Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Еснагь аиаша шәҳәала
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • 2. Ишԥаҳалшо есыҽны ламысцқьала ахымҩаԥгара?

      Иегова иҭахуп аӡәи-аӡәи аиаша еибаҳҳәаларц (Захариа 8:16, 17). Ишԥаҟаҵалатәу уи? Ҳара ҳҭаацәеи, аус зцаҳуеи, аизараҿы иҟоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, ачынуааи ҳжьаӡом, иҟам-ианым раҳҳәаӡом. Ламысцқьала зхы мҩаԥызго ауаа амц рҳәаӡом, иагьӷьычӡом. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 24:28, насгьы Ефесаа 4:28.) Урҭ иақәнагоу ашәахтәқәа зегь ршәоит (Римаа 13:5—7). Иҟаҳҵозаалакгьы, ламысцқьала ҳхы мҩаԥаҳгалар ҳҭахуп (Ауриацәа 13:18).

  • Анеитралитет ахьчара иаанаго
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • Аурок 45. Ашкол аҿы аҵаҩцәа гыланы агимн рҳәоит. Иқәыԥшу аиаҳәшьагьы апатуқәҵара аарԥшны дгылеит, аха лара агимн лҳәаӡом, насгьы лнапы лгәы иадкыланы илкӡам.

      АУРОК 45

      Анеитралитет ахьчара иаанаго

      Иисус иҵаҩцәа абас реиҳәеит: «Шәара ари адунеи шәатәӡам» (Иоанн 15:19). Арҭ ажәақәа ақьырсианцәа анеитралитет рыхьчалар шрыхәҭоу аанарԥшуеит. Ҳара аибашьрақәеи аполитика иадҳәалоу азҵаарақәеи рҿы аӡәгьы иган аанаҳкылаӡом. Ҳәарада, анеитралитет ахьчара анымариам ыҟоуп. Анеитралитет ахьаҳахьчо азы иаҳхыччалар ма ҳарцәымӷхар алшоит. Ишԥаҳалшо анеитралитет ахьчара, насгьы Анцәа Иегова заҵәык иган аанкыланы, гәыкала имаҵ аура?

      1. Ишԥарзыҟоу ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа аҳәынҭқарратә мчрақәа?

      Ақьырсианцәа аҳәынҭқарратә мчрақәа ҳаҭыр рықәырҵоит. Ҳара Иисус ишаҳирҵоз еиԥш ҳхы мҩаԥаҳгоит, убри аҟынтә ацезарь иитәу ацезарь иаҳҭоит, даҽакала иуҳәозар, ҳахьынхо атәыла азакәанқәа ҳрықәныҟәоит. Иаҳҳәап, ҳара иақәнагоу ашәахтәқәа еснагь иаҳшәоит (Марк 12:17). Абиблиаҿы иануп аҳәынҭқарцәа напхгара аура азин рызҭо Иегова шиакәу (Римаа 13:1). Уи иаҳнарбоит амчра зегь урҭ рнапаҿы ишыҟам. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп ауаа рыуадаҩрақәа зегь зыӡбар зылшо Анцәа Иаҳра заҵәык шакәу.

      2. Ишԥаҳалшо анеитралитет шаҳахьчо аарԥшра?

      Иисус иеиԥш ҳаргьы аполитика ҳҽалаҳархәӡом. Ауаа Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа анырба, аҳас дҟарҵарц рҭаххеит. Аха иара уи мап ацәикит (Иоанн 6:15). Избан? Иисус ус иҳәеит: «Саҳра ари адунеи аҳрақәа иреиԥшӡам» (Иоанн 18:36). Ҳара Христос иҵаҩцәа ҳауп, убри аҟнытә аибашьрақәа ҳхы рылаҳархәӡом. (Шәаԥхьа Михеи 4:3.) Иара убас ҳара аҳәынҭқарратә символқәа пату шрықәаҳҵогьы, иаҳҳәап, абираҟ, ҳара урҭ иԥшьоу ак еиԥш ҳреихырхәаӡом (1 Иоанн 5:21). Ҳара аполитикатә партиақәеи акандидатцәеи ҳагьрыдгылом, ҳагьырҿагылом. Убасала Анцәа Иаҳра гәыкала ҳшадгылоу, ҳшазиашоу ааҳарԥшуеит.

      ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

      Ҳрыхәаԥшып анеитралитет ахьчара ахьымариам ҭагылазаашьақәак, насгьы еилаҳкаап Иегова игәы иахәо аӡбарақәа ҳадаҳкылалар шҳалшо.

      Ахаҵа аполитика аганахьала анеитралитет ихьчоит. Иара атрибунаҿы иқәгыланы ицәажәо еиуеиԥшым апартиақәа ркандидатцәа ирҳәо дазыӡырҩӡом.

      3. Ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа анеитралитет рыхьчоит

      Иисуси раԥхьатәи ақьырсианцәеи уи аҿы аҿырԥш бзиа ҳдырбеит. Шәаԥхьа Римаа 13:1, 5—7, насгьы 1 Пиотр 2:13, 14. Анаҩс шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа анеитралитет рыхьчоит» (ахәҭа 1) (4:28)

      • Избан аҳәынҭқарратә мчрақәа ҳаҭыр рықәаҳҵалар зҳахәҭоу?

      • Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо аҳәынҭқарратә мчрақәа ҳшырзыӡырҩуа?

      Аибашьра аан тәылақәак аӡәгьы иган шаанырымкыло рҳәоит. Аха дара аибашьра иалахәу аҩганкгьы ирыдгылазар алшоит. Иаҳҳәар ҳалшома урҭ анеитралитет рыхьчоит ҳәа? Шәаԥхьа Иоанн 17:16. Анаҩс шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа анеитралитет рыхьчоит» (ахәҭа 2) (3:10)

      • Изакәызеи ақьырсиантә неитралитет?

      Ҳхы мҩаԥаҳгалар шԥаҳахәҭоу, аҳәынҭқарратә мчрақәа иҳарҳәо Анцәа изакәан иаҿагылозар? Шәаԥхьа Аусқәа 5:28, 29. Анаҩс шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа анеитралитет рыхьчоит» (ахәҭа 3) (1:18)

      • Ҳаззыӡырҩлар ҳахәҭада ҳара, аҳәынҭқарратә закәанк Анцәа изакәан иаҿагылозар?

      • Данбарзымӡырҩуеи ақьырсиан аҳәынҭқарратә мчрақәа?

      4. Ҳхәыцрақәеи ҳусқәеи рҿы анеитралитет ҳахьчоит

      Шәаԥхьа 1 Иоанн 5:21. Анаҩс шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Избан ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа агәымшәара зырҭаху? Анеитралитет ахьчаразы» (2:49)

      • Избан Аиенге аполитикатә партиа даламларц, насгьы амилаҭ арҳаракра иадҳәалоу ацеремониа, иаҳҳәап, абираҟ арҳаракра, ихы алаимырхәларц зиӡбаз?

      • Шәгәы ишԥаанаго, Аиенге ииашаны ихы мҩаԥигама?

      Иаҭаххар анбалшо иҵегьы ҳнеитралитет ахьчара? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      АВИДЕОНҴАМҬА: «„Ахьчаратә бааш“ аҟынтә ихадоу азхәыцрақәа. Акзаара ахьыҟам ари адунеи аҿы анеитралитет шәыхьчала» (5:16)

      • Избан анеитралитет ҳахьчалар зҳахәҭоу, аспорттә хәмаррақәа раан еиуеиԥшым амилаҭқәа анеицлабуа?

      • Ишԥаҳалшо анеитралитет ахьчара, аҳәынҭқарцәа ирыӡбаз хаҭала ҳара ҳанаҵанакуа?

      • Ишԥарылшо ҳазхәаԥшуа ажәабжьқәеи ҳзацәажәо ауааи анеитралитет ахьчара иаҳԥырхагахар?

      Асахьақәа: 1) ауаа аплакатқәа кны, амитинг рҽаладырхәуеит; 2) ахаҵа бзиа иибо аспорттә команда асимволика зну амаҭәа ишәҵаны, абираҟ иҟьоит; 3) аҵаҩы агимн иҳәоит; 4) аибашьратә форма зшәу аԥҳәыс абџьар лкуп; 5) аполитика иалахәу ҩыџьа акандидтцәа ажәахәқәа рҳәоит; 6) аԥҳәыс алхратә биуллетень аиашьык иҭалҵоит.

      Ианбаихәҭоу ақьырсиан ихәыцрақәеи ихымҩаԥгашьеи рҿы анеитралитет ахьчара?

      АӠӘЫ ДШӘАЗҴААР ИЛШОИТ: «Избан шәара абираҟ зҳарашәымкуа, насгьы агимн зышәымҳәо?»

      • Аҭак шԥаҟашәҵарыз?

      ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

      Ақьырсианцәа рхәыцрақәеи, ражәақәеи, русқәеи рҿы анеитралитет рыхьчоит.

      Аиҭахысра

      • Ираҳҭалар акәзеи ҳара аҳәынҭқарратә мчрақәа?

      • Избан аполитика иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы анеитралитет заҳахьчо?

      • Ианбалшо анеитралитет ахьчара ҳцәыуадаҩхар?

      Ахықәкқәа

      ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

      Мап зыцәктәхар алшозеи, анеитралитет ҳахьчарц азы?

      «Иегова ахаангьы ҳаанижьӡомызт» (3:14)

      Ишԥарылшо аҭаацәарақәа анеитралитет ахьчара рықәшәар ахьалшо аҭагылазаашьақәа заа рҽырзыҟарҵар?

      «Анеитралитет ахьчара еснагь иазхиоуп» (4:25)

      Иҟоума уԥсадгьыл ахьчара аасҭа еиҳа ихадоу?

      «Анцәа илымшо ҳәа акгьы ыҟаӡам» (5:19)

      Ишԥашәылшо аусурҭа ҭыԥ аналышәхуа, «ари адунеи шәатәӡам» ҳәа иҟоу апринцип ақәныҟәара?

      «Каждый понесёт свою ношу» («Ахьчаратә бааш», март 15, 2006, аурыс)

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра