-
Ҳара аԥсҭалара шыҟало агәра ҳгоит!Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020 | декабр
-
-
Жәҩантәи аԥсҭазааразы раԥхьаӡа зыԥсы ҭаҵаз Иисус иакәын. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15, 16.)b
15. Изҵанакуада 1 Коринфаа рахь 15:22 иану ажәақәа?
15 Павел иҳәеит «Христос иҿы зегьы рыԥсы ҭалоит» ҳәа (1 Кор. 15:22). Иара ари асаламшәҟәы ззиҩуаз Коринф инхоз, иԥшьоу адоуҳала иалхыз, насгьы жәҩантәи аԥсҭазааразы зыԥсы ҭаҵахоз ақьырсианцәа ракәын. Павел урҭ «Христос Иисус ила ирлашоу» ҳәа рзиҳәеит. «Христос ихаҵара зманы [иԥсыз]» ҳәа зыӡбахә иҳәазгьы, иԥшьоу адоуҳала иалхыз ақьырсианцәа роуп (1 Кор. 1:2; 15:18; 2 Кор. 5:17). Иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала Павел ииҩыз даҽа саламшәҟәык аҿы иҳәеит Иисус иеиԥш иԥсыз Иисус иеиԥш рыԥсы ҭаҵахоит ҳәа (Рим. 6:3—5). Анцәа Иисус адоуҳатә шамҭа еиԥш иԥсы ҭеиҵеит, насгьы ажәҩанахь дигеит. Ус анакәха, иԥшьоу адоуҳала иалху Христос иҵаҩцәагьы ирԥеиԥшу уи ауп.
-
-
Ҳара аԥсҭалара шыҟало агәра ҳгоит!Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020 | декабр
-
-
17. Ироураны ианбаҟаз иԥшьоу адоуҳала иалхыз ақьырсианцәа жәҩантәи аҳамҭа?
17 Павел коринфаа асаламшәҟәы анырзиҩуаз иԥшьоу адоуҳала иалхыз Христос иҵаҩцәа рҟынтә аӡәгьы жәҩантәи аԥсҭазааразы иԥсы ҭамлаӡацызт. Ус анакәха, 1 Коринфаа рахь 15:23 иану ажәақәа аниҳәоз иара дызлацәажәоз иҟалараны иҟаз акәын: «Зегьы аамҭа-аамҭала: раԥхьаӡа акәны Христос, нас, Иара иитәу — Иара данаауа аамҭазы» (1 Фес. 4:15, 16). Иахьа ҳара Христос дааины даныҟоу аамҭазы ҳанхоит. Ааи, апостолцәеи иԥшьоу адоуҳала иалхыз егьырҭ аҵаҩцәеи жәҩантәи аҳамҭа роурц, насгьы Христос ицҟаларц азы данааиуаз аамҭа иазыԥшыр акәын.
-