Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Иаанагозеи доуҳала ишәу уаҩны аҟазаара?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018 | февраль
    • ДЗЕИԤШРОУЗЕИ ДОУҲАЛА ИШӘУ АУАҨЫ?

      3. Излеиԥшымзеи Абиблиа инақәыршәаны «адоуҳа злам» ауааи «доуҳала иҟоу» ауааи?

      3 Апостол Павел «доуҳала иҟоу» ауаҩы «адоуҳа злам» дызлаиеиԥшым аилкаара дҳацхрааит. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 2:14—16.) Павел излаиҳәаз ала «адоуҳа злам ауаҩы Анцәа Идоуҳа ианаҳәо адкылара илшом, уи хшыҩдараны иԥхьаӡоит, ҵакыс иамоу атәгьы изеилкаараны дыҟаӡам». Аха «доуҳала иҟоу ауаҩԥсы зегь еиликаауеит, зегьы дырзыӡбыр, дрылацәажәар илшоит». Павел доуҳала ишәу уааны ҳаҟазарц ҳгәазҭеиҵоит. Излареиԥшымзеи еиҭа «адоуҳа злам» ауаа «доуҳала иҟоу»?

  • Иаанагозеи доуҳала ишәу уаҩны аҟазаара?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018 | февраль
    • 6. Дзеиԥшроузеи доуҳала ишәу ауаҩы?

      6 «Доуҳала иҟоу» ауаҩы Анцәеи иареи реизыҟазаашьақәа рыхә даара иҳаракны ишьоит, уи ала иара «адоуҳа злам» диеиԥшӡам. Иара Анцәа идоуҳа инаҭо анапхгара дықәныҟәоит, насгьы Иегова иҿыԥшра иҽазишәоит (Ефесаа рахь 5:1). Уи Иегова ихәыцшьа еиликааларц, насгьы ихәаԥшышьа иҿиҵаарц азы аџьабаа ибоит. Иара Анцәа дшыҟаҵәҟьоу агәра игоит. Уи адагьы доуҳала ишәу ауаҩы еснагь Иегова инормақәа дрықәныҟәоит (Аԥсалом 118:33, [119:33, АдҾ] 142:10 [143:10, АдҾ]). Иара «ацәеижь зҵоу агәнаҳарақәа» иҽриҭом, уи аҭыԥан иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа реизырҳара иҽазишәоит (Галаҭаа рахь 5:22, 23). Доуҳала ишәу уаҩны аҟазаара иаанаго еилаҳкаарц азы ҿырԥштәык ҳазхәыцыр ҳалшоит: абизнес аҿы ақәҿиара змоу ауаҩы абизнесмен ҳәа ишьҭоуп, адоуҳатә усқәа рыхә зшьо ауаҩы доуҳала ишәу ҳәа изырҳәоит.

      7. Иаҳәозеи Абиблиа доуҳала ишәу ауаа ирызкны?

      7 Иисус иҳәеит доуҳала ишәу ауаа насыԥ рымоуп ҳәа. Уи ануп Матфеи 5:3 аҟны: «Бзазара рымоуп доуҳала зҽыздыруа — урҭ Ажәҩан Аԥсҳара ртәуп». Римаа рахь 8:6 иануп иҳамоу ахәыцшьа ҳаԥсҭазаара шахьыԥшу: «Ацәеижь иатәу агәаҳәарақәа — аԥсра рзыԥҵәоуп, доуҳала иҟоу ауаҩԥсы иҭахрақәа — ари ԥсҭазаароуп, хирла, бзазарала аҟазаара ауп». Убри аҟынтә доуҳала ҳшәызар, Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ӷәӷәахоит, иара убас аҩныҵҟатәи аҭынчреи наунагӡатәи аԥсҭазааразы агәыӷреи ҳамаазауеит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра