рхәыҷы ииразы абора алызхуа, даҽа лшарак ыҟазар? Аҭаацәа есымша рхәыҷқәа рзы зегь иреиӷьу рҭахуп. Мариеи Иосифи Анцәа Иԥа иреиӷьу иҭара еиҳагьы ирҭахын!

      13. а) Ишԥаҟарҵеи Иосифи Мариеи ирылшоз зегь ирымаз аҭагылазаашьақәа рҿы? б) Иарбан хықәкқәоу иҟәышу аҭаацәа рҿаԥхьа иқәдыргылалар рылшо, Иосифи Мариеи ирҿыԥшны?

      13 Ишыҟазаалакгьы, рылшарақәа ахьмаҷыз азы дара ргәы кармыжьӡеит, насгьы ргәахы еибамкӡеит, аха ирылшоз зегь ҟарҵеит. Иаҳҳәап, Мариа лхала ахәыҷы иҭыԥ дықәылҵеит: лара дихӡыӡаауа акәырша дылаҳәаны дыцәарц аҽыхәчара дҭалҵеит, уаҟа иԥхарран, насгьы ишәарҭадаран. Мариа дгәаҭеиуамызт, насгьы изықәшәаз аҭагылазаашьақәа мыцхәы хьаас ишьҭымхкәа, лхәыҷы изы илылшоз зегь ҟалҵон. Уи адагьы, Иосифи лареи еилыркаауан зегь реиҳа ихадоу — уи ахәыҷы идоуҳатә гәабзиара аиҷаҳара шакәу. (Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 6:6—8.) Иахьа Анцәа ицәыхароу адунеи аҿы ахәыҷқәа зааӡо иҟәышу аҭаацәа убас еиԥш иҟоу ахықәкқәа рҿаԥхьа иқәдыргылоит.

  • Лара лгәаҿы алкаақәа ҟалҵон
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
    • b Усҟантәи аамҭақәа раан иаԥын аныҟәацәа ақалақьқәа рҿы аҵх ахьырхыргаша азеиԥшынхарҭа ҭыԥ рыҭара.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра