Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • «Уи азоуп Анцәа сзааишьҭыз»
    «Усышьҭаланы уаала»
    • 19, 20. Ишԥааирԥши Иисус ажәабжьҳәаратә ус ишахыццактәу?

      19 Хԥагьы, Иисус еиликаауан амаҵзура ишахыццактәу. Иугәаларшәа ақалақь Сихарь азааигәара аҵеџь аҿы аӡы зтоз самариатәи аԥҳәызбеи иареи реицәажәара. Иҟалап апостолцәа ирзеилымкаауазҭгьы ажәабжь бзиа рылаҳәаразы аамҭа шааиз. Иисус иреиҳәеит: «Аҭагалара аҟынӡа ԥшьымз нхеит ҳәа шәымҳәаӡои? Сара ишәасҳәоит: шәхы шьҭыхны амхқәа шәырҭаԥшы, аҽаҩра ҟалахьеит, аҭагалара иазхиоуп» (Иоанн 4:35).

      20 Иисус ихы иаирхәеит изҭагылаз ашықәс аамҭа. Иҟалап уи амза кислев акәызҭгьы (ноиабр/декабр). Ачаԥшь аҭагалара ԥшьымз агын — уи нисан 14 Мшаԥы азгәаҭара иақәшәон. Убри аҟынтә адгьылқәаарыхыҩцәа аамҭа ҳамоуп ҳәа аҭагалара макьана иазхәыцуамызт. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи адоуҳатә ҭагалара — ауаа реизгара аганахь ала? Аӡәырҩы Христос изыӡырҩреи иеилкаареи иазхиан. Дара иҵаҩцәа ракәны аҟалара, насгьы Иегова ириҭоз зеиԥшыҟам агәыӷра аиура иазхиан. Инықәырԥшны иуҳәозар, Иисус амхурсҭақәа днарзыԥшит, насгьы ибеит урҭ хҟәашааӡа ишыҟалаз: ибла ихгылеит аԥша зылсуаз, насгьы аҭагалара иазхиаз ишәыз ачахҳәаҵәқәаc. Аҽаҩра аҭагалара аамҭа ааит, уи иахыццактәын! Убри аҟынтә қалақьк аҿы ауаа Иисус дааныркыларц рҽаназыршәа иара иреиҳәеит: «Сара Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа егьырҭ ақалақьқәа рҿгьы ауаа ирыласҳәароуп, уи азоуп Анцәа сзааишьҭыз» (Лука 4:43).

  • «Уи азоуп Анцәа сзааишьҭыз»
    «Усышьҭаланы уаала»
    • c Абар усумҭак аҿы иану: «Ачахҳәаҵәқәа анышәлак, урҭ рыԥшшәы рыԥсахуеит, раԥхьа ашьацԥшшәы рымоуп, аха нас урҭ ахьы аԥшшәы, ма ихҩежьаау аԥшшәы роуеит, уи иаанарԥшуеит аҭагаларазы ишыхиоу».

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • Аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра