-
Иҳацхраауазеи ииашоу аӡбарақәа рыдкылара?Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
5. Егьырҭ рыламыс пату ақәышәҵала
Ауаа зегь еиԥшӡам, убри аҟынтә ирыдыркыло аӡбарақәагьы еиԥшӡам. Ишԥашәылшо егьырҭ рыламыс пату ақәҵара? Шәрыхәаԥш ҩ-ҭагылазаашьак.
Актәи аҭагылазаашьа. Аҽшәра бзиа избо аиаҳәшьа уи бзиа изымбо аиҳәшьцәа ахьырацәоу аизарахь диасуеит.
Шәаԥхьа Римаа 15:1, насгьы 1 Коринфаа 10:23, 24, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Иарбан ӡбароу илыдылкылар лылшо аиаҳәшьа, арҭ ажәеинраалақәа инарықәыршәаны? Шәхы шԥамҩаԥыжәго, аӡәы иламыс иаҵанамкуа шәара шәыламыс иаҵанакуазар?
Аҩбатәи аҭагылазаашьа. Аиашьа идыруеит Абиблиа азин шинаҭо иахмырҟьацәакәа арыжәтә ажәра. Аха иара ихазы иӡбоит арыжәтә зынӡа имжәларц. Иҩызцәа ааԥхьара ирҭоит иааидтәаларц. Уа иара ибоит егьырҭ аишьцәа арыжәтә шыржәуа.
Шәаԥхьа Екклезиаст 7:16, насгьы Римаа 14:1, 10, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Иарбан ӡбароу аиашьа идикылар илшо, арҭ ажәеинраалақәа инарықәыршәаны? Шәхы шԥамҩаԥыжәго, аӡәы шәыламыс иаҵанамкуа ак ҟаиҵозар?
Ииашоу аӡбара адкылара иуцхраауа
1. Иегова шәиҳәа, ииашоу аӡбара адкылара дшәыцхраарц азы (Иаков 1:5).
2. Ишәыԥшаа Абиблиаҿы, насгьы уи шьаҭас измоу апубликациақәа рҿы шәҭагылазаашьа ианаало апринципқәа. Иара убас аԥышәа змоу ақьырсианцәа шәрыдҵаалар шәылшоит.
3. Алҵшәақәа шәрызхәыц: ишԥаныԥшуеи ишәыдышәкылаз аӡбара шәыламыси егьырҭ рыламыси?
-
-
Ҳҭеиҭԥши ҳаилаҳәашьеи зхадоуШәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
2. Ишԥарныруеи ҳҭеиҭԥш ҳхаҵара ҳацеиҩызшо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи?
Дасу ихала иӡбоит иҽшеилеиҳәалаша. Аха ҳҭеиҭԥш егьырҭ ирнырыр шалшо ҳазхәыцлароуп. Ҳара аӡәгьы игәы иҳархьыр ҳҭахӡам. Ҳара «иаҳзааигәоу игәы ҟаҳҵарц азы хәарҭа изаазго, игәы иахәо аусқәа рыҟаҵара ҳашьҭазароуп». (Шәаԥхьа Римаа 15:1, 2.)
-