-
Ҳара аԥсҭалара шыҟало агәра ҳгоит!Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020 | декабр
-
-
12. Ишԥаҳаилнаркаауеи 1 Пиотр 3:18, 22 иану Иисус иԥсҭалареи иара иҟынӡа зыԥсы ҭаҵаз рыԥсҭалареи шеиԥшымыз?
12 Павел иблақәа рыла зыԥсы ҭалаз Иисус дибеит. Анцәа Иисус иԥсы ҭеиҵаанӡагьы адгьыл аҿы ауаа рыԥсы ҭеиҵахьан, аха урҭ уеизгьы иԥсит. Убри аҟынтә Иисус иԥсҭалареи урҭ рыԥсҭалареи зынӡаск еиԥшӡамызт. Павел иҳәеит Иисус «иԥсхьоу зегь рахьтә раԥхьаӡа ибзахаз, игылаз» иоуп ҳәа. Избан Павел Иисус иоуп раԥхьаӡа ибзахаз ҳәа зиҳәаз? Избанзар иара иоуп раԥхьаӡакәны адоуҳатә шамҭа еиԥш зыԥсы ҭаҵаз, насгьы ажәҩан ахь ихалаз (1 Кор. 15:20; Аус. 26:23; шәаԥхьа 1 Пиотр 3:18, 22).
-
-
Ҳара аԥсҭалара шыҟало агәра ҳгоит!Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020 | декабр
-
-
16. Избан Павел Христос иоуп «раԥхьаӡа ибзахаз» ҳәа зиҳәаз?
16 Павел иҳәеит Христос «иԥсхьоу зегь рахьтә раԥхьаӡа ибзахаз» иоуп ҳәа. Ҳәарада, Анцәа Иисус иԥсы ҭеиҵаанӡагьы Лазарьи егьырҭ ауааи рыԥсы ҭеиҵахьан, аха Иисус иоуп раԥхьаӡакәны адоуҳатә шамҭа еиԥш зыԥсы ҭаҵаз, насгьы наунагӡатәи аԥсҭазаара зауз. Иисус израильаа Анцәа изнаргоз раԥхьатәи аҽаҩра даҿҳарԥшыр ҳалшоит. Уи адагьы, Павел Иисус «раԥхьаӡа ибзахаз» ҳәа ахьизиҳәаз иаҳнарбоит ажәҩан аҿы анхаразы зыԥсы ҭаҵахоз иара заҵәык шиакәмыз. Апостолцәеи иԥшьоу адоуҳала иалхыз егьырҭ аҵаҩцәеи Христос иеиԥш ажәҩан аҿы инхаларц азы рыԥсы ҭалар акәын.
-