АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | 1 КОРИНФАА РАХЬ 14—16
Анцәа зегьы рзы зегь иакәны дҟалоит
Иегова изиашоу зегьы аԥеиԥш бзиа рзааиртуеит. Иара иқәыргәыӷрақәа инаӡахьоу ак еиԥш иаҳзыҟалоит, ауаа гәахәарыла ҳгәыӷра аӡбахә анырзеиҭаҳҳәо. Апостол Павел ақьырсианцәа ргәазҭеиҵеит рхаҿы иааргарц Зқьышықәсатәи Христос инапхгара анҵәамҭазы иҟалараны иҟоу ахҭысқәа, Иегова зегьы рзы зегь иакәны даныҟало.
Иарбан хҭысқәоу уара еиҳарак уззыԥшу, насгьы избан?
Избан уара агәра ганы узыҟоу Анцәа иқәыргәыӷрақәа шынагӡахо?