-
Ирылазҳәода ауаа ажәабжь бзиа адунеи ахьынӡанаӡааӡо?Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
6. Ҳара Анцәа иҳаиҭаз адҵа наҳагӡоит
Актәи ашәышықәсазы инхоз шьоукы ажәабжьҳәаратә ус иаԥырхагахарц рҽазыршәон. Аха уи аамҭазы инхоз ақьырсианцәа ажәабжь бзиа аҳәаразы закәанла ирымаз азин иазықәԥон (Филиппаа 1:7). Иахьа Иегова ишаҳаҭцәагьы убас ҟарҵоитa.
Шәаԥхьа Аусқәа 5:27—42, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Избан ҳара ажәабжь бзиа аҳәара ҳзаҟәымҵуа? (Шәрыхәаԥш ажәеинраалақәа 29, 38, 39.)
-
-
Анеитралитет ахьчара иаанагоШәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
Анеитралитет ахьчара иаанаго
Иисус иҵаҩцәа абас реиҳәеит: «Шәара ари адунеи шәатәӡам» (Иоанн 15:19). Арҭ ажәақәа ақьырсианцәа анеитралитет рыхьчалар шрыхәҭоу аанарԥшуеит. Ҳара аибашьрақәеи аполитика иадҳәалоу азҵаарақәеи рҿы аӡәгьы иган аанаҳкылаӡом. Ҳәарада, анеитралитет ахьчара анымариам ыҟоуп. Анеитралитет ахьаҳахьчо азы иаҳхыччалар ма ҳарцәымӷхар алшоит. Ишԥаҳалшо анеитралитет ахьчара, насгьы Анцәа Иегова заҵәык иган аанкыланы, гәыкала имаҵ аура?
1. Ишԥарзыҟоу ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа аҳәынҭқарратә мчрақәа?
Ақьырсианцәа аҳәынҭқарратә мчрақәа ҳаҭыр рықәырҵоит. Ҳара Иисус ишаҳирҵоз еиԥш ҳхы мҩаԥаҳгоит, убри аҟынтә ацезарь иитәу ацезарь иаҳҭоит, даҽакала иуҳәозар, ҳахьынхо атәыла азакәанқәа ҳрықәныҟәоит. Иаҳҳәап, ҳара иақәнагоу ашәахтәқәа еснагь иаҳшәоит (Марк 12:17). Абиблиаҿы иануп аҳәынҭқарцәа напхгара аура азин рызҭо Иегова шиакәу (Римаа 13:1). Уи иаҳнарбоит амчра зегь урҭ рнапаҿы ишыҟам. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп ауаа рыуадаҩрақәа зегь зыӡбар зылшо Анцәа Иаҳра заҵәык шакәу.
2. Ишԥаҳалшо анеитралитет шаҳахьчо аарԥшра?
Иисус иеиԥш ҳаргьы аполитика ҳҽалаҳархәӡом. Ауаа Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа анырба, аҳас дҟарҵарц рҭаххеит. Аха иара уи мап ацәикит (Иоанн 6:15). Избан? Иисус ус иҳәеит: «Саҳра ари адунеи аҳрақәа иреиԥшӡам» (Иоанн 18:36). Ҳара Христос иҵаҩцәа ҳауп, убри аҟнытә аибашьрақәа ҳхы рылаҳархәӡом. (Шәаԥхьа Михеи 4:3.) Иара убас ҳара аҳәынҭқарратә символқәа пату шрықәаҳҵогьы, иаҳҳәап, абираҟ, ҳара урҭ иԥшьоу ак еиԥш ҳреихырхәаӡом (1 Иоанн 5:21). Ҳара аполитикатә партиақәеи акандидатцәеи ҳагьрыдгылом, ҳагьырҿагылом. Убасала Анцәа Иаҳра гәыкала ҳшадгылоу, ҳшазиашоу ааҳарԥшуеит.
ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА
Ҳрыхәаԥшып анеитралитет ахьчара ахьымариам ҭагылазаашьақәак, насгьы еилаҳкаап Иегова игәы иахәо аӡбарақәа ҳадаҳкылалар шҳалшо.
3. Ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа анеитралитет рыхьчоит
Иисуси раԥхьатәи ақьырсианцәеи уи аҿы аҿырԥш бзиа ҳдырбеит. Шәаԥхьа Римаа 13:1, 5—7, насгьы 1 Пиотр 2:13, 14. Анаҩс шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Избан аҳәынҭқарратә мчрақәа ҳаҭыр рықәаҳҵалар зҳахәҭоу?
Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо аҳәынҭқарратә мчрақәа ҳшырзыӡырҩуа?
Аибашьра аан тәылақәак аӡәгьы иган шаанырымкыло рҳәоит. Аха дара аибашьра иалахәу аҩганкгьы ирыдгылазар алшоит. Иаҳҳәар ҳалшома урҭ анеитралитет рыхьчоит ҳәа? Шәаԥхьа Иоанн 17:16. Анаҩс шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Изакәызеи ақьырсиантә неитралитет?
Ҳхы мҩаԥаҳгалар шԥаҳахәҭоу, аҳәынҭқарратә мчрақәа иҳарҳәо Анцәа изакәан иаҿагылозар? Шәаԥхьа Аусқәа 5:28, 29. Анаҩс шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Ҳаззыӡырҩлар ҳахәҭада ҳара, аҳәынҭқарратә закәанк Анцәа изакәан иаҿагылозар?
Данбарзымӡырҩуеи ақьырсиан аҳәынҭқарратә мчрақәа?
4. Ҳхәыцрақәеи ҳусқәеи рҿы анеитралитет ҳахьчоит
Шәаԥхьа 1 Иоанн 5:21. Анаҩс шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Избан Аиенге аполитикатә партиа даламларц, насгьы амилаҭ арҳаракра иадҳәалоу ацеремониа, иаҳҳәап, абираҟ арҳаракра, ихы алаимырхәларц зиӡбаз?
Шәгәы ишԥаанаго, Аиенге ииашаны ихы мҩаԥигама?
Иаҭаххар анбалшо иҵегьы ҳнеитралитет ахьчара? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Избан анеитралитет ҳахьчалар зҳахәҭоу, аспорттә хәмаррақәа раан еиуеиԥшым амилаҭқәа анеицлабуа?
Ишԥаҳалшо анеитралитет ахьчара, аҳәынҭқарцәа ирыӡбаз хаҭала ҳара ҳанаҵанакуа?
Ишԥарылшо ҳазхәаԥшуа ажәабжьқәеи ҳзацәажәо ауааи анеитралитет ахьчара иаҳԥырхагахар?
Ианбаихәҭоу ақьырсиан ихәыцрақәеи ихымҩаԥгашьеи рҿы анеитралитет ахьчара?
АӠӘЫ ДШӘАЗҴААР ИЛШОИТ: «Избан шәара абираҟ зҳарашәымкуа, насгьы агимн зышәымҳәо?»
Аҭак шԥаҟашәҵарыз?
ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА
Ақьырсианцәа рхәыцрақәеи, ражәақәеи, русқәеи рҿы анеитралитет рыхьчоит.
Аиҭахысра
Ираҳҭалар акәзеи ҳара аҳәынҭқарратә мчрақәа?
Избан аполитика иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы анеитралитет заҳахьчо?
Ианбалшо анеитралитет ахьчара ҳцәыуадаҩхар?
ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ
Мап зыцәктәхар алшозеи, анеитралитет ҳахьчарц азы?
Ишԥарылшо аҭаацәарақәа анеитралитет ахьчара рықәшәар ахьалшо аҭагылазаашьақәа заа рҽырзыҟарҵар?
Иҟоума уԥсадгьыл ахьчара аасҭа еиҳа ихадоу?
Ишԥашәылшо аусурҭа ҭыԥ аналышәхуа, «ари адунеи шәатәӡам» ҳәа иҟоу апринцип ақәныҟәара?
«Каждый понесёт свою ношу» («Ахьчаратә бааш», март 15, 2006, аурыс)
-
-
Ашьҭашәарыцарақәа рыхгара шәылшоит!Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
5. Аҿагыларақәа шәрықәшәозаргьы, анаҩсгьы Иегова имаҵ жәула
Егьырҭ анаҳҿагыло, Иегова имаҵ ҳауларц азы агәымшәара ҳҭахуп. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.
Ишәыцхраар шԥалшо ари авидеонҵамҭаҿы иаагоу аҿырԥштәқәа агәымшәара аарԥшра?
Шәаԥхьа Аусқәа 5:27—29, насгьы Ауриацәа 10:24, 25. Арҭ ажәеинраалақәа акакала шәанрыԥхьо, абри азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Избан Иегова имаҵ ҳаулар зхадоу, аҳәынҭқарратә мчрақәа ажәабжь бзиа аҳәареи аизарақәа рҭаареи азин ҳарымҭозаргьы?
-